Ҳаџьымба: аинформациа-координациатә центр аҭагылазаашьа ҭышәнартәалоит

© Sputnik Томас ТхайцукХаджимба: ИКЦ МВД – это возможность исправить положение дел в стране
Хаджимба: ИКЦ МВД – это возможность исправить положение дел в стране - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩныҵҟатәи аусқәа рорганқәа ринформациа-координациатә центр аԥҵаразы урыстәылатәии аԥснытәии аганқәа рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра мҩаԥгахоит уи аӡәы игәаԥхо игәамԥхо иахьмырԥшыкәа иҳәеит Ҳаџьымба.

АҞӘА, жьҭаара 9 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аҩныҵҟатәи аусқәа рорганқәа ринформациа-координациатә центр аԥҵаразы урыстәылатәии аԥснытәии аганқәа рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра мҩаԥгахоит уи аӡәы игәаԥхо-игәамԥхо иахьмырԥшыкәа, иҳәеит Ҳаџьымба, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аилазаара аминистр ҿыц Леонид Ӡаԥшьба даныдирдыруаз.

"Ҳаҟәыҵып абри атемала абжьахәаахәҭра амҩаԥгара. Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩхоит уи аӡәы игәаԥхо-игәамԥхо ҳәа ҳазхьамԥшыкәа. Иара иҳнаҭоит атәылаҟны аҭагылазаашьа аԥсахаразы алшара. Аиқәшаҳаҭра апроект иахьынӡалшоз аԥсахрақәа азаауит. Изгәамԥхо ишырҭаху ицәажәлааит, ҳара уи аиқәшаҳаҭра наҳагӡоит" — иҳәеит атәыла Ахада.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рорганқәеи Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рорганқәеи еицырзеиԥшу аинформациа-координациатә центр Аҟәа ҭыӡҭыԥс иаиуеит. Иара ихадоу дҵақәҵаны иаиуеит аоперативтә ҵак змоу аинформациа аимдара, еиҿкаау ацәгьоуратә еилазаарақәа рганахьала иҷыдоу адыррақәа рбанк аԥҵара, ашьаус ма ашьаусқәҵа зҽацәхьакны иҟоу ауаа рыԥшаареи урҭ наҟ-ааҟ рибаҭареи рҟны ацхыраарақәа рзибаура.

Ажәабжьқәа зегьы
0