Тҟәарчал закәандарыла апаспортқәа рыҭара инамаданы ашьаус хацыркуп

© Sputnik Илона ХварцкияАԥсны атәылауаҩшәҟәы
Аԥсны атәылауаҩшәҟәы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьаус хацыркуп Қырҭтәыла ауааԥсыра изакәанымкәа, еидкыланы Аԥсны амилаҭтә зеиԥштәылауаҩтә паспортқәа ахьрырҭоз инамаданы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 – Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада ашьаус хацнаркит Қырҭтәыла ауааԥсыра изакәанымкәа, еидкыланы Аԥсны амилаҭтә зеиԥштәылауаҩтә паспортқәа ахьрырҭоз инамаданы, Тҟәарчал араион апаспорт-визатә маҵзура амаҵурауаа рганахьала. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада аофициалтә саит.

Апрокуратура хада - Sputnik Аҧсны
Апрокуратура хада изакәанымкә апаспортқәа рыҭаразы аусӡбара хацнаркит

Аԥсны Апрокуратура хада иҭнаҵааит Тҟәарчал араион аҟны атәылауаҩтә паспортқәа рыҭара аиашара аҵаҵӷәәы.

Аҭҵаарақәа иаадырԥшит 2009 — 2013 ашықәсқәа рзы Тҟәарчал араион апаспорт-визатә маҵзура Аусбарҭа рмаҵзуратә уалԥшьақәа азакәан еилаганы ишынарыгӡоз.

"Абри афакт аганахьала 2015 шықәса ԥхынҷкәын 8 рзы Аԥсны Апрокуратура Хада Аҭҵааратә усбарҭа ихацнаркит ашьаус — ҩышықәса инаркны ԥшьышықәсанӡа аҭакра, мамзаргьы шықәсык инаркны хы-шықәсанӡа иарбоу уск напалакра ҟамлоны иазыԥхьагәазҭо", — аҳәоит Апрокуратура хада аҳәамҭаҟны.

Ашьаус хацыркуп Қырҭтәыла ауааԥсыра изакәанымкәа массала Аԥсны амилаҭтә зеиԥштәылауаҩтә паспортқәа ахьрырҭоз инамаданы.

Ажәабжьқәа зегьы
0