Артиллеристцәа рҽазыҟаҵарақәа ирылагеит Урыстәыла алада

© Sputnik / Кирилл Брага / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАртилеристцәа рҽазыҟаҵарақәа ирылагеит алада Урыстәыла
Артилеристцәа рҽазыҟаҵарақәа ирылагеит алада Урыстәыла - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп агаубицақәа "Мста-С", ареактивтә система "Торнадо-Г", насгьы ареактивтә бџьар "Хоста", аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

АҞӘА, хәжәк 10 – Sputnik. Артилериатә ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит Ставрапольтәи атәылаҿацә аҟны. Аҽазыҟаҵарақәа рҿы рхы иадырхәоит ареактивтә система "Торнадо-Г", насгьы зхала иныҟәо агаубицақәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аинформациа ала.

"Арратә ҽазыҟаҵарақәа раан ареактивтә система "Торнадо-Г", зхала иныҟәо агаубицақәа "Хоста" дҵас ирымоуп ахысратә позициақәа раанкылареи, аҵәҟьақәа рыԥшааразы аԥшыхәреи, урҭ рақәыршәареи", — ҳәа ануп арратә округ апресс-маҵзура иҟанаҵаз алаҳәараҟны.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп 500-ҩык инарзынаԥшуа аруаа, иара убас, 100 инаиҳаны арбџьар.

Аҽазыҟаҵарақәа хыркәшахоит 1,5 инаркны 20 километра рҟынӡа агаубицақәа аҵәҟьақәа реихсрала.

"Артилеристцәа рхы ԥыршәоит аҵәҟьақәа рыԥшаареи урҭ реихсреи азы. Иара убас, иҿыцу анвигациатә системақәа рхы иархәаны арратә дәаҿы иахьыҟоу аҭыԥ аԥшаара рҽазыршәоит", — ҳәа ацырҵеит аацҳамҭаҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0