Гагратәи аушьҭымҭацәа мҩамш ҳәа раҳәан араионтә ахәылԥаз аҟны

© Sputnik / Саида Жьиԥҳа Гагратәи аушьҭымҭацәа мҩамш ҳәа раҳәан араионтә ахәылԥаз аҟны
Гагратәи аушьҭымҭацәа мҩамш ҳәа раҳәан араионтә ахәылԥаз аҟны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи 237-ҩык аушьҭымҭацәа ирзымҩаԥган араионтә ахәылԥаз.

ГАГРА, ԥхынгәы 1 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. 237-ҩык, 2016 шықәсазтәи аушьҭымҭацәа аџьшьара рыҭан, Гагратәи амшын аԥшаҳәатә парк аҿы араион Ахадареи аҵара аҟәшеи рымчала еиҿкааз ахәылԥаз аҟны.

Ҩычага маҭәала еилаҳәаз аушьҭымҭацәа рҭаацәеи, рырҵаҩцәеи, рышколқәа рдиректорцәеи рыцны апарк ашҭа хада хадырҭәааит.

Аԥсҭазаара амҩа ду ианылоз аҿар дрыдныҳәалеит Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба.

"Шәара, ҳаԥсадгьыл уаҵәтәи аԥеиԥш знапы ианылараны иҟоу шәоуп. Убри аҟнытә, ишәабжьазгоит, аҵара бзианы иҵаны, ҳзыԥсахуа, азанааҭ азҟазацәа шәакәны шәхынҳәырц" — ҳәа азгәеиҭеит араион Ахада.

Аушьҭымҭацәа мҩамш ҳәа раҳәо, аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбар иҳәеит, дара аҵарадырраҿы ихадоу амҩа азхәҭак ишанысыз. Раԥхьаҟа иалырхуа азанааҭқәа рҿы ирзеиӷьеишьеит аманшәалареи ақәҿиарақәеи.

Анаҩс Беслан Дбар аушьҭымҭацәа дырзаԥхьеит, 10 шықәса раахыс араион аҵара аҟәшаҟны иҵәахыз, 2006 шықәсазтәи аушьҭымҭацәа 2016-тәи аушьҭымҭацәа рахь иҟарҵахьаз анашьҭымҭа. Уаҟа ианҵан азеиӷьашьарақәа рацәаны.

Сынтәа Гагра араион рылаҽхәартә иҟоуп амедалистцәа, урҭ иреиуоуп хәҩык аҭыԥҳацәа, Гагратәи абжьаратә школ №2 аушьҭымҭацәа: Анна Қапба, Сабина Барцыц, Гаиане Сидеропуло, Зарифа Бабаева, иара убас Гагратәи абжьаратә школ №4 аушьҭымҭа Милана Гындиа.

Дара рнапаҟны ирыҭан изыԥсахаз ахьтәы медалқәеи, аҳаҭыртә шәҟәқәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи.

Аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьан ашықәс иалагӡаны аҵараҿи ашколтә ԥсҭазаареи рҿи зҽалзкааз аушьҭымҭацәагьы, иаҳҳәозар араионтәи ареспубликатәи аолимпиадақәеи арра-спорттә хәмарра «Аиааиреи» рҟны алҵшәа бзиақәа аазырԥшыз.

Ахәыҷқәа аԥсуара рылааӡараҿы аџьабаа ду збо Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1, аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Ельза Амԥар иланашьан аҳаҭыртә шәҟәы. Лара лоушьҭымҭацәа, аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьи, аԥышәарақәеи араионтә бали рахь иааит ҷыдала ирӡахыз амилаҭ ҩычага маҭәа рышәҵаны. Уи дизаинерс даман арҵаҩы Лали Ҳагәышь.

Аиҵбыратәи аклассқәа рырҵаҩцәа рыхьӡала, аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит Роза Гәымба.

"Аиҵбыратәи акласс арҵаҩцәа аҭакԥхықәра ду рыдуп. Дара раԥхьаӡа ашкол ахь зшьаҿа еихызго ахәыҷы ашьаҭа бзиа ииҭароуп. Сара агәра згоит, актәи акласс инаркны ажәеизатәи иалгаанӡа арҵаҩы илаԥш зхыз аҵаҩцәа, раԥхьаҟа амҩа иаша ишаныло, Аԥсны иаԥсоу ҵеицәаны ишазгыло" — ҳәа инаҵшьны иазгәадҭеит арҵаҩы.

Аушьҭымҭацәа рыхьӡала, аҵара-ааӡаратә процесс знапы алакыу зегьы рџьабаазы иҭабуп ҳәа ралҳәеит Сабина Барцыц.

"Сара сҩызцәа зегьы рыхьӡала, иҭабуп ҳәа шәасҳәоит, жәеиза шықәса, ҳҵареи ҳааӡареи иахылаԥшуаз. Агәра шәсыргоит, шәшаҳмырԥхашьо, шәааԥсара пату шақәаҳҵало" — лҳәеит аушьҭымҭа.

Араионтә хәылԥазы ззынархаз аушьҭымҭацәа, иҭабуп ҳәа рарҳәеит абас еиԥш илахҿыхыз, илашаз аныҳәа рзеиҿызкааз зегьы.

Аныҳәа аофициалтә ҟәша иалагӡаны, ҳамҭала иалкаан, Гагра араион аҵара аҟәша аусзуҩцәа, ашьапылампылтә школ аиҳаби азыҟаҵаҩи, ааигәа CONIFA ахылаԥшрала ашьапылампыл азы адунеи иачемпионхаз Асҭамыр Ҵышәбеи Алексеи Бондаренкеи.

Ахәылԥаз аофициалтә ҟәша ашьҭахь имҩаԥган аконцерт. Аушьҭымҭацәа рзы ишәаҳәеит икәашеит аестрадатә шәаҳәаҩцәа Саида Габниа, Хатуна Ҭарба, Џьими Шәманиа, Фатима Цколиа, Наур Гәымба, Есма Гочуа, Сабрина Ԥкьын, ахореографиатә ансамбльқәа "Афырҭын", "Нарҭ", Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аушьҭымҭацәа.

Аныҳәа аԥарда аркуа, ажәҩан ахь ишьҭын 237-ҩык аушьҭымҭацәа ирыхьӡынҩылаз дара рхыԥхьаӡара иаҵанакуаз асалиутқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0