Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи аруаа Украина УАМ аҵыхәтәантәи аибашьыга ӷба ҭадырхеит

© Sputnik / Игорь МасловДесантный корабль "Юрий Олефиренко" в акватории Николаевского судостроительного завода.
Десантный корабль Юрий Олефиренко в акватории Николаевского судостроительного завода. - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2023
Анапаҵаҩра
Украина, УАМ аҵыхәтәантәи аибашьыга ӷба "Юрий Олефиренко" СССР АММ рзы 1970-тәи ашықәсқәа раан Польша идыргылоз, апроектқәа 770, 771, 773 ирыҵаркуаз адесант ӷбақәа рсериа иаҵанакуан.
АҞӘА, лаҵара 31 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Украина УАМ аҵыхәтәантәи аибашьыга ӷба ҭадырхеит одессатәи амшынбаӷәазаҿы ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы украинатәи адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа хԥа ԥхьацан. Уахыки-ҽнаки рыла иҭархан 70 украинатә еибашьҩы, акәылӡмашьынақәа ҩба, апикапқәа ԥшьба, УАМ амеханизациа зызуу 60-тәи абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Работа морской пехоты в зоне СВО - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2023
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа ааха рырҭеит аӡбрақәа ахьрыдыркыло украинатәи ацентрқәа
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы иҭархан 50 солдаҭ, акәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа хԥа, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", ҩ-гаубицак Д-20, гаубицак Д-30, РСЗО "Град".
Донецктәи ахырхарҭаҿы Авдеевка иахьаҵанакуа аибашьра ӷәӷәа цоит. Ара Киев 200 рҟынӡа украинатә еибашьҩы ацәыӡит, иацәыӡит – акәылӡмашьынақәа хԥа, 12 автомашьына, агаубица Д-30, "Градқәа" ҩба.
Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы иҭархоуп 185 украинатә солдаҭ, ҩ-кәылӡмашьынак, автомашьынақәа ԥшьба, УАМ амеханизациа зызуу 65-тәи абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа, Херсонтәи ахырхарҭаҿы - 30 солдаҭ, акәылӡмашьынақәа 2, автомашьынақәа 2.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи ааха рырҭеит 103 артиллериатә ҟәша, ауааԥсыра, аибашьыга техника 149 раион рҿы. УАМ амеханизациа зызуу 33-тәи абригада анапхгараҭараҭеи ажәыларатә баталион "Скала" анапхгараҭарҭатә ҭыԥи ықәыцҟьаауп.
Урыстәыла ПВОқәа аицҭырҟьаратә система HIMARS 12 реактивтә хгәыцә, амҵәыжәҩа змоу аракета Storm Shadow, аԥырҩы дызҭам 11 хархәага карыжьит.
Ажәабжьқәа зегьы
0