Аԥснытәи ақьырсианцәа ачгара иалагоит

© Sputnik Илона ХварцкияАԥснытәи ақьырсианцәа ачгара иалагоит.
Аԥснытәи ақьырсианцәа ачгара иалагоит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амшаԥныҳәа аназгәарҭо инаҿырԥшны Пиотр ичгара аа-мшы инаркны ҩнҩажәи ҩба мшы рҟынӡа инаӡар алшоит, иҳәеит Аԥсуа иашахаҵаратә уахәама аиеромонах Давид Сарсаниа.

АҞӘА, рашәарамза 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Адунеи ақьырсианцәа зегьы сынтәа Пиотр ичгара алагара азгәарҭоит рашәарамза 27 рзы. Пиотр ичгара Ачгара ду еиԥшҵәҟьа ауадаҩрақәа ацӡам, иҳәоит аиеромонах Давид Сарсаниа.

"Пиотр ичгара иалагоит Аԥшьацәа Хҩык рымш ашьҭахь мчыбжьык ааҵуаны. Ихыркәшахоит ԥхынгәы 12 рзы, Аԥшьацәа Пиотри Павели рымш аан. Ачгара иҵало рзы ахымҩаԥгашьақәа рацәаӡак ауадаҩрақәа рыҵам", — иҳәеит Сарсаниа.

Аиероманах иажәақәа рыла Петр ичгараан, ашәахьеи, ахашеи, ахәашеи рзы абааӡатәы рфом, еиҳарак ашәыри ауҭраҭыхи роуп ирфо. Асабшеи амҽышеи рзы иуфар ҟалоит аԥсыӡи ахәшеи.

Егьырҭ ачгарақәа раан еиԥш уажәгьы иҟамло акәацлыхи акәтыжьлыхи рыфароуп. Сарсаниа ишиҳәаз ала ақьырсианраҿы ачгьахьа акалориеи ахаҳареи рпринцип ала еихшоуп.

Иара убасгьы иациҵеит адоуҳатә ҽынкылареи цәала-жьылатәи аҽынкылареигьы шхымԥадатәиу, иҳәоит иара.

"Ачгараан ауаҩԥсы ацәгьа ахәыцреи, аҳәареи, ауреи иҽырцәихьчалароуп".

Аԥшьацәа Пиотри Павели Рим ирыдыркылеит ргәаҟратәила аԥсра. Ақьырсианцәа ианрышьҭазҩоз Пиотр ихы ларханы дыкнарҳаит, Павел иакәзар аҳәала ихы хырсеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0