Аҟәа имҩаԥысуеит Мшаԥытәи ацәыргақәҵа

© Sputnik / Томас ТхайцукМшаԥытәи ацәыргақәҵа.
Мшаԥытәи ацәыргақәҵа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥытәи ацәыргақәҵа Аҟәа имҩаԥысит ахәаша, мшаԥымза 22 рзы. Ацәыргақәҵахь иааган аԥсуа напҟазацәа ркымҭақәа.

АҞӘА, мшаԥымза 22 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Ацәыргақәҵахь иааган аԥсуа напҟазацәа ркымҭақәа ҳәа ҳкорреспондент изеиҭалҳәеит Зураб Ачба ихьӡ зху арҵаратә центр "Қәыӷәӷәара змам адунеи" адиректор Далила Ԥлиаԥҳа.

Далила Ԥлиаԥҳа лажәақәа рыла ацәыргақәҵа иекспонат хадақәаны иҟоуп Римма Ҳашԥҳа иҟалҵаз анапылалых хәмаргақәа.

"Арҭ, Норвегиа ицәырҵыз хәмаргахкқәоуп. Аинтериертә хәмаргақәа ҳәа ирышьҭоуп. Зегь напылоуп ишыҟаҵоу", — ҳәа еиҭалҳәоит аусумҭақәа равтор Римма Ҳашԥҳа.

Римма Ҳашԥҳа лажәақәа рыла иахьазы адунеи аҟны зентерес рымоу хырхарҭоуп арҭ ахәмаргақәа. Аԥсынгьы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы уи гәцараркуа иалагеит.

Иерусалим. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥснынтәи Иерусалимҟа амца ԥшьа аҟәырҷаха аагаразы амҩа иқәлеит

Лара еиҭалҳәеит ахәмаргақәа рыҟаҵара аџьа рацәеи аамҭа рацәеи шаҭаху. Иара убри аан иудыруазароуп ақәҵашьа, асахьаҭыхшьа. Амаҭәақәа рыӡахразы ухы иаурхәароуп иԥсабаралыху аба: ақәны, аш, абырфын, аласа.

Анна Шахбазиан ицәырылгеит анапылаҟаҵара хәыдхаҵақәеи анапхаҵақәеи. Урҭ ажәытәтәиқәа иреиԥшшьаны иҟаҵоуп.

"Сара схы иасырхәо аԥсабаратә хаҳәқәа рымацара роуп, зны-зынла чехословакиатәи абисергьы схы иасырхәоит", — лҳәеит лара.

Лара ишылҳәаз ала иҟауҵо уԥсы анахоумҵа иуқәманшәалахаӡом.

"Арԥшӡагақәа раԥҵара сара исыԥсҭазаарахеит", — лҳәоит Анна.

© Sputnik / Томас ТхайцукПасхальная выставка.
1/6
Пасхальная выставка.
© Sputnik / Томас ТхайцукПасхальная выставка.
2/6
Пасхальная выставка.
© Sputnik / Томас ТхайцукПасхальная выставка.
3/6
Пасхальная выставка.
© Sputnik / Томас ТхайцукПасхальная выставка.
4/6
Пасхальная выставка.
© Sputnik / Томас ТхайцукПасхальная выставка.
5/6
Пасхальная выставка.
© Sputnik / Томас ТхайцукПасхальная выставка.
6/6
Пасхальная выставка.
1/6
Пасхальная выставка.
2/6
Пасхальная выставка.
3/6
Пасхальная выставка.
4/6
Пасхальная выставка.
5/6
Пасхальная выставка.
6/6
Пасхальная выставка.

Ауаа аднаԥхьалон асапынлых усумҭақәа. Урҭ ҟалҵеит ахимик, Диана Аргәынԥҳа.

"Асапын еиуеиԥшым аефирхәшақәа алаҳҵоит. Уи ахаҿы цәгьа иарҟәымшәышәуеит. Иара убасгьы анышәаԥшь, алимон, акаҳуагәыц алаҳҵоит", — лҳәеит Аргәынԥҳа.

Ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит мшаԥымза 23 рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0