Петербургтәи аҿар Аԥсны ашьхақәа рҟны амемориалтә хаҳәқәа ықәдыргылеит

© Фото : Сергей ТелешовПеревал воинской славы
Перевал воинской славы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Санкт-Петербургтәи аҿартә експедициа "Оборонная тропа" алахәылацәа Аԥсны ашьхараҿы, Кавказтәи ашьхеибаркыра ахыҵырҭақәа рҟны иқәдыргылеит амемориалтә плитақәа. Акциа азкуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан иҭахаз ргәалашәара.

АҞӘА, ԥхынгәы 29, Sputnik — Роберт Џьапуа. Санкт-Петербургтәи аҿартә експедициа "Оборонная тропа" алахәылацәа Аԥсны ашьхараҿы, Кавказтәи ашьхеибаркыра ахыҵырҭақәа рҟны иқәдыргылеит амемориалтә хаҳәқәа ԥшьба, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аекспедициа анапхгаҩы Сергеи Телешов.

Афонҿыцтәи ашкол аҿы идыргылоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы иҭахаз аибашьцәа рбаҟа

"Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан Кавказтәи ашьхеибаркыра ахыҵырҭақәа рҟны аибашьра ӷәӷәа цон, аиҳаракгьы Клыхәратәии Марыхәтәии акаҵәарақәа рҟны. 1942 шықәса аҩбатәи азыбжа инаркны 1943 шықәса ажьырныҳәамзанӡа анемеццәа хацәынмырха иазықәԥон Аҟәаҟа илбаауаз амҩа ааныркыларц. Аха ҿыц еиҿкааз, Хазы Иалку Ашьха-хысратә Отриадқәа (ОГСО) урҭ рыгәҭакы анагӡара алдмыршеит. Арҭ аиҿагыларақәа раан иҭахаз ргәалашәара иазкны Санкт-Петербургтәи ОГСО аветеранцәа рхеилак аӡбрала арҭ ашьхахыҵырҭақәа рҟны ҳара амемориалтә плитақәа ықәҳаргылеит", — иҳәеит Телешов.

Сергеи Телешов иажәақәа рыла, аекспедициа 12 мшы имҩаԥысуан, иара иалахәын жәаҩык Санкт-Петербургынтәи аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи. Аекспедициа анапхгаҩы иазгәеиҭеит имариамыз ашьхахыҵраан дара ишрыцхрааз ареспублика Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә отриад аусзуҩцәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәеи.

"Ашьхахыҵырҭақәа рахь ҳҩеиуан Аԥснытәии Урыстәылатәии аҳәаахьчаҩцәа рнариадқәа ҳацны, урҭ ҳара иҳацхраауан ҳныҟәараҟни ҳамҩатә ҽԥынгылақәа риааираҿи", — азгәеиҭеит аекспедициа анапхгаҩы.

Иааидкыланы, 2009 шықәса раахыс хатәгәаԥхаралатәи апатриоттә ҿартә експедициа "Оборонная тропа" Кавказтәи ашьхеибаркыраҟны иқәдыргылахьеит "Перевал воинской славы" захьӡу 23 мемориалтә хаҳә.

Амемориалтә хаҳә ицәу агранит иалхуп. Агылара 30 сантиметр иҟоуп, аҭбаара 60 сантиметр, ажәпара 2 сантиметрак иҟоуп. Акапан 10 кьылак рҟынӡа инаӡоит. Ихьӡырку нбанла иҭаԥыҟҟоуп: "Перевал воинской славы" ҳәа аҩыра. Аҩыра ахыхь аеҵәа ҟаԥшьи, георгиатәи алентеи, адаамыр амахәи ануп. Иара аҵаҟа аметалл иалху апластинаҟны иануп ашьхахыҵырҭа аҳаҭыртә хьӡы ақалақь-фырхаҵа Ленинград ОГСО аветеранцәа рхеилак аӡбрала ишанашьахаз, уи анаҩс – иара анықәыргылоу арыцхә.

Ажәабжьқәа зегьы
0