АҞӘА, нанҳәа 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи аихамҩа аиҳабы Гурам Гәбаз Sputnik иазеиҭеиҳәеит аԥсабаратә рыцҳара ашьҭахь ихамҩаҟны иҟоу аҭагылазаашьа атәы. Аихамҩатә ныҟәара еиҭашьақәыргылоуп иҳәеит иара.
"Апассаџьыртә дәыӷбақәа ҩба (Москва-Аҟәа, Санкт-Петербург-Аҟәа) Афон ҿыц иаанкылан. Апассаџьырцәа машьынала Аҟәаҟа иааган ҳхарџьала. Аусутә бригадақәа русура ашьҭахь аихамҩа еиҭашьақәыргылан. Адәыӷбақәа рыҩбагьы уажәы Аҟәаҟа иоушьҭуп", — иҳәеит иара.
Ашәарҭадаразы аныҟәаратә ццакыра 60 километра рҟынтәи 20 километра рҟынӡа иларҟәын.
Асааҭ 21:40 (мск) рзы иалагаз ақәаршҩы аамҭакьаҿла ақалақь амҩадуқәа ҭнарҭәааит, мызктәи анормаҟынӡа леиит. Ақалақь Ахадараҟны иаԥҵоуп аԥсабаратә рыцҳара аԥыхразы аштаб ҷыда.