Аԥсуа радио 83 шықәса ахыҵит

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсуа радио аусура
Аԥсуа радио аусура - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа радио раԥхьаӡа акәны аефир ахь иҭыҵит мшаԥымза 30, 1932 шықәсазы.

АҞӘА, мшԥ 30 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны амилаҭтә радио 83 шықәса ахыҵра амш азгәанаҭоит иахьа. Раԥхьаӡа акәны аԥсуа радио аусура иалагеит мшаԥымза 30, 1932 шықәсазы.
Аԥсуа радио аредактор хада Сусана Саӡԥҳа иазгәалҭоит амилаҭтә радио аҭоурых ду шамоу.

“Мшаԥымза 30, 1932 шықәсазы аԥсуа радио ашьаҭаркра иамшны иԥхьаӡоуп. Усҟан арадио аусура х-бызшәак рыла имҩаԥысуан: аԥсшәа, аурысшәа, ақырҭшәа. Усҟан арадио аҟны аиҳарак ауаажәларра-политикатә дырраҭарақәа цон. Аԥсуа радио еиуеиԥшым аамҭақәа ирхаанын. 1941 шықәсазы Қырҭтәыла ахадара аӡбарала аԥсуа радио аусура аанкылан. Аԥсышәала аусура еиҭашьақәыргылан 1953 шықәсазы“, — лҳәеит Саӡԥҳа.

Арадио аредактор хада ишазгәалҭо ала, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы аҵак ҷыда шамаз. Уи бџьархеит аԥсуаа рхеиқәырхаратә қәԥараҿы. Усҟан аԥсуа радио адунеи аҟны зегь реиҳа иззыӡырҩуа арадиоқәа жәаба рхыԥхьаӡараҿы иҟан.

“Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, хәҭа-хәҭала анҵамҭақәа еиҭашьақәыргылан. Ҳара иахьа ҳахьтәы фонд аҟны иҳамоуп, Дырмит Гәлиа, Баграт Шьынқәба, Шьалуа Ҵәыџьба, Иван Ҭарба, Шьалуа Ҵәыџьба, Кьыршьал Чачхалиа, Иури Воронов уҳәа рбыжьқәа. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы, арадио аурыс редакциаҿы иқәгылахьан Константин Симонов, Александр Фадеев, Маргарита Алигер, Мариетта Шагиниан, Роберт Рождественски. Шықәса рацәала иҿиоз атриадициақәа реиқәырхара ҳашьҭоуп“, — азгәалҭеит Саӡԥҳа.

Сусана Саӡԥҳа лажәақәа рыла, иахьазы амилаҭтә радио иахәҭоу атехникала еиқәыршәоуп. Иҟоуп аҭагылазаашьа ишиашоу ицо аефир ала аусуразы.

“Есыҽны арадио асааҭ быжьба рзы ицәырҵуеит,  жәа-сааҭк еиԥынкылангьы аус ауеит. Аԥсшьарамшқәа рзы арадио аусура иалагоит асааҭ ааба рзы“, — лҳәеит Саӡԥҳа.
2015 шықәсазы аԥсуа радио аусура Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба 70 шықәса ихыҵра иадҳәалоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0