Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа 20 кажьуп Амшын еиқәа аӡымҽхак ианахаԥыруаз

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчения снайперов. Архивное фото
Учения снайперов. Архивное фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 7 - Sputnik. Урыстәылатәи Аҳауаҿагыларатә мчқәа иҭадырхеит украинатәи ахархәагақәа 22 Амшын еиқәа ианахаԥыруаз. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Лаҵара 6 ауха иалагӡаны Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа Амшын еиқәа аӡымҽхак иахаԥыруаз украинатәи ахархәагақәа 22 карыжьит", - аҳәоит адырраҭараҟны.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи ааха рырҭеит артиллериатә ҟәшақәа 98, 119 раион рҿы иҭадырхеит аибашьцәеи атехникеи.
Уи адагьы иҭархан 81-тәи аҳауатә гәыԥ, 110-тәи амеханизациа зызуу абригада, УАМ аоперациа ҷыдақәа Рцентр "Юг" ркомандаҟаҵарҭақәа.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы иҭархан адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥ. Уахыки-ҽнаки рыла ари ахырхарҭаҿы аӷа ицәыӡит 85 солдаҭ, кәылӡмашьынак, ҩ-автомашьынак, агаубица Д-30, артиллериатә џьаԥҳаны ашьҭаҵарҭа.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 75 солдаҭ, х-кәылӡмашьынак, ҩ-автомашьынак, агаубица Д-20, ахаланыҟәагатә артиллериатә шьақәгыла "Акациа".
Донецктәи ахырхарҭаҿы рхы иақәиҭтәуп Артиомовск акварталқәа ҩба, уахыки-ҽнаки рыла авиациа ԥшьынтә иҵыԥрааит, 64 дҵа наныгӡеит. Иҭархан 340 солдаҭ, ҩ-кәылӡмашьынак, аа-автомашьынак, агаубица Д-20.
Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҟны уахыки-ҽнаки рыла Киев иацәыӡит 50 еибашьҩы, ҩ-кәылӡмашьынак, автомашьынак, ҩ-гаубицак Д-30, "Мста-Б", аконтрбатареиатә жәылара арадиолокациатә станциа AN/TPQ-36. Херсонтәи ахырхарҭаҿы - 40 солдаҭ, хә-автомашьынак.
Ажәабжьқәа зегьы
0