Урыстәыла

Урыстәыла Абанк хада 2022 шықәса цәыббрамзаахыс раԥхьаӡакәны ихадоу азыԥҵәа шьҭнахит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЦентральный банк России
Центральный банк России - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.07.2023
Анапаҵаҩра
Ари 2022 шықәса цәыббрамзаахыс раԥхьаӡакәны аԥара-кредиттә политика зырӷәӷәо шьаҿоуп.
АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Урыстәыла Абанк ахәашаҽны раԥхьаӡакәны ихадоу азыԥҵәа процентк ишьҭнахит - ашықәстә 8,5% аҟынӡа.
"Урыстәыла Абанк анапхгаҩцәа Рхеилак 2023 шықәса ԥхынгәы 21 азы аӡбра аднакылеит ихадоу азыԥҵәа шьҭанахырц (100 б.п.), ашықәстә 8,5% аҟынӡа", - аҳәоит адырраҭараҿы.
РИА Новости зазҵааз аналитикцәа азыԥшын 0,5-1 процентн ишьҭыххоит ҳәа, амааҭ акурс алаҟәра инадҳәаланы аинфлиациатә шәарҭақәа ираԥнагаразы. 2013 шықәса рзы Урыстәыла ихадоу азыԥҵәа аналаргала ашьҭахь АХ акраамҭа иара мԥсахкәа иааннажьхьан х-аамҭахҵәахак рзы.
2015 шықәсазы аҭышәныртәалаҩ азыԥҵәа 11% иланарҟәит, 2020 шықәсазы - 4,25%, 2022 ахԥатәи аамҭахҵәаха аан ашықәстә 7,5% рҟны иҟан ф-еилатәарак раамҭаз. Убри аан Абанк хада маҷ-маҷ ԥхьаҟатәи ашьаҿақәа ирызнеиуан: уажәы аҭышәныртәалаҩ имҩаԥысуа аинфлиациатә нырра азҳара аҭагылазаашьаан ахәшьара анаҭалоит иааиуа аиалцәажәараан азыԥҵәа аизырҳара аҭаху-иаҭахыму. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Урыстәыла аинфлиациа еиҳа аҽарццакит: ашықәстә рбагала иара рашәарамза анҵәамҭаз 3,25% инеиит, лаҵарамзатәи 2,51% иаҿырԥшны. Ԥхынгәы 17 азы 3,86% рҟынӡа ихалеит. Урыстәылауаа аинфлиациа разыԥшра рашәарамзатәи (10,2% ) иаҿырԥшны ԥхынгәымзазы иаалырҟьаны ихалеит (11,1%).
Ажәабжьқәа зегьы
0