Аҳәынҭқарратә стандарт аҩы ахаҭабзиара ахылаԥшра ахахьы иагоит

© Sputnik Амина ЛазбаАбхазское вино на выстваке "Зеленая неделя 2015" в Берлине
Абхазское вино на выстваке Зеленая неделя 2015 в Берлине - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астандарти, аметрологиеи асертификациеи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы аҩнтәи аҩы ахаҭабзиара ахылаԥшра ахахьы иагоит.

АҞӘА, рашәара 24, Sputnik,  Наала Аҩӡыԥҳа. Астандарти, аметрологиеи асертификациеи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы аҩнтәи аҩы ахаҭабзиара ахылаԥшра ахахьы иагоит ҳәа Sputnik иазаалыцҳаит аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Наталиа Шохина.

Аҩтәы аалыҵ анализ азуразы Аҳәынҭстандарт иаанахәеит алиуминоскоп аппарат, лҳәеит лара.

"Аппарат иунарбоит аԥаршеи, ажь иалху аҩи ашәыр иалху аҩи еиҩнадыраауеит, игәанаҭоит агәабзиаразы ишәарҭоу амаҭәашьарқәа", — лҳәеит Н. Шохина.

Лара лажәақәа рыла ахаҭабзиара асертификат аиуразы иаҭахуп аилак ахь арзаҳал аҩра, аҩы алабараториатә анализ ахыгаразы аҿырԥшы анагара.

"Аҩнтәи аҩы зҭирц зҭаху, ахаҭабзиара асертификат аиуразы иҩыроуп аилак ахь арзаҳал, аҩы алабараториатә анализ ахыгаразы аҿырԥшы неигароуп, азыҳәаҟны иаирбароуп аҩы анҭеиҭәз арыцхә иара убасгьы заҟа иҭираны дыҟоу ахышәа-ҵышәа",- азгәалҭеит лара.

Алабараториатә гәаҭарақәа рылҵшәақәа рыла ахаҭабзиара асертификат еиҿкаахоит.

"Асертификат аҟны иарбахоит атауар астатистикатә код, аҩы ажь иалху ашәыр иалху, ашәарҭадара иақәшәо-иақәымшәо, иара убасгьы аалыҵ ахьҭыжьу атәыла", — еиҭалҳәеит Н. Шохина.

Лара лажәақәа рыла аҩы зҭиуа аинспекциа агәаҭаразы иҭаар алшоит иаҭахны ианыԥхьаӡоу.

Ахаҭабзиара анормақәа еиқәымшәозар ахәаахәҭҩы иусура аанкылахоит. Агәаҭарақәа еиҳарак имҩаԥгахоит Гагра, Афон Ҿыц. Пицунда, аӡиа Рица рҟны иҟоу ахәаахәҭратә ҭыԥқәа рҟны.

Асертификациатә шәҟәқәа ирыхшәаатәу ахәԥса зықьмааҭ еиҳахом, азгәалҭеит Н. Шохина.


Ажәабжьқәа зегьы
0