Урыстәыла

Аԥсни Урыстәылеи рыҩтәылауаҩра азҵаарақәа рзы Урыстәыла ахада ихаҭарнак далхуп

© Foto / МИД РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМихаил Галузин
Михаил Галузин - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа реиҳабацәа Инал Арӡынбеи Сергеи Лаврови ҩ-тәылауаҩрак аиура азҵаарақәа рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
АҞӘА, лаҵара 31 - Sputnik. Владимир Путин Аԥсни Урыстәылеи рыҩтәылауаҩра азҵаарақәа рзы ихаҭарнакс дҟаиҵеит Урыстәыла АА рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин. Абри азы адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә портал аҿы.

"Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Галузин Михаил Иури-иԥа УА Афедералтә еизара апалатақәа рҿы Урыстәыла ахада ихаҭарнакс дыҟазааит Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара 2022 шықәса цәыббра 27 азы Москва анапы зҵаҩыз ҩ-тәылауаҩрак рзы аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара азҵаарақәа рзы", - аҳәоит адокумент аҿы.

Ҩ-тәылауаҩрак амазааразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аԥсни Урыстәылеи реиҳабырақәа 2022 шықәса цәыббра 27 азы. Жәлар Реизара ҩ-тәылауаҩрак аиуразы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит ԥхынҷкәынмза 30 2022 шықәсазы.
Урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа ирмарианы рыҭара аанкылан 2008 шықәсазы, Аԥсны ахьыԥшымра аназхаҵаха ашьҭахь.
Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны нанҳәа 26, 2008 шықәсанӡа Урыстәыла атәылауаҩра змаз, абри аамҭазы иара зцәымӡыз, зықәра наӡоу Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра ирмарианы аиуразы арзаҳал рҩыр алшоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0