Аҟәатәи аԥшаҳәаҟны адәахьтәи ахәаахәҭра иазкыз ақьалақәа ықәыргеит

© Sputnik / Томас ТхайцукНабережная Диаскуров после демонтажа.
Набережная Диаскуров после демонтажа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь Ахадара ахәаахәҭра иазку, иласу аибыҭарақәа зхатәу аԥшәмацәа изныкымкәа адырра рырҭахьан урҭ жьҭаарамза 10 рҟынӡа иқәыргар шахәҭоу, рыкәша-мыкәша агәам-сам арыцқьарагьы шыруалу.

АҞӘА, жьҭаара 15 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Акурорттә сезон анхыркәшаха ашьҭахь ахатәтәыҩцәа иаанрыжьыз адәахьтәи ахәаахәҭра иазкыз амшьамбатә қьалақәа рықәгара иалагеит Аҟәа Ахадара акоммуналтә усбарҭа амаҵзуцәа. Абри атәы ҳзаалыцҳаит Аҟәа Ахадара акоммуналтә маҵзура аиҳабы Елена Атиопина.

Выносная торговля на набережной. - Sputnik Аҧсны
Аҟәа Ахадара амшын аԥшаҳәаҟны ахәаахәҭра еиҿкааны ишьақәнаргылоит

"Акоммуналтә маҵзура аусзуҩцәа иқәыргеит амшын аԥшаҳәаҟны аԥхын аус зуаз аамҭалатәи амшьамбатә қьалақәа", — лҳәеит лара.

Амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуа игылаз, афымцамч иадҳәалоу аибыҭарақәа макьаназ ус иааныжьуп. Атиопина ишылҳәаз ала, урҭгьы ықәгахоит. Убри адагьы арҭ аибыҭара ласқәа рыԥшәмацәа ԥшаатәуп, дара еимыхны иргарц азы.

Аҳҭнықалақь Ахадара изныкымкәа адырра ҟарҵахьан иарбанызаалак аамҭалатәи хәаахәҭратә еибыҭа аҭыԥ аҟны иаанырмыжьырц асезон анхыркәшахалак ашьҭахь – жьҭаара 10 рҟынӡа. Абри агәҽанҵара назмыгӡаз рганахьала ақалақь Ахадара иалшоит амч ахархәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0