Кьалашәыр ақыҭан ауаҩшьра ҟалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивное фото входа в дежурную часть МВД
Архивное фото входа в дежурную часть МВД - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рамаз Сақаниа ишьра инадҳәаланы Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит ацәгьа иуит ҳәа агәаанагара ззыҟоу Иури Насибов иганахь ала.

АҞӘА, ԥхынгәы 23 – Sputnik. Рамаз Сақаниа дыршьит ԥхынгәы 21 рзы Алада Кьылашәыр ақыҭан. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада асаит.

"Ишьақәыргыло адыррақәа рыла 1955 шықәса рзы ииз Иури Насибов ашәақь ала Рамаз Сақаниа зыԥсҟы икыз автомашьына даехсит", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Рамаз Сақаниа Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаган, аха ԥхынгәы 22 асааҭ 03:00 рзы иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

Аусбарҭа адырра ҟанаҵоит ԥхынгәы 22 рыҽны Иури Насибов даанкылан ҳәа.

Иаԥҵоуп аӡбарҭа-медицинатә експертиза. Аусҭҵаара мҩаԥысуеит.

2018 шықәса ԥхынгәы 21 рзы Аҟәа араион апрокуратура ихацнаркит 1972 шықәса рзы ииз Рамаз Сақаниа ишьра аганахь ала аусҭҵаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0