Асҭамыр Џьапуа иҿахәҿыхра мап ацәикуеит

© Fotolia / BillionPhotosАҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит
Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит Асҭамыр Севериан-иԥа Џьапуа иганахьала, аҵыхәтәантәи зықәра намӡац аӡӷаб лцәа ԥиҽит ҳәа агәаанагара ахьыҟаз инамаданы.

АҞӘА, рашәара 19 – Sputnik. Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит Асҭамыр Севериан-иԥа Џьапуа иганахьала, аҵыхәтәантәи рашәара 11 — 12 ауха зықәра намӡац аӡӷаб лцәа ԥиҽит ҳәа агәаанагара ахьыҟаз инамаданы. Асҭамыр Џьапуа иакәзар, иҿахәҿыхра мап ацәикуеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада апресс-маҵзура.

Астамыр Севериа-иԥач Џьапуа рашәарамза 17 2017 шықәса рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзурахьы иҽриҭеит.

Рашәара 13 2017 шықәса рзы аӡӷаб лан иҟалҵаз арзаҳал ашьаҭала ихацыркын ашьаус. Лара лажәақәа рыла Асҭамыр Џьапуа ижәны дыҟан. Абџьар ихы иархәаны 2003 шықәса рзы ииз аӡӷаб аҩны ддәылганы дигеи, лцәагьы ԥиҽит.

Ажәабжьқәа зегьы
0