Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: ауниверситет аҿы абитуриентцәа рышәҟәқәа рыдкылара аҽҳәара ацҵара атәы

Хра злоу ахҭысқәа: абитуриентцәа ауниверситет аҿы рышәҟәқәа рыдкылара аҽҳәара ацҵара атәы
Анапаҵаҩра
ААУ аҿы абитуриентцәа рдокументқәа рыдкылара иацҵоуп 7-хырхарҭак рыла. Адкылара мҩаԥыслоит ԥхынгәымза 18 инаркны 27 рҟынӡа. Ас еиԥш иҟоу аӡбамҭа мзызс иамоу, иарбан занааҭқәа рыла адкылара иацҵахо, насгьы иарбан хырхарҭақәоу иахьа еиҳа азҿлымҳара ззыруа аҿар, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша анапхгаҩы Алхас Чхамалиа.
Сынтәа ААУ аҭаларазы адкылара рылаҳәан 38 хырхарҭала. Иааидкыланы иахьазы иалаҵоуп 654 арзаҳал. Урҭ рахьынтә 633-ҩык абакалавриат азы, 18-ҩык амагистратурахь, хҩык-аҩбатәи иреиҳау аҵара роуразы, ҳәа адырра ҟаиҵеит Чхамалиа аиҿцәажәараҿы.
Арзаҳалқәа есышықәса еиԥш имаҷуп аматематика, афизика, абнанхамҩа, аиҭагаҩ уҳәа азанааҭқәа рахь. Зегьы реиҳа азҿлымҳара рымоуп - аекономикактә факультет, аҭоурыхтә, афилологиатә, ҳәа азгәеиҭеит иара.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0