Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи ажурналистцәа Москва имҩаԥысуаз апроект SputnikPro амастер-классқәа ирылахәын

© SputnikТретья серия мастер-классов "SputnikPro
Третья серия мастер-классов SputnikPro  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.07.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" ажурналистцәа Москва имҩаԥысуаз апроект SputnikPro амастер-классқәа ирылахәын.
Ажурналистцәа ирзеиҭарҳәеит иахьатәи атехнологиа ҿыцқәа ахархәашьа зеиԥшроу, зеилкаара мариоу абызшәала атекстқәа аҩразы иҟоу амаругақәа ртәы.
"Алекциақәа иҳазрыԥхьоз ҳдыррақәа реимдаразы ҳаицәажәаларц рҭахын. Уи шьахәын, гәахәарыла сӡырҩуан", - иҳәеит "Аԥсныпресс" аҭыжьҩы-аредактор Аслан Занҭариа.
© SputnikАԥснытәи ажурналистцәа Москва имҩаԥысуаз апроект SputnikPro амастер-классқәа ирылахәын
Третья серия мастер-классов SputnikPro  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.07.2023
Аԥснытәи ажурналистцәа Москва имҩаԥысуаз апроект SputnikPro амастер-классқәа ирылахәын
Амастер-классқәа ирылахәыз аҭыжьра иазыхиоу аматериалқәа шеиҿкаатәу рзеиҭарҳәеит: ахы шаҭатәу, афото шыԥшаатәу, еиуеиԥшым асмаилқәа рхы ишадырхәо уҳәа. Хықәкыла иазааҭгылан асоциалтә ҳақәа рахь аматериалқәа шеиқәыршәатәу.
Ажурналистцәа дара-дара рԥышәа еимырдон, ртәылақәа рҟны ажурналистика иамоу аҟазшьа ҷыдақәа еиҭарҳәон, ртәылақәа рҟны аполитикатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу иазааҭгылон.
Амастер-классқәа ирылахәын ауаажәларратә усзуҩцәеи ажурналистцәеи Молдова, Аахыҵ Уаԥстәыла, Ермантәыла, Ҟазахсҭан, Узбекисҭан, Кырӷысҭан, Таџьикисҭан атәылақәа рҟынтәи.
© SputnikАԥснытәи ажурналистцәа Москва имҩаԥысуаз апроект SputnikPro амастер-классқәа ирылахәын
Третья серия мастер-классов SputnikPro  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.07.2023
Аԥснытәи ажурналистцәа Москва имҩаԥысуаз апроект SputnikPro амастер-классқәа ирылахәын
Ажәабжьқәа зегьы
0