Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиура зылшо рыхьӡқәа ҳәоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Национальная библиотека Абхазии
Национальная библиотека Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2023
Анапаҵаҩра
Алитература, аҟазара, архитектура русхк аҟны Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа рыҭара ареспубликаҿ ес-хышықәса имҩаԥыргоит.
АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Алитература, аҟазара, архитектура русхк аҟны Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиура зылшо рыхьӡқәа ҳәоуп. Абри азы Sputnik адырра анаҭеит Аԥсны акультура аминистрра.

Арахь иаҵанакуеит: Мадина Аргәынԥҳа лықәыргыламҭа аспектакль "Сариа", Инна Аҳашԥҳа лажәеинраалақәа реизга "Аԥсыраӡа", афильмқәа "Зураб Ачба", "Атеррор ду. Ҩарданаа рхылҵшьҭра алахьынҵа", "Аслан Оҭырба", "Ауахҭа", "Аԥсны адоуҳа" – Асҭанда Қьецԥҳаа, асахьаҭыхыҩ Нугзар Логәуа ирҿиамҭақәа, "Аԥсуа реквием" – Нодар Ҷанба, Шебзухова Лариса Рушьбеи Смыр ипоема "Семра" абаза бызшәахь аиҭага.

Иаиааиз рыхьӡқәа рылаҳәахоит 2023 шықәса анҵәамҭаз.
Алитература, аҟазара, архитектура русхк аҟны Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аицлабра рылаҳәан сынтәа, хәажәкырамзазы. Акомиссиахь азыҳәақәа рыдыркылон рашәара 1 аҟынӡа. Аԥхьахә рыҭахар алшоит 2020-2022 шықәсқәа рзы иҭыжьыз арҿиамҭақәа.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа шьаҭаркын 1967 шықәсазы. Раԥхьатәи алауреатцәа - Баграт Шьынқәба, Иван Папасқьыр.
Предпремьерный показх спектакля Сария в драмтеатре - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2022
Аԥсны
Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс лҭоурых еиҭазҳәо раԥхьатәи аспектакль
Ажәабжьқәа зегьы
0