Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьапуа: Аԥсны ииз идырроуп зыԥсадгьыл ахь нхара иааз аԥсуа дшыхьчатәу

© Sputnik / Томас ТхайцукЮбилей Академии наук Абхазии - 20 лет
Юбилей Академии наук Абхазии - 20 лет - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа арепатриациа апроблемақәа иазкыз аиԥылараҟны иазгәеиҭеит зыԥсадгьыл ахь нхара иааз ҳџьынџьуаа рганахьала ацәгьоура ҟазҵаз азакәан инақәыршәаны иахьырхәтәуп ҳәа.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ԥхынгәы 31 рзы аиҳабыреи  ауаажәлар рхаҭарнакцәеи дырԥылеит арепатриациа апроблема азҵаарақәа рылацәажәаразы. Аҳәынҭқарра ахада иҳәеит арепатриантцәа рыдәқьан иақәланы ацәгьа зуз ақәнага ишақәыршәахо. Аҟәа Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы иҟоу ахаақәа рыдәқьан "Через" арҳәцәа ԥхынгәы 8 рзы иақәлеит. Адәқьан аԥшәма,  Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара иааз, ақәылаҩцәа ааха ирҭеит. Аусҭҵаара мҩаԥысуеит, ацәгьара зуз ҳәа гәҩарас ирымоу ҩыџьа ааныркылахьеит.

Џьапуа: Аԥсны ииз идырроуп зыԥсадгьыл ахь нхара иааз аԥсуа дшыхьчатәу

"Ҳара  хыла иаҳдырроуп, гәыла-ԥсыла иаҳнырроуп мшыннырцә иҟоу ҳашьҵәа ргәаҟҵәаҟра, рнысымҩа. Сгәаанагарла ацәгьа зуз азинтә ҳәынҭқарра азақәанқәа рыла иус ӡбатәуп. Аԥсны ииз аԥсуа дарбанзаалакгьы идырыр сҭахын, зыԥсадгьыл иахылах ҳашьа, ҳаҳәшьа ҳабла ҷыц еиԥш дшыхьчатәу, ишдырдыртәу жәашықәсала ҳшырзыԥшыз, уи аԥхьа хаҭала иҳамбацзаргьы ишыгәхьаагоз дара рыда ԥсыхәа шҳамам, ашьа ахала ахы шадыруа", — иҳәеит Џьапуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0