Џьума Кәарацхьелиа: аӡбаҩцәа ҳамам

© Sputnik / Томас ТхайцукААА (ФФА) Апрезидент Џьума Кәарацхьелиа
ААА (ФФА) Апрезидент Џьума Кәарацхьелиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Пицундатәи акоманда 2017 шықәса рзы Аԥсны ашьапылампыл азы Ачемпионат иалахәхар ҟалоит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ААА (ФФА) Апрезидент Џьума Кәарацхьелиа

АҞӘА, ажьырныҳәа 27 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Ашьапылампыл азы арбитарс ҳәа ареспубликаҟны аҟалара зҭаху аӡәгьы дыҟам ҳәа ҳкорреспондент иеиҳәеит ААА (ФФА) Апрезидент Џьума Кәарацхьелиа.

"Иреиҳау ҳапроблемақәа ируакуп аӡбра. Иахьазы ҳара зынӡагьы аӡбаҩцәа ҳаманы ҳаҟам. Уи аҵара аҭахуп, аха аӡәы дазыҳаҵҳаҵо дыҟаны избом", — иҳәеит Кәарацхьелиа.

Иара иажәақәа рыла ачемпионатқәа раан аӡбаҩцәа атәыла анҭыҵынтәи иаарыԥхьоит. Ашықәс аҩныҵҟа абри аус азы инырхуеит х-миллион мааҭ рҟынӡа аԥара.

"Ачемпионат асезон аҩныҵҟа имҩаԥысуеит 90 рҟынӡа хәмарра. Аӡбаҩцәа аԥара азнашәоит афедерациа. Урҭ рынхара, рыкрыфара-чара уҳәа иартәоит х-миллинк инацны аԥара", — иҳәеит иара.

ААА (ФФА) Апрезидент Џьума Кәарацхьелиа Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Sputnik аинтервиу аҭо Кәарацхьелиа иара убасгьы иазгәеиҭеит 2017 шықәса рзы Ачемпионат иалахәхо акомандақәа ирыцҵахоит ҳәа. Иахьазы ихәмаруа жәа-командак роуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0