Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амшцәгьа иахҟьаны амҩабжа иаанхаз адәыӷбақәа рпассаџьырцәа рымҩангара еиҿкаахоит

© Foto / Анна Сивякова Из-за ливней что прошли ночь движение поездов приостановлено
Из-за ливней что прошли ночь движение поездов приостановлено  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2023
Анапаҵаҩра
Гагра араион иҟалаз амшцәгьақәа ирыхҟьаны Аԥсны адәыӷбақәа рныҟәара аанкылоуп.
АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араион аҟны иҟалаз амшцәгьақәа ирыхҟьаны амҩабжа иаанхаз адәыӷбақәа рпассаџьырцәа рымҩангара еиҿнакаауеит "Аԥснеихамҩа". Абри атәы иҳәеит "Аԥснеихамҩа" анџьныр хада Леонид Ҟәыруа.
"Ареспубликатә мҩаду хада аартызар, "Аԥснеихамҩа" иалшоит адәыӷба апассаџьырцәа рымҩангара. Ус еиԥш аус еиҿаҳкаауеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Ҟәыруа иазгәеиҭеит, афымцадәыӷба "Ласточка" Гагрантәи асааҭ 7:30 рзы Шәачаҟа амҩа иқәларан иҟаз шзымцаз. Апассаџьыртә дәыӷба "Аҟәа-Москва" Цандрыԥшь иазааигәаны ишаанхаз, адәыӷбақәа "Санкт-Петербург – Аҟәа", "Тҟәаԥс-Гагра" рныҟәара аамҭа ԥсахуп.
Гагра араион аҟны илеиз ақәаршҩы ӷәӷәа аԥхасҭа анаҭеит ареспубликатә мҩаду хада ахәҭак, иарбгеит хыбрақәак. Амшцәгьа ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхраз аҭыԥаҟны аус руеит Гагра араион акоммуналтә усбарҭақәеи АҶА аусзуҩцәеи.
"Аԥснеихамҩа" аҟны ишазгәарҭаз ала, ақәаршҩы иара убасгьы ааха анаҭеит Аныхаԥсҭа ақыҭа иахьаҵанакуа аихамҩеи ашьаҟақәеи. Адәыӷбақәа рныҟәара аамҭала иаанкылоуп.
Ливень размыл дорогу в Гагре - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2023
Аԥсны
Гагра араион илеиз ақәаршҩы амҩа хадеи ахыбрақәаки аԥхасҭа ӷәӷәа анаҭеит
Ажәабжьқәа зегьы
0