Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чкадуаԥҳа "Абаза" аушьҭымҭацәа рзы: сара сзы иааироуп, зегьы ауаҩра рылҵны иахьыҟалаз

Чкадуаԥҳа "Абаза" аушьҭымҭмацәа рзы: сара сзы ииааироуп, зегьы ауаҩра рылҵны иахьыҟалаз
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль "Абаза" иахыҵит 30 шықәса. Ансамбль знысыз амҩа атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Циала Чкадуаԥҳа.
"Абаза" - аибашьра иалиаз ансамбль ауп, аханатә гәыԥ хәыҷык акәын иҟаз, анаҩс ауп ансамбль ахь ианиас ҳәа азгәалҭеит Циала Чкадуаԥҳа аиҿцәажәараҿы.
Аҳәынҭқарратә ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль "Абаза" асахьаркыратә напхгаҩы илгәалалыршәеит агәыԥ аԥҵараҿы раԥхьатәи ашьаҿақәа шыҟаҵаз.
"Иахьазы 25 гәыԥ ауҳашьҭхьеит, уи 500-ҩык ахәыҷқәа аҵанакуеит. Аиубилеи иазкыз аконцерт ахь изааиз рхы аладырхәит. Анкьа еиԥш аҽазыҟаҵарақәа рахь иааиуан. Нас изеиԥырҵуамызт, еицәажәон аҵх агәанынӡа. Абас, гәыкала, имҩаԥган аиубилеи. Сара сгәы еизҳаит, избанзар, схәыҷкәа анкьа ишеицыз еиԥш еицуп. Ҭаацәара дук еиԥш ҳҟалеит", – лҳәеит Чкадуаԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0