Здание репатриации - Sputnik Аҧсны, 1920
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

"Сыҩныҟа сааит": Фаруқ Лазариа ихьышьҭрахь дшыгьежьыз атәы еиҭеиҳәеит

Анапаҵаҩра
Арадио Sputnik апроект "Зхьышьҭра змырӡыз" дсасны даҭан аҭоурых ӡеибафара иахҟьаны зыԥсадгьыл иаҟәыгахаз, акыр шықәса рнаҩс Аԥсныҟа ихынҳәны забдуцәа рџьынџь аҟны анхара илагаз Фаруқ Лазариа.
Иара аефир аҟны еиҭеиҳәеит, ԥшьышықәса раԥхьа ихатәы мчқәа рыла Аԥсны анхара дшалагаз, ус еиԥш игәҭакы иҭаацәа ишрыдыркылаз, адгылара ширҭаз иԥҳаи, милаҭла иаҭырқәцәоу ихатә ҩызеи, имаҳәи.
2023 шықәсазы 30 шықәса ҵит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәаразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоижьҭеи. Арадио Sputnik апроект "Зхьышьҭра змырӡыз" аҿы ишәаҳар шәылшоит Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа, рхәыцрақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0