Аныҳәамшқәа ирылагӡаны жәа-нызқьҩык рҟынӡа атуристцәа Аԥсны иаҭааит

© Sputnik Томас ТхайцукАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сынтәа аныҳәамшқәа ирылагӡаны жәа-нызқьҩык рҟынӡа атуристцәа Аԥсны иаҭааит, ҵыԥх, абри аамҭазы Аԥсны иаҭаан иҟан аа-нызқьҩык атуристцәа.

АҞӘА, лаҵарамза 6, Sputnik. Аныҳәамшқәа ирылагӡаны жәа-нызқьҩык рҟынӡа Урыстәылатәи атуристцәа Аԥсны иаҭааит. Абри атәы ҳзааицҳаит Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистр Авҭандил Гарцкиа.

Уаанӡа, Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа апресс-маҵзура адырра шыҟанаҵахьаз ала "Маитәи аныҳәамшқәа раан Аԥсныҟа апутиовкақәа ҿаҵоуп. Макьаназ амшын ахьшәашәара иахьмырԥшыкәа уахь ицоит амреи агастронамиеи рҭахразы".

"Аныҳәамшқәа ирылагӡаны жәа-нызқьҩык рҟынӡа атуристцәа Аԥсны иаҭааит", — иҳәеит Гарцкиа.

Аминистр иажәақәа рыла Аԥсны акурорттә сезон иазыхиоуп. Иара убасгьы иазгәеиҭеит аныҳәамшқәа нҵәаанӡа 12 000-ҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа рыдкылара шазыԥхьагәаҭоу.

Ҵыԥх, абри аамҭазы Аԥсны иаҭаан иҟан аа-нызқьҩык атуристцәа.

2015 шықәса рзы Аԥсны иаҭан 1,2 миллионҩык аԥсшьаҩцәа. Акурорттә сезон хацыркхоит лаҵарамзазы, ихыркәшоуп ҳәа азырыԥхьаӡоит жьҭаарамзазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0