Урыстәыла

Лавров: арыцтә еилаӡаразы иааиуа ҩымз аҭагылазаашьа еилнаргоит

© Sputnik / Пресс-служба МИД РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВизит главы МИД РФ С. Лаврова в Эсватини
Визит главы МИД РФ С. Лаврова в Эсватини - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ҩымз ҳәа арыцтә еилаӡара аҿҳәара инахеит.
АҞӘА, лаҵара 18 – Sputnik. Аҽа ҩымз арыцтә еилаӡара аҿҳәара ацҵара аҭагылазаашьа еилнаргоит, абри атәы иҳәеит Урыстәыла ААР аминистр Сергеи Лавров.
"Иҟоу аҭагылазашьақәеи ҳпартниорцәа ргәаанагара азыԥхьагәаҭо Ҭырқәтәыла ахада иаԥшьгамҭеи ҳасаб рзуны адгылара аҳҭеит. Ердоган иацы арыцтә еилаӡара аҿҳәара аҽа ҩымз иацҵазарц иҳәеит, убри аан ибзиаӡаны еилкааны ибоит арҭ аҩымз аҵак ду шрымоу", - иҳәеит Лавров Москва имҩаԥысуаз ипресс-конференциаҟны.
Урыстәыла арыцтә еилаӡара аҽа 60 мшы ацнаҵеит. Уаанӡа ЕАР аҟны Урыстәыла ахаҭарнак Васили Небензиа агуманитартә зҵаарақәа рзы амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыԥуаҩ Мартин Гриффитс иахь ииҩыз ашәҟәаҿы иаирбеит аилаӡара инаваргыланы ишыӡбтәу апроблемақәа: Россельхозбанк SWIFT асистема аҵакра, Урыстәылаҟа ақыҭанхамҩатә техника аашьҭра, урыстәылатәи амшынбаӷәазақәа рахь аӷбақәа рнеира аԥкра рхыхра, аммиакмҩангага "Толиатти-Одесса" аусура, арҵәыгақәа аус рыдызуло урыстәылатәи аилахәырақәа рыԥхьаӡамҭақәеи рфинанс усуреи аԥкра рхыхра.
Арыцтә еилаӡара аиқәшаҳаҭрақәа ирыхәҭа хаданы иҟоуп. Аҩбатәи ахәҭа – Урыстәыла-ЕАР рыбжьара амеморандум, афатәи арҵәыгақәеи рекспорт аԥкра ахыхра, Россельхозбанк SWIFT асистема аҵаркра, ақыҭанхамҩатехникеи амаҵзурақәеи реиҭашьақәыргылара, аммиакмҩангага "Толиатти-Одесса" аусура аларгара уҳәа аҵанакуеит. Аиқәшаҳаҭра ари ахәҭа макьана аус шамуа азгәанаҭоит Москва.
Ажәабжьқәа зегьы
0