Аминистрцәа реилазаараҿы аилатәара мҩаԥысит

© Sputnik Томас ТхайцукАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара еицҿакрыла ишьақәдырӷәӷәеит Аекономикатә зона ҷыдақәа раԥҵаразы арзаҳалқәа реиҿкаара аԥҟарқәеи арзаҳал иацу адокументқәа реиқәыԥхьаӡеи.

АҞӘА, лаҵарамза 6– Sputnik, Саид Барганџьиа. Аминистрцәа Реилазаара иҳәаақәнаҵеит Иҷыдоу аекономикатә зонақәа раԥҵаразы арзаҳалқәа реиҿкаара аԥҟарақәа, иҳәеит Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны азиндырратә ҟәша аиҳабы Лаша Цаава.

Цаава иажәақәа рыла "Иҷыдоу аекономикатә зонақәа рзы" Азакәан инақәыршәаны иазыԥхьагәаҭоуп реиҿкаара аԥҟарқәеи арзаҳал иацу адокументқәа реиқәыԥхьаӡеи рышьақәырӷәӷәара.

"Иарбоу Ақәҵара инақәыршәаны иҳәаақәҵоуп арзаҳалқәа рынашьҭышьа аформа. Арзаҳал атәыла Ахада иахь инарышьҭуеит. Уаҟа иарбазароуп анашьҭҩы изы адыррақәа абри азонаҟны имҩаԥыргараны иҟоу ауснагӡатәқәа", — иҳәеит иара.

2015 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны Ахада инапы аҵеиҩит "Иҷыдоу аекономикатә зонақәа рзы" рзы Азакәан. Азакәан анапы аҵаҩын атәыла аекономика аизырҳара ацхрааразы, иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы, аинвестициақәа атәылахь рааԥхьаразы.

Иҷыдоу аекономикатә зона, азакәан инақәыршәаны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл ахәҭак аҵанакуеит. Уи ахәҭа ҳәаақәиҵоит атәыла Ахада. Иараҟны имҩаԥгахалоит зымҩаԥгара арежим ҷыда амоу анаплакытә усурақәа, иара убасгьы ахархәара роуеит зых иақәиҭу аҳазалхратә зона аҳазалхратә процедурақәа.

"Иҷыдоу аекономикатә зонақәа рзы" Азакәан рыдкылан Апарламент аҟны жьҭаара 9 рзы, ахԥатәи аԥхьарала.

Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны иалшоит иаԥҵазарц ааглыхратә, атехникатә, атурист-рекреациатә, абаӷәазатә економикатә зона ҷыдақәа.

Дара раԥҵара хықәкны иамоуп ахатәы капитал ааԥхьареи иара амилаҭтә економика алархәреи.

Азакәан инақәыршәаны Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны иалшоит иаԥҵазарц ааглыхратә, атехникатә, атурист-рекреациатә, абаӷәазатә економикатә зона ҷыдақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0