Аԥснытәи аԥшааҩцәа авертолиотқәа рхы иадырхәоит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥснытәи аԥшааҩцәа аверталиотқәа рхы иадырхәоит
Аԥснытәи аԥшааҩцәа аверталиотқәа рхы иадырхәоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
80-ҩык рҟынӡа аԥшааҩцәа аусурақәа ирҿуп Гагра иахьаҵанакуа амшынтә акваториаҿы. Абри атәы ааицҳаит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Урыстәыла Атәылахьчара аминисттра иатәыз арратә ҳаирплан ТУ-154 аԥшааразы 80-ҩык рҟынӡа Аԥснытәи аԥшааҩцәа аусурақәа ирҿуп Гагра иахьаҵанакуа амшынтә акваториаҿы. Абри атәы ааицҳаит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.

"Иахьатәи амш инаркны авиациагьы ахархәара аҳҭараны ҳаҟоуп", — иҳәеит Кәыҵниа.

Кәыҵниа иажәақәа рыла аԥшаарақәа ирылархәхо ауаа рхыԥхьаӡара еиҳатәхоит.

"82-ҩык аԥшааҩцәа аусурақәа рымҩаԥгара иалагоит. Шьыжьы инаркны ашхәақәа ҩба аус руеит, иаҳгәиҭоуп еиҭа ҩба ахархәара раҳҭарц", — иҳәеит аминистр.

Гагра иаԥҵахоит аоперативтә штаб. Аусурақәа уахынлагьы имҩаԥгахалоит.

"Аштаб адагьы ауаа рыкрыфарҭа еиҿкаахоит. Уахи-ҽни аусурақәа рымҩаԥгаразы иахәҭоу зегьы ҟаҳҵоит", — иҳәеит аминистр.

Лев Кәыҵниа иазгәеиҭеит Аԥснытәи Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәеи урҭ урыстәылатәи рколлегацәеи иааиԥмырҟьаӡакәа аинырра шрымоу.

"Ҳара иааиԥмырҟьаӡакәа аинырра мҩаԥаагоит, аха макьаназы ҳусурақәа лҵшәадоуп", — иҳәеит Кәыҵниа.

Амҽыша, ԥхынҷкәын 25 рзы иҭахаз аҳаирплан ТУ-154 аекипаж рыдагьы иҭан адирежиор Валери Халилов напхгара зиҭоз Александров ихьӡ зху ашәаҳәареи акәашареи рансамбль артистцәеи урыстәылатәи ажурналистцәеи, агәыҳалалратә фонд "Справедливая помощь" адиректор Елизавета Глинка. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла аҳаирплан иҭан 92-ҩык ауааԥсыра. Авиакотострофа аҭҵааразы аиҳабыратә комиссиа аԥҵоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0