Асолдаҭ қашь хәышәҩык рҟынӡа агьама рбеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАдәынтәи аишәа.
Адәынтәи аишәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иацы, Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟны, Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа иаартын адәынтәи аишәа. Изҭахыз зегьы агьама рбар рылшон асолдаҭ қашь.

АҞӘА, лаҵарамза 10 – Sputnik. Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟны, Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа иаартын адәынтәи аишәа. Изҭахыз зегьы агьама рбар рылшон асолдаҭ қашь. Уаа хәышәҩык рҟынӡа ҳҭан ҳәа Sputnik акорреспондент Владимир Бегунов иеиҳәеит арратә хәыҟаҵаҩ Никита Иваненко.

Аиааира апарад. - Sputnik Аҧсны
Аиааира апарад Аҟәа имҩаԥысит

Ахәыҟаҵаҩ, асолдаҭ Никита Иваненко иазгәеиҭеит иахьа аҵыхәтәантәи амш арраҟны ишихиго.

"Ҵыԥх уаа фышәҩык раҟара ыҟан. Сынтәагьы еиҵамызт".

"Ԥсра зқәым аполк" алахәылацәагьы акрырҿаҳҵон. Зегьы иргәаԥхон ақашь агьама", — иҳәеит иара.

Акциа алахәыла Виктор Стриученко иҳәоит имоҭа диманы акциа иҽшалаирхәыз. Керч инаркны Будапешҭынӡа аибашьра амҩа ианысыз иаб Кирилл Стриученко ифотосахьа шцәырыргаз.

“Саб 1978 шықәса рзы иԥсҭазаара далҵит. Хҩык ахшара ҳиааӡеит. Аибашьра игәабзиара аруашәшәыреит. "Ԥсра зқәым аполк" иалахәын смоҭацәа ҩыџьа. Апатриотизмра рылааӡара сҭахуп", — иҳәоит иара.

Аԥсны атәылауаа 55 нызқьҩык рҟынӡа аибашьра иалахәын. Урҭ рҟынтәи 17-нызқьҩык рыҩныҟақәа ихнымҳәит. Рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0