Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҟәланырхәа ақыҭаҿы аӡымҩангагатә цәаҳәа ааха аиуит адгьылҳәазара иахҟьаны

© Sputnik / Бадри ЕсиаваРемонт водопроводной трубы в селе Куланырхуа
Ремонт водопроводной трубы в селе Куланырхуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2023
Анапаҵаҩра
Аӡымҩангагатә цәаҳәа ааха иаиуз иахҟьаны Ҟәланырхәа, Абӷархықә, Гәдоуҭа ахәҭак руааԥсыра ӡыда иаанхеит.
АҞӘА, лаҵара 31 – Sputnik, Бадри Есиава. Ҟәланырхәа ақыҭаҿы аӡымҩангагатә цәаҳәа ааха аиуит адгьылҳәазара иахҟьаны, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион Аӡыршьҭра аиҳабы Оҭар Леиба.
"150 метра рҟынӡа 280 миллиметра иҭбаау атруба ааха аиуит. Ари ҟалеит аԥшьашаҽны. Мчыбжьык ирықәуп Ҟәланырхәа, Абӷархықә ақыҭақәа ӡыда иҟоижьҭеи. Атруба ԥсахтәуп, уи аахәаразы азҵаара ҳаӡбоит", - иҳәеит иара.
Леиба иҳәеит атруба аахәаны, уи аҭыԥ аҿы ишьҭаҵаны аусурақәа рхыркәшара ҩымчыбжьа рҟынӡа шаҭаххо. Убри аан атруба анаахәахо азҵаара аҭак изыҟамҵеит.
Ӡыла аиқәыршәаразы апроблемақәа ыҟоуп ақалақь агәани Замостианка араион аҿи. Ақалақь ауааԥсыра арҭ амшқәа рзы аӡы роуеит арезервтә ӡыҭгагатә станциа "Ааԥсҭа" аҟынтә.
Ажәабжьқәа зегьы
0