Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Шеварднаӡе спалата дааҩналеит", ма ақырҭуа политикатә спектакль: Нодар Шьаҟрыл иҭоурых

© Foto / из семейного архива Нодара ШакрылНодар Шакрыл
Нодар Шакрыл - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иаҳгаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа усҟак иӡыргам аветеранцәа рҭоурыхқәа ҳзеиҭаҳәара иацылҵоит. Иахьатәи ланҵамҭа изкуп "Агәымшәараз" амедал занашьоу Нодар Шьаҟрыл.
Иахьа зыӡбахә шәасҳәо аветеран иҭоурых ҿыки бзыки ирызҳәом. Аинтервиуқәа убри инадҳәаланы изҟьогьы дреиуам, аха акыр шықәса рышьҭахьҟа иареи сареи Қарҭ аҵара злеицаҳҵози, насгьы азеиԥшынхарҭаҿы ҳҿаҵа еиҩшаны излаҳфози уҳәа схы иархәаны аиҿцәажәара дазаазгеит.

Амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара

"Аԥсуа еибашьра салоижьҭеи акыр ҵуан, зыӡбахә сымоу амилаҭтә хақәиҭратә қәԥароуп. 1978 шықәсазы Аҟәа ашҭа иқәгылан ҳаиҳабацәа, ҳаргьы ҳрыдгылан, убри аҟынтә, ҳаӷа ихаҿсахьа сыхшыҩ аҿы ишьақәгылахьан. Аибашьра иалагоит ҳәа бжьыҭгала ианырымҳәозгьы, сара уи сазхәыцуан", - абас иажәа ахы икит Нодар Шьаҟрыл.
© Foto / из семейного архива Нодара Шакрыл

Нодар Шьаҟрыл иҭаацәеи иареи

Нодар Шьаҟрыл иҭаацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
1/2

Нодар Шьаҟрыл иҭаацәеи иареи

© Foto / из семейного архива Нодара Шакрыл

Нодар Шьаҟрыл иҭаацәеи иареи

Нодар Шьаҟрыл иҭаацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
2/2

Нодар Шьаҟрыл иҭаацәеи иареи

1/2

Нодар Шьаҟрыл иҭаацәеи иареи

2/2

Нодар Шьаҟрыл иҭаацәеи иареи

Сзацәажәо аветеран Кәырина ҳәа хьыӡҷыдас имоуп, иофициалтә хьӡы хазырхасгьы шамаха аӡәгьы ишьҭихуам. Иара ишиҳәо ала, 1989-тәи ашықәсқәа рзы ԥыҭҩык иҩызцәеи иареи рҽеидкыланы иҟан, еиқәшәон, атактика шьақәдыргылон зеиԥш ҟамло акгьы ыҟам, аибашьра иалагар ҳәа.
"Ибдыруеит Аԥсны ақырҭқәа шырацәаз, аԥсуаа бџьарла рҽеибырҭар акәын, избанзар ақырҭқәа маӡала дара ртәқәа еиқәдыршәон. 1989 шықәсазы аиҿагылара аныҟала, ҳаргьы ҳхаҿсахьа ааҳарԥшыр акәын, ҳарҿагыланы зынӡа ҳшымчыдам деилҳаркаар ҳҭахын. Апап Илиа данаауаз днаҳамкылеи? Ҳарҿагылеит усҟан. Игорь Ҭаниа, Алхас Шьаҟрыл (Аԥсны афырхаҵа, Гагра дҭахеит - Е.К.) уҳәа аус ҳуан, ҳаԥшыхәуан. Аибашьра аԥхьа ҳара ҳаԥшыхәра еилнакааит ақырҭқәа арахь абџьар ааганы дара ртәқәа ишрырҭоз. Аибашьра сазыхиан сара. Валери Аиба иеиԥш иҟаз афорум иалаз ҳара ҳрыҿцаауан. Ашьхарахьы ҳхы хан ақырҭқәа урсынтәи абџьар аларымгаларц. Убра афонаа рыҷкәынцәагьы неит. Аманал ҵәахын џьара, нас ҳхы иаҳархәеит уи. Ииашоуп ас иаалырҟьаны иҳажәлоит ҳәа ҳаҟамызт, аха усгьы ҳгәы ҳҽанын. Бџьарла аҽеиқәыршәарақәа ҳшырҿыз рдыруан амчратә структурақәа, иагьҳашьҭашәарыцон, иҟан ҳа ҳтәқәа иреиуаз ҳрымбошәа ҟазҵозгьы", – иҳәоит Кәырина.

Аиашьа, агәыла, аҩыза - ԥсыуаҵас ҳаибаркыра

Аветеран игәаанагарала, раԥхьатәи амш азы ирылшаз аҿагылара - уаанӡатәи рԥышәа иабзоуроуп. 45-ҩык рҟынӡа иҟан ргәыԥ. Аибашьра ианалага, Кәырина автомат иман, иара убас Урыстәылатәи архәҭақәа рҟынтәи ироузгьы ыҟоуп.
"Аурысқәа рзыбзиахара аҭахын абџьар ҳарҭарц азын", – иҳәоит иажәа иалаҵаны адипломатиатә ҟазшьақәагьы шилаз аарԥшуа. "Лесхоз" ахьыҟаз ҳаштаб еиҿаҳкааит, Валера Аиба икантора акәын уи. Зҽеидкыланы иҟаз ахьышәҭҳәа ҳаиқәшәеит раԥхьатәи амш азы", - игәалаиршәоит август 14 1992 шықәса Шьаҟрыл.
Зыӡбахә сымоу ауаҩы аҵара даналга арра дыргеит. Белоруссиа аршьаҟауаа рырхәҭаҿы БМП акомандирс дыҟан. Ианхиркәшоз, аофицар ԥхьатәа (офицер запаса) ҳәа аршаҳаҭга иаҿа ианын. Ҳара ҳаибашьраҿы иара иԥсеиқәхаразы уи аршаҳҭга ахадаратә рольгьы нанагӡеит.
Асовет ар рҿы имаз аԥышәеи ҳара ҳтәи еиҿырԥшуа, Кәырина абас иҟоу алкаақәа ҟаиҵеит:
"Аурыс ир рҿы адҵа ахымԥара уҳәа - иерархиа хадоуп, ҳара ҳҿы – аиашьа, агәыла, аҩыза, ԥсыуаҵас ҳаибаркыра, ахьӡ, ахьымӡӷ уҳәа – аформат даҽакуп. Ҳус изалҵызгьы убри ауп. Арратә дҵа анықәгыло, абри сызлацәажәоз аилазаара еиқәырхатәуп. Раԥхьатәи аиааира Гагра иаҳгеит ҳхықәкы анагӡараҿы ҳаибахьчо - абри ауп иҳахәаз. Гагратәи ажәылараҿы знык шьаҿак аныҟаҳҵа – аҭабиахырӷәӷәарҭа (дзот) анаҳга аҩра иалагеит дара", - иҳәоит Кәырина.
Аветеранцәа аӡәырҩы ишазгәарҭахьоу еиԥш, Кәырина игәаанагарала, аангылара иашамызт, Гагра ашьҭахь ижәылатәын, "уи гхан" иҳәоит иара.
Артур Голандзиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.06.2023
Аԥсны
Аибашьра иаԥсахит агәҭакқәа: аветеран Артур Гәаланӡиа иҿцәажәара

Ацҳа ҟаԥшь

"Август 14 рзы иаразнак ҳҽеидаҳкылан ҳарҭ ақалақь ҷкәынцәа иҳамаз абџьар шьҭыхны Аҟәа "Ацҳа ҟаԥшь" ҳцеит. Аџьаԥҳаны зегьы ирызхомызт. Гиви Агрба уа дыҟан. Ишәеиҳабыда иҳәеит, ҳаниба. Ахықәкы ҳашәҭ, уи ҳхала еилҳаргоит сҳәеит. Ҷанба имҩаду аганахь ҳцарц ҳаиҳәеит, БМП-қәа ҩба шәысҭоит иҳәеит. Урҭ уаҩҵас еиқәшәамызт. Бараташвили ала Ҷанбантәи ааха ҳмоурц ҳҽазаҳкит. Нас Мушьни Хәарцкьиа днеит. Ҳпозициа ҳкит. Аха урсынтәи иаҳмыжәлаӡеит. Ус, СNN акорреспондент убра днеит. Бакредитациа атәы сыздырам аха, ҳара ҳаӷа имҩа кны ҳтәоуп, ардыԥхьала ҳауп (ополченцы), ҳаԥсадгьыл ҳахьчоит сҳәеит, џьара идрылбар ҳзықәшәаз раҳап сҳәан. Сыбжьы цаны сыҟан. Абри аилаҩеиласраҿы иҟауҵо ибзианы уазхәыцроуп. Ҩымш рышьҭахь зегь цеит, ҳара ҳаанхеит. Бараташвили амҩеихдаҿы ҳаҟан, Сосо Ахалаиа убра хыхь дыҟан. Мушьни данааи, сызлауцхраари иҳәеит. Ҷанба инхо аԥсуаа рҭел аномерқәа сымоуп. Уахьынтәи идәықәлар, адырра сырҭоит сҳәеит. Абра аҟәарч хырӷәӷәарҭа (баррикада) ҟаҵазар бзиан сҳәеит. Сааҭк ала амашьына "Камаз" сзаарышьҭит. Абас иҟан алагамҭа", – еиҭеиҳәоит аветеран Шьаҟрыл.
Ардыԥхьала захьӡу аиҿкаара ҳаибашьраҿы зегь реиҳа ихадаз усын игәаанагарала.
"Ацҳа ҟаԥшь" ашьҭахь Гәдоуҭаҟа ианыгьежь, хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рԥыло иалагеит. Хықәкы хадасгьы ишьҭырхит ашьхара аганахь амҩақәа рыхьчара. Нас, Авто Гарцкьиа, Борис Лазба ахьтәаз игәыԥ асменахь ишьҭуа далагеит Курина. Уи "Евкалипт" акәхеит, анаҩс иалагеит Гагратәи аоперациа аус адулара. Курина аԥшыхәратә гәыԥ акәын хадара ззиуаз, игәра ргон, иара ихәаԥшуан ишиҳәо ала.
© Foto / Стопкадры из видео архива АТНодар Шакрыл
Нодар Шакрыл - Sputnik Аҧсны
1/3
Нодар Шакрыл
© Foto / Стопкадры из видео архива АТНодар Шакрыл
Нодар Шакрыл - Sputnik Аҧсны
2/3
Нодар Шакрыл
© Foto / Стопкадры из видео архива АТНодар Шакрыл
Нодар Шакрыл - Sputnik Аҧсны
3/3
Нодар Шакрыл
1/3
Нодар Шакрыл
2/3
Нодар Шакрыл
3/3
Нодар Шакрыл

Шроматәи ҽаҩраҭагалантәи ажәылара

Аветеран Нодар Шьаҟрыл уажә дызлацәажәо ажәылара арратә операциа аҳасабла макьана аӡәгьы иҭимҵаац ҳәа агәаанагара имоуп - иԥсҭазаараҿ хадара злаз аибашьратә хҭыс азы. Гагра ашьҭахь Гәымсҭа аминақәа ыҵаҵаны иҟамызт. 1992 шықәса абҵарамзазы ҳаибашьцәа хықәкыс ишьҭырхит – аӷа Шромаҟа дхьарԥшны Гәымсҭала ажәылара аиҿкаара.
"Шьхала ҳаԥшыхәны игәианны ҳгьежьит. Аконверт аартны Гиви Агрба досу рхыдҵақәа риҭеит. Уа иҟан еиуеиԥшым агәыԥқәа, ачеченцәа, аҟабардақәа злаз уҳәа. Ашьыжь ҳа ҳтәқәа хҩык ақырҭқәа ааныркылт. Сара рбызшәа маҷк сымдыруаз, ииашаны ухы иаурхәар уус арманшәалоит уи. Идсырҳәаз инақәыршәаны, Ахалшентәи ахырхарҭала Каман, нас Шроматәи ацҳахь ицатәын. Убра аҭыԥ аанкыланы, нас аӷа уахь дадгаланы, Гәымсҭатәи ахырхарҭала ажәылара – абас акәын сара ишызбоз. Џьоукы Ахалшен ала, егьырҭ ҵаҟантәи идәықәлеит. Сара сгәыԥ иаҳрыцқьон амҩа. Аконверт анааҳарты, сгәы еихьызшьқәозгьы збеит. Сара спозициа даҽакала избон - актәи, аҩбатәи адзотқәа рҿы иаҳзыԥшыз здыруан. Ҳаԥшыхәит. Бырзен хаҵак абанҭ ақырҭқәа хҩык згоит ҳәа дааит. Иара дымҩаԥгаҩын. Нас ҳа ҳҿы даангылеит, ашьҭахь дҭахеит, ахы иқәшәеит ишьҭахь ала, уи уамашәа избеит", – иҳәоит Кәырина, аоперациа анаҩстәи алахьынҵазы агәыҩбарақәа шимоу азгәаҭо.
Сергеи Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2021
"17-тәи", мамзаргьы "Аду": Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Дбар игәалашәаразы
Актәи адзот ргеит, нас аҩбатәигьы. Ицон амҩа рыцқьо, нас атехникагьы дәықәлар акәын, аха Кәырина ибеит ицараны иҟаз зегь шымцаз.
"Агәыҩбарақәа сыман сара... Са стәқәа ацҳа азааигәара инеихьан. Абырзен дышҭахаз збеит, ахы ишьҭахьала иқәшәеит уаҩы иџьеишьаратәы… Сгьежьит абазахь иҟалаз еилыскаарц. Ус, хыхьынтәи ақырҭқәа иҳажәырҵеит, ҳа ҳтәқәа ҵаҟа иҭагылоуп, хьаас искит уи. Сшьапы ахы аахеит. Сҿарҳәеит. Ҳа ҳтәқәа маанала ралгашьа сазхәыцит, избанзар ажәылара башахеит... Агранатаршәга змаз ҳаибашьҩы ихқәа нҵәеит. Ҳгьежьыроуп ҳашцоз еиԥш - ҳҭаршьуеит мамзар сҳәеит. Иаарышьҭыз даҽа х-хык сықәшәеит. Иаартын адунеи - сырбарҭан ақырҭқәа хыхь иахьықәтәаз. Сшьапқәа сыҵӡаауа иалагеит. Сахьырымбо ҵлак сҽаваскырц сыӡбеит - убри аамҭазы аснаипер сиԥыхьашәеит ахгьы насылҟьаны ицеит суаҭәа иамариашаны. Аснаипер ихы ӷәӷәан, саршәит. Ҳаҷкәынцәа даҽа мҩак ала иалҵуа иалагазаап. Ҵлак авара сҽаваскит. Сыҽҿасҳәеит, аха нас сыхдырра сцәыӡуа иалагеит. Ақырҭқәа ажәылара иалагеит, иагьеилыскааит са сҿы ишааиуа. Сҟәых шьҭаҵо сҳәазаны сцон, зны скьаҿ, нас даҽакы. Ҳа ҳтәқәа аӡә дсышьҭалар, сҟәых ала срыԥшаар ауан. Сҳәазо сдәықәлеит, аха рацәакгьы сзымцеит. Мчы сымамакәа сааҟалеит", – абас игәалашәоит Кәырина данырхәыз амш.
Ҩаха уа диан иара. Ихәрақәа ахәа иркит.
"Урҭ роуп сыԥсы еиқәзырхаз. Ахәра акәша-мыкәша зегь рбзаны ирфон. Идрыцқьон сыхәра", - иажәа наигӡон аветеран.
Руслан Таниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2022
Аԥсны
"Изаҭәаумшьо аҳәак иҟәнуп": аветеран Руслан Ҭаниа иҿцәажәара

Асовет ар аофицар ԥхьатәа иршаҳҭга

Кәырина ихәда хьтәы зынџьырк ахан, иара убас иофицер ршаҳаҭга иџьыба ашьҭахь иҭан, егьырҭ иҟәыхқәа зегь амҩан инижьхьан. Ақырҭқәа ркомендатура еимдо дахьышьҭаз илаихагылеит. Изынџьыр ааихырхын, иҵегь мазарак идаҳбадлозар ҳәа данеимырдоз, ирԥыхьашәеит аршаҳҭга "Асовет ар аофицар ԥхьатәа" ҳәа зныз. Кәырина гәҩарас имоуп, аршаҳаҭга ианыз "аофицар ԥхьатәа" анырба, аиҭныԥсахларазы иҳахәо аӡә иоуп ҳәа интересс дышьҭырхит ҳәа.
"Слымҳа иҭасит ақырҭшәа, аха схы сахәо сыҟамызт. Дара рахь сыргеит. Нас Аҟәа авоенкомат аӷәраҵаҿы снаргеит. Уа даҽа ҩымш скажьын. Убра сахьышьҭазгьы исыӷрасуан. Раԥхьатәи ахәрақәа рхьаа еиԥшымыз даҽа хьаак аасызцәырҵуан", - ҳәа шамаха аӡәгьы еиҭеимҳәо ахҭысқәа сзааиртит Кәырина.

"Сара исҭахын информациак са стәқәа ироурц. Дамениа ҷкәынак уа дҭакын, Олег иашьа иоуп сымҩашьозар. 40-ҩык раҟара шьҭан уи аӷәраҵаҿ зынӡа. Афатә-ажәтә узҭодаз? Ӡык сҿадырхәхәон. Ус избоит акомендатураҟынтә иааз сыхьӡала ак шырқьачақьуаз – адҵа ҳамоуп Қарҭҟа уаҳгарц ҳәа аасарҳәеит дара", - дцәажәоит абас Кәырина.

Иара хәыцрас имаз иҭаацәа ихабар раҳарц акәын. Ашьҭахь, аамҭа анца ишеиликааз ала, ажәылара ашьҭахь еиԥыларак ыҟазаарын аиҭныԥсахларазы. Џьабо Иоселиани убра днеизаап иара итәқәак рзын. Ҳа ҳтәқәа Кәырина ишьҭан. Џьабо икомбат дышишьҭоу иҳәазаап. Игорь Ҭаниа (дҭахеит Лаҭа) Кәырина иӡбахә иҳәеит. Ажәакала, Иоселиани идҵала авоенкомат аӷәраҵаҿ Кәырина дрыԥшааит.
"Санырыԥшаа, ас сырзыргьежьуамызт, маҷк срыхәшәтәырц рыӡбеит. Агәыӡератәи агоспиталь аҿы снаргеит. Уа иҷаԥшьоз аҳақьым иҳәеит ари аԥҟара зҭаху уаҩуп, ҳара иҳалшом ихәшәтәра ҳәа. Нас, аҳаирбаӷәазахь сдәықәыргалт", – хронологиала еишьҭаргыланы исзеиҭеиҳәоит Курина ихамышҭуа ахҭысқәа…
Анаҩс, абраҟа ибжьаиргылеит аибашьра ашьҭахьтәи хҭыск:
"Аибашьра ашьҭахь Аҟәа аџьармыкьаҿы аус анызуаз, суада ерман ԥҳәыск дааҩналеит. Лара усҟан Агәыӡера ахәшәтәырҭаҿы аус луазаарын. Еибашьҩык илахьынҵа аилкаара дашьҭан . "Абра Шьаҟрылаа аус шыжәуаз саҳан, суазҵаарц сааит" лҳәан, агоспиталь аҿы саннанагазтәи ажәабжь аацәырылгеит. "Уи иԥсы ҭахашьа амамызт, аха избаз шәасҳәарц сааит" лҳәеит. Исзымбатәбарахеит. Сгылеит, стәеит. Уи сара соуп сҳәеит"…
© Foto / Стопкадры из видео архива АТНодар Шакрыл
Нодар Шакрыл - Sputnik Аҧсны
1/2
Нодар Шакрыл
© Foto / Стопкадры из видео архива АТНодар Шакрыл
Нодар Шакрыл - Sputnik Аҧсны
2/2
Нодар Шакрыл
1/2
Нодар Шакрыл
2/2
Нодар Шакрыл

Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы

Ашхырцәаӷьҭреиԥш еилашуан аҳаиртә баӷәаза. Ҳаирпланк дҭарҵеит Курина апилотцәа рааигәара аидара ахьақәыз. Асалон ауаа рацәа ҭан, рыбжьгьы цәгьан.
"Ус урыс ҷкәынцәақәак ааргеит идыреибашьырц ирҭахыз, аха мап зкыз 5-ҩык раҟара ыҟан. Аҷкәынцәа амла иагон. Сара шәысзыӡырҩла сҳәеит. Урҭ сҽырзааигәастәит. Командаҟаҵаҩс сҟалеит ажәакала", - иҳәоит дыччо Кәырина.
Аветеран ишигәалашәо ала, Георги Хаиндрава аҳаирплан дхалан ишышьҭымԥраауа рылеиҳәазаап. Ауаа аҳәҳәара иалагеит игәамҵны.
"Ари сара скапитан иҟаз иҳәеит. Хаиндрава даапкит, ааит, иззын угәырҩода, ҳара ҳаҷкәынцәа ирзаҳаура ҳаздырам иҳәеит. Ауаа гәамҵуан. Иԥшын санылбаарго ҳәа исыжәларц. Сылбааргонаҵы, ԥыҭкгьы саахеит. Исыцыз акомендатурауаа Џьаба идҵа нарыгӡароуп, аиҭныԥсахлара саздырхиароуп. Иахьааргаз сеидроу "Урал" рыман иаан атрап иаддыргылеит. Ԥыҭк сдырныҟәеит машьынала, аха зегь акоуп аҳаиртә баӷәазахь игьежьит", - игәалашәоит Кәырина.
Аҳаиртә транспорт шьҭыԥрааит, нас Қәҭешь итәеит абылтәы аҭаҭәаразы. Уи аамаҭазы анҭ аурыс ҷкәынцәа зегьы ирарҳәеит Кәырина дазусҭаз, Иоселиани ихаҭа аиҭныԥсахларазы ииҭаху аӡә шиакәу. Ажәакала, уи аинформациагьы дахьчон аӡә диламкьысырц азын.

Қарҭ

Бжьы мшы рыҽны Қарҭ днанагеит Нодар Шьаҟрыл. Уа иара иеиԥш инаргаз аԥсуаа рацәаҩын. Кәырина инысымҩа зныз ақьаадқәа - Қарҭ Ақыҭанхамҩатә универститет аурыс гәыԥ амеханизациа аҟәша дышҭаз зҳәоз, уаатәи акомендатура ахаҭарнакцәа руаӡәы илаԥш иҵашәеит ари. Анаҩсан, уаҩы ихаҿы ишизаамгара аҽаԥсахит ҳаибашьҩы иҭагылазаашьа. Иара дихагылан курск аҿы аҵара ицызҵоз иҷыдоу архәҭа (спецназ) акомендант. Нодари уоума, уара, ҳәа дҵаауа.
"Сидырит. Сыжәла аниба иџьеишьеит. Дааин, дазусҭаз саҳәара далагеит. Сара дысзымдырӡеит. Сыргеит Сабурҭало ареспубликатә хәшәтәырҭахьы. Абри аҷкәын аусқәа реиҿкаара далагоит. Аҳақьым хада иарҳәеит ари аиҭныԥсахларазы даҳҭахуп дыхәшәтәтәуп ҳәа. Иуаҩразы иҟаиҵаз џьысшьоит сара иахьагьы уи акомендант. Уи ибзоурала сзацәажәаша ауаа сыԥшааит. Исҭахын аинформациа адәахьы идәылҵырц, са стәқәа ираҳарц. Апрофессорцәа аарган, напы сыларкит. Сбааны сцон. Абри зегь аанкыларазы ахәшәқәа аҭахын. Сыдрыцқьеит. Ҩыџьа ахьчаҩцәа сыддыргылеит. Ас ианыҟоу уҭагылазаашьа - аҭәиц уахьынҳалоит. Руаӡәы акино аепизод аҿы иҽҭиххьан, дыздырит. Ианиасҳәа, аччара далгеит. Абас аконтактқәа ҟасҵо салагеит сыԥсы ахәанга шҭазгьы. Ауаа соуит амедицина адагьы. Уа сҭынха ԥҳәыск дынхон амедикцәа рыла илаҳан, сбара дааит, афатә исзаалгоз сыхьчацәа ирҿасҵон, исзааигәастәуан уи ала.
Светлана Альмешева - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2022
Аԥсны
Светлана Альмешева: аибашьра ианналага инаркны, сара издыруан иҟасҵашаз

"Ус Шеварднаӡе спалата дааҩналеит"

Ахәшәтәырҭаҿы Кәырина дԥырҟеит, ацхыраара ирҭеит. Абар нас иҟалаз ахҭыс шеиҭеиҳәо: "Анаркозгьы цқьа салымҵыцызт. Спалата ашә аатын сыпрофессор дааҩналт. Уи ишьҭагыланы авидеокамерақәа рҿаархеит. Ус Шеварднаӡе спалата дааҩналеит. Иԥжәоз аграната сымазар, иҿасыжьрын. Абри схаҿы иааиаҟьеит азныказ. Анцәа, усхыччома сгәахәит?! Снаркоз исеилнаркаауамызт имҩаԥысуаз закәыз. Сара сахьышьҭаз аҭыԥантәиқәа ракәын ишьҭарҵоз, убарҭ рбара днеизаап иара. Ахәцәа рбара дшаҿыз, ари спрофессор иҳәеит аԥсуа дшышьҭоу, аиҭныԥсахларазы дшырҭаху. Нас, "игәыҳалалу ақырҭуа медицина" егьи уҳәа аӡыргара ҟарҵарц акәхап, спалатахь дааргеит. Апрофессор иҳәеит даара сшыӷәӷәоу, исаахаз ахқәа руак суаҭәа аҵаҟа аурологиатә цәеижьыхәҭқәа иналҟьаны ишцаз. Шеварднаӡе дсазҵааит "Аԥҳәыс думоума?" ҳәа. Ааи сҳәеит. "Ахәыҷқәа?" деиҭаҵаахт иара. Мап сҳәеит. "Аи, аи, аи, иуԥсыхәозеи" иҳәахт, сгәырҩа дагаӡошәа. Ажәакала, ажурналистцәа иӡырыргеит Шеварднаӡе иара итәқәа реиԥш аԥсуа еибашьыҩгьы ибара дшыҟаз - аполитикатә спектакль ықәдыргылт. Ари зегьы ҭыхны ауаа иддырбеит. Уи заҳаз "Белый орел" бҭахума, зегьы интересс сышьҭырхит. Ара Аҟәа ақырҭқәа ианраҳа - ааит, ҳара ҳтәқәа ҭахоит, асепаратист ибара дышԥанеи рҳәазаап Шеварднаӡе изы. Иҟоуп авидео сара сшырыԥсахуаз аҳәаанырцәтәи аканалқәа иҭырхуаз",–абас иџьшьахәу ахҭыс сирҳаит Кәырина.
Иара уа дахьышьҭаз иаҳаит Аҩнуҵҟатәи аусқәа иртәыз абахҭаҿы иҵегь аԥсуаа шҭакыз. Иҩыза иеиҳәеит зегь еиҭнырыԥсахлоит, аха ҷкәынак далашәом ҳәа. Џьон Зарандиа иакәын уи. Кәырина иҩыза ила уигьы арахь даларҵартә дақәцәажәеит.
© Foto / Нури ГобечияНодар Шакрыл
Нодар Шакрыл  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2023
Нодар Шакрыл

Аиҭныԥсахлара амш

Аветеран иажәақәа рыла, Қарҭтәи аҳаирбаӷәазаҿы адәы иқәдыргылеит еиҭнырыԥсахлоз. Кәырина дызгыломызт, асакаса даниалан. Авидеокамерақәа аҿакны рҿахәқәа рҿырхуан ирыԥсахуаз. "Угьежьыр узлагои?" ҳәа азҵаара аҿаадырхеит Џьон Зарандиа иахь.
"Савтомат шьҭыхны еибашьра сцоит", - иҳәеит иара, даарныцәҳаны.
Ари Кәырина илымҳа иааҭасит.
"Иансаҳа еилыскааит аус шҽеимыз. Сара исылшоз ҟасҵеит иаргьы асиа далашәарц, иара уажә зегь бжьихыр алшон. Сыбжьы аардуны аӷызра салагеит. Ани аҵара сыцызҵоз акомендант даасхаххит. Уара абни аҷкәын абрахь дсыҭ, ӡык сиржәлап ма сҳәеит. Данааига – уара удагәоуп, уара уҿаҳауп, абра сааигәа уҟазаауеит сҳәан, априказ наисҭеит. Џьон Зарандиа дфырхаҵоуп, аиашазы", - абас ихиркәшеит Кәырина Қарҭ даныҟазтәи ахҭыс аҭоурых.

Џьаҳаным уҭызго аҟазшьа

17 мшы рыбжьысит данырхәызи данырыԥсахызи сзацәажәоз аветеран Нодар Шьаҟрыл. Абҵара 23 1992 шықәсазы имшира аҩны даԥылеит. Аиаша ҳҳәозар, игәабзиара аиҳарак аибашьра адәаҿы инижьит, аха қәашьс иман аҩныҟа ахынҳәра. Иарбан ҟазшьоу иара ихәаз, дызҭаз џьаҳаным дҭызгаз азы игәаанагара абас иҟоуп:

"Саныбжьаӡ ҳҭахцәа саб иҿы инеит иҟалаз иарҳәарц. Иԥсы ҭанаҵы бааԥсра ҟаимҵацызт, икәша-мыкәша ауаа еизигон акәымзар. Иԥсы ҭазар - амҩа иԥшаауеит аҭагылазаашьа алҵразы ҳәа реиҳәеит", - абас саҭеикит Кәырина. Иара аҵара ицызҵоз ақырҭуа коменданти иареи анеиԥырҵуаз, "Сара сҭыԥаны уҟазҭгьы, уаргьы убасҵәҟьа уныҟәон", - иҳәеит. Уи ихьӡ имҳәеит аветеран Шьаҟрыл. Иҟалап, иаҭахымзаргьы….

Шеварднаӡе Кәырина игәабзиара "акыр хьаас ишьҭихзаргьы", аибашьра ашьҭахь хәҩык ахшара иҵагылеит - ԥшьҩык аԥҳацәеи ҷкәынаки драбуп. Гагратәи ажәылара ашьҭахь иара ианашьан "Агәымшәараз амедал". Дынхоит Гәдоуҭа. Аибашьра ианалагоз 30 шықәса ихыҵуан, Гәдоуҭатәи апрофессионалтә техникатә ҵараиурҭаҿы аус иуан.
Ажәабжьқәа зегьы
0