Армен Мегрикиан ацхыраара иҭахыуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАрмен Мегрикиан.
Армен Мегрикиан. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" нап анаркит хәышықәса зхыҵуа, ДЦП змоу Армен Мегрикиан ихәышәтәразы аԥареизгара.

АҞӘА, хәажәкыра 21 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа.Иара изыԥшуп амедицинатә технологиақәа Ринститут аҟны, лҳәеит афонд аусзуҩ Мактина Џьынџьалԥҳа. Ахәыҷы иан Сусана Занҭариаԥҳа лажәақәа рыла ахәыҷы диаанӡагьы апроблемақәа лыман. 

"Иаамҭа ааиаанӡа диит, аборокамера дҭан. Кьылаки быжьшә грамми заҵәык ракәын дахьыҟаз. Иԥсы ҭаны дынхоит ҳәа аӡәгьы дыҟамызт. Дани, хымш ааҵуаны Шәачатәи ахәышәтәырҭахь ҳаиасит", — лҳәоит лара.

Армен аҭаацәа рҿы дзаҵәыкуп.

"Схәыҷы заҵә иоуп. Ҩынҩажәа шықәса схыҵуан даниз. Ахәмарра бзиа ибоит. Ахәыҷқәа бзиа ибоит. Ас сақәшәап ҳәа сыҟамызт. Даара иуадаҩны исхызгеит, аха иара сара дсыхәҭакуп", — лҳәоит Сусана.

Аҭаацәа ирылшом иахәҭоу ацхыраара иҭара.

"Амассаж, агәырқәа, акомплекстә хәышәтәра – арҭ зегь ҳамала иҳалшом", — лҳәоит ан.

Аинститут аусзуҩ Елена Малахова иазгәалҭоит Армен аҳәазара, цхыраарада атәара, агылара илшо дҟалар шауа. Иҟалоит ацәажәара, аныҟәара илшо дҟаларгьы, аха уи азы акырӡа ацхыраара иҭахуп ҳәа.

Ахәышәтәра актәи акурс ахәԥса иартәоит 199 900 мааҭ аԥара.

Ажәабжьқәа зегьы
0