Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университет аус ацура иалацәажәеит Аминистрцәа реилазаараҟны

© Sputnik / Марианна Кубрава Кабинет Министров РА
Кабинет Министров РА  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.12.2022
Анапаҵаҩра
Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университети Аԥсны аҵара аминистрреи 2014 шықәса раахыс аус еицыруеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15- Sputnik. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университет Азиндырратә Институт адиректор ихаҭыԥуаҩ Максим Трофимов дидикылеит.
Аиԥылараҿы иалацәажәан аҵаратә система аҿыцрақәа алагалара адгылара аҭара иазырхоу апроект "Апедагогика аусзуҩцәа Рресурстә аҭҵаарадырра-ҵарадырратә Центр аусура аметодикатә еиқәыршәара" аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥыргаз аусура аихшьаалақәа.
Иарбоу апроект Аԥсны, Ермантәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла аҵаратә система аиӷьтәра иазырхоуп, анагӡара Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳаӡоу аҵараиуреи аҭҵаарадырреи Рминистрра ахылаԥшрала имҩаԥысуеит.
Анқәаби Трофимови алацәажәеит апроект 2023 шықәсазгьы ацҵара.
Сынтәатәи ашықәс азы имҩаԥган аҟазара азырҳаратә курсқәа:
аҭоурых, аурыс бызшәеи алитературеи, ахимиа, аматематика, англыз бызшәа, абиологиа, афизика арҵаҩцәа,
алагарҭатә классқәа рырҵаҩцәа,
ахәыҷбаҳчақәа рааӡаҩцәа,
аколеџьқәа рырҵаҩцәа,
ашколтә психологцәа,
ашколқәа рдиректорцәеи аҵара аҟәша аиҳабацәеи,
аусуратә кадрқәа (аргылаҩцәа, анџьнырцәа, автомеханикцәа, ателехәаԥшреи аӡыргареи рыспециалистцәа, IT-аспециалистцәа, аенергетика аусзуҩцәа),
аҳәынҭқарратә тәылауаҩратә маҵурауаа,
атуризм аусхк аусзуҩцәа.
Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа, Гагра, Пицунда, Очамчыра ақалақьқәа рҿы аҭҵаарадырра-еилкааратә лекциақәа мҩаԥысит; аԥсуа бызшәеи аурыс бызшәеи рдырра азы аконкурс мҩаԥган.
Иааизакны Нхыҵ-Кавказтәи Ауниверситет абаза ала уажәы 796-ҩык аԥснытәи аспециалистцәа 26 программа ала дистанциала рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхразы акурсқәа ирхысуеит.
Зынӡа 8-шықәса ирылагӡоу аусеицура аамҭа ала аҽазыҟаҵара иахысит 1725-ҩык аҵарадырра аусзуҩцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0