Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Агәабзиарахьчара аминистрраҟны акурорттә аамҭазы амедусҳәарҭақәа русура иалацәажәеит

© Foto / Пресс-служба Минздрава АбхазииРаботу медучреждений в курортный сезон обсудили в Минздраве
Работу медучреждений в курортный сезон обсудили в Минздраве - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 31 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ақалақьқәеи араионқәеи рыхәшәтәырҭақәа рхадацәа алархәны амедусҳәарҭақәа аԥхынра ишазыхиоу аус далацәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит аминистрра апресс-маҵзура.
Излацәажәоз апроблемақәа иреиуоуп акадртә дефицит. Уи аиҳаракгьы ианыԥшуеит акурорттә сезон аан.
"Атуристцәа рхыԥхьаӡара иазҳацыԥхьаӡа амедусзуҩцәа русгьы хьанҭахоит. Иаҳгәалашәоит аинфекционистцәа уахи-ҽни ахәшәтәырҭа ианҭымҵуаз. Аха, уи апроблема урыстәылатәи аҟазауаа рааԥхьарала иаԥаҳхит. Ари апрактика сынтәагьы имҩаԥгатәуп. Уи азы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Виктор Фисенко иԥылараан ҳаилацәажәеит", - иҳәеит аминистр.
Едуард Быҭәба иҳәеит аԥснытәи амедусзуҩцәа рҟазара ацҵаразы Сеченов ихьӡ зху амедуниверситет ахь рышьҭра шазыԥхьагәаҭо, аусбарҭа хада анапы ианиҵеит ари амедусҳәарҭахь ОМС азы аиқәшаҳаҭра иаҵанакуа апациентцәа рышьҭрагьы еиҿыркааларц.
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Москва иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны И.М. Сеченов ихьӡ зху Актәи Москватәи амедицинатә Университет аректор, РАН академик, апрофессором, амедицинатә ҭҵаарақәа рдоктор Пиотр Глыбочко диԥылеит.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2023
Аԥсны
Аԥсназы аҳақьымцәа разыҟаҵара атәы иалацәажәеит Москва
Ажәабжьқәа зегьы
0