"Сара сфизиономистын ҳәа исыԥхьаӡон": аибашьра аветеран Ҭемыр Занҭариа игәалашәарақәа

© Foto / из архива Тимура ЗантариаҬемыр Занҭариа
Ҭемыр Занҭариа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.08.2023
Анапаҵаҩра
Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы иазлырхиаз анҵамҭақәа рсериа иацылҵоит. Иахьа иҳадылгалоит ҩынтә "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Ҭемыр Занҭариа иҭоурых.
Аҭынч ԥсҭазаареи аибашьреи хәыки-шьхаки рыбжьоуп. Иҭынчу, ашьац иаӷрамгыло адунеи иану ауаҩы, ахаҵара аамҭазы дузымдыруа дгәымшәаны дҟалар алшоит. Абас сизхәыцуеит аамҭаказ астуденттә ԥсҭазаара исыцалагылаз Ҭемыр Занҭариа. Иара аҵара иҵон Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиаҿы архитектура аҟәшаҿы. Иоура-иҭбаара уҳәа, Анцәа иишаз иакәны цәгьа еинаалоз аамысҭашәа ҟазшьа змаз арԥысын. Иахьеи уахеи азеиԥшынхарҭаҿы ҳаибабон, ҽнак ҳаицит азы, ҳиирамшқәагьы еицазгәаҳҭон. Талала ҳәа ахьӡҷыда змаз астудент иҟынтәи сиирамш азы иреиӷьыз ашәҭ ҿаҳәарақәа соуан. Аԥсныҟа иҵара хыркәшан даныгьежь, сажәабжь афырхаҵа аусура далагеит Аҟәа апроекттә институт аҿы. Ҭемыр Занҭариа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран (аинвалид) Валикәа Занҭариа диԥан, рҭаацәараҿы ирызҳауан ҩыџьа аԥҳацәеи ҷкәынаки, даҽакала иаҳҳәозар, аиҳәшьцәа рашьа заҵәы иакәын.

Ателевизор аҿакын

Ҭемыр дреиуам иаразнак абџьар аашьҭыхны еибашьра ицаз, иара раԥхьатәи амшқәа рзы иааилгарашәа агәаанагара иоуит. Убри иахҟьаны, архитектор қәыԥш ҩымз инарыцны аоккупациа зызуаз аҳҭнықалақь далахеит, раԥхьатәи амшқәа рзы ақалақь ааныжьразы алшара шимазгьы. Уажәгьы дазхәыцуеит, ус ишԥаҟалеи, ишԥасзеилымкааи ҳәа…

"Сцар сылшон инагӡаны аибашьра ишалагоз здырыр. Агәра згаӡомызт. Ҩымз ирылагӡаны Аҟәа сыла иабаз атәы сҳәазар, аибашьраҿы сара еиҳа исзымариан", - абас иажәа хациркит аветеран.

Аибашьра ҽнак шагыз август 13 аԥшьаша Тамшь иашьцәа рҿы Ҭырқәтәылантәи иааз рыжәлантәқәа раҳаҭыразы идырхиаз аишәа дахатәан Ҭемыр.
"Вианор Занҭариа иҩны ҳаҟан. Уахынла асааҭ 12 шыҟаз ҳашьцәа Зазеи Аслани убра инеит еиқәных, уаҵәы аибашьра иалагар ҟалоит рҳәеит. Сара иџьасшьеит. Дара Жәыргьыҭҟа иҟазаарын иԥшыхәырц, иҭырҵаауан аҭагылазаашьа. Сара уамашәа избеит уи, агәра агарагьы сылымшеит… Адырҩаҽны асааҭ 12 рзы абарҭ Тамшь иҳацыз аҷқәынцәеи ҳареи еибаҳҳәеит Аҟәа акаҳуажәырҭа "Амра" ҳаиқәшәоит ҳәа. Снеит уа, аха иҭацәуп, ауаа ыҟаӡам. Нас, Леуарса Быҭәба иҿы снеит. Леуарса дыҟамызт, иԥшәма дысԥылеит. Ателевизор аҿакын, ус Владислав даацәырҵит. Аибашьра ишалагаз саҳаит. Аусура санааи, Мирон Ҳагбеи сареи "Аидгылара" ахь ҳцеит абџьар азын. Акгьы ҳмоуит, нас Ачадара 8-тәи аполк ахьыҟаз, уаҟагьы иҭацәын. Убра ателевизор ала иаҳбеит авертолиот халан артҟәацгақәа шканажьыз", - абас иҳәоит Ҭемыр игәалашәараҿы инхаз ахҭысқәа рзы.
Раԥхьатәи амшқәа рзы аиҿцәажәарақәа рышьҭахь, ар еиваҳгоит анырҳәа, иааилашәшәоны Ҭемыр дцеит аиҳабыра рыҩнахьы.
"Хыхь схалан, Ренат Қарчаа дтәан Владислав икабинет адкыларҭаҿы. Зегь Ачадараҟа ицеит иҳәеит. Сара ҳжьаны ақалақь иалалар ҳәа схәыцит. Сгьежьит Ацҳа ҟаԥшь ахь. Аӡәгьы дсымбеит. Ацҳа снықәсын сдәықәлеит. 14-тәи ашкол ахьыҟаз аӡәгьы дыҟамызт. Турбаза Армеискаиа амҩаҿы сынхон, аҩныҟа сцеит Ачадара уаҵәы сцап сҳәан. Аҩны сани саби ыҟан. Ашьыжь ҳамҩа ианылаз атанкқәа рыбжьы саанарԥшит", - иҳәеит Ҭемыр аӷа инапаҵаҟа инхаз ақалақь дшалахаз игәаларшәо.
© Foto / из архива Тимура ЗантариаҬемыр Занҭариа Уссурииск аррамаҵзура данахысуаз аамҭазы
Тимур Зантариа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.08.2023
Ҭемыр Занҭариа Уссурииск аррамаҵзура данахысуаз аамҭазы

Аихацла ичаԥаз ауада

Абасала ақалақь агәаны даанхеит аԥсуа арԥыс. Даараӡа игәаӷьыуацәоуп иара дзықәшәаз аиҭаҳәара.
"Ари аҭоурых хьанҭоуп. Сара сбаандаҩыртәит. Ашьразы сыргахьан, исыххысаауа. Саб дааныркылахьан... Ақьафурҭа "Ельбрус" ахьыҟоу убрантә сыргеит. Гагра аныргоз ауха сҩыза иҿы сыҟан, Алашарбагантәи ҳа ҳтәқәа дәықәлар сырзааигәахан сырԥылап ҳәа. Уи ауха раԥхьаӡа акәны Аҟәа алашара дырцәеит. Алимонка сыман сара. Уи ала сжәылап, автоматк сызгар са стәқәа срыцылап сгәахәит. Сара раԥхьа сааныркылеит Гуриатәи абаталион ҷыда ахаҭарнакцәа, нас ррезиденциахь сыргеит. Рембо сакәызшәа сыџьшьаны исыхәаԥшуан. Сасааирҭак аҿы итәан. Зыԥсы ҭоу аԥсуа ибара интересыс ирыманы исҿаԥшуан. Дара автоматқәа ркын, сара мчыс исымааз, аха исыцәшәон, избан сыздыруам. Сагьарччон, сагьаршәон уи аҭагылазаашьа. Ркомандир дааит ус. Сара иасҳәеит сазусҭоу, аха уабаздыруеи иҳәеит. Сосо Ахалаиа икоманда аҭыԥантәиқәа алоуп, убрахь усышьҭуеит иҳәеит. Ус ҷкәынак автоматк кны дааҩналан, акомандир ак иеиҳәеит. Сара Қарҭ аҵара сымҵоз, рбызшәа здыруан, ииҳәаз еилыскааит. Сара дсышәҭ, дахьгатәу, изутәу здыруеит иҳәеит. Акомандир мап икит. Егьи дӷьаҵәыӷьаҵәуан сара дысшәҭ ҳәа. Гагра анырга ашьҭахь акәын, октиабр 7 рзы. Гагратәин иара ишеилыскааз ала. Ишәзымдырӡои иҳәеит аԥсуаа Гагра иҟарҵоз? Аха, сирымҭаӡеит", - еиҭеиҳәоит аветеран.
Нас, машьынак ныркылан Ҭемыр дынҭадыртәеит Сосо Ахалаиа иахь дыргарц. Ани Гагратәи аҷкәынгьы дрыцрыҵуамызт, ма ишьапқәа среихсуеит иҳәозаарын.

"Руаӡәы дысхылаԥшуа далагеит. Уи иреиҳәеит акгьы изымукәа Сосо Ахалаиа иахь сыргарц. Ахалаиа иштаб ахьыҟаз рыздыруамызт аҟынтә, сааргеит Аҟәа амилициа аҟәшахьы. Аихацла ичаԥаз ауада сынҭаркит. Ажәакала, Џьамал Рапава иҿы снаргеит. Исҳәеит сазусҭаз, аус ахьызуаз. Абас сааныркылеит сҳәеит. Сара арапорт сымоуп, Ахалаиа иахь усышьҭырц сыхәҭоуп иҳәеит. Машьынак сынҭадыртәеит дырҩегьых. Иуҳарбап рҳәеит, уҭыԥ уқәаҳҵап рҳәеит. Уантәи арратә полициахь сааргеит Аҟәа авоенкомат ахьыҟоу", - игәалаиршәоит Ҭемыр данырытҟәаз.

"Арезидент" Занҭариа

Авоенкомат аҿы Қарҭынтәи иааз агвардиауаа ыҟан. Акыр игәаӷьыуацәазаргы аиҭаҳәара, абас иҳәоит аветеран уи амш хлымӡаах дазааҭгыло:
"Убра снарган сырҳәацәара иалагеит ԥшьҩык. Аибашьраҿы иршьуа ибаргәуи? Сеилыхны исыӷрасуан гыгшәыгҵас. Сара сыбжьы сыргаӡомызт. Абас хьӡыда-цәада сыршьыр сҭахымызт аиашазы. Нас ицан сабгьы дааргеит аҩнынтәи. Сыҷкәын дсышәмырбакәа сшәацәажәом ҳәа реиҳәазаап аҩны ианнеи. Аиҵар хәыҷык (табуретка) снықәдыртәан, цахақәак сырҭеит ашьа исҿашыз срыцқьарц. Укаҳар уаҳшьуеит рҳәеит. Сҿы срыцқьан стәеит. Акоридор аҿы саб дызбеит. Иаргьы уаҳшьуеит ҳәа иқәымчуан. Акомендант уажәы-уажә дааиуан. Цвилаӡе ижәлан ҳәа сыҟоуп. Изакәызеи иҟашәҵо, ара ауаа рырҳәацәарҭа аума иҳәан, аҭыӡшәа шьҭихыхт иа итәала. Аха уамак ихы алеигаломызт изҿыз. Саб данааргоз аҩнынтә иааргеит агазеҭ "Аидгылара", - игәалаиршәоит авоенкомат аҿы иҟазаара Ҭемыр.
Аб дааргарц аҩны ианнеи, агазеҭ адагьы ирбеит 1989 шықәсазы аԥсуаа ирҩыз ашәҟәы, нас архитектор қәыԥш инапы злакыз ахсаалақәа. Арҭ ршаҳаҭга хаданы иҟарҵеит "арезидент" Занҭариа ирҳәацәаразы.
© Foto / из архива Тимура ЗантариаҬемыр Занҭариа
Тимур Зантариа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.08.2023
Ҭемыр Занҭариа
"Сара сархитекторуп сҳәеит. Сара иабаздыруаз аибашьра шыҟалоз, еиуеиԥшым архитектуратә хсаалақәа ҟасҵон сҳәеит. Аҟәа афуникулиор апроект саҿын сҳәеит, аха исҳәоз заҳауадаз", - иажәа иациҵон Ҭемыр.
Ақырҭқәа аҩны анеимырдоз ирбазаап Ҭемыр иаб Киев инхоз, арра ицыҟаз Иван Дубина изиҩуаз асалам шәҟәы. Ара аибашьра шцо уҳәа ажәабжьқәа зныз. Нас, аб телевизорла сентиабр 3 рзы Ельцин, Шеварднаӡе, Арӡынба амшын агәаны еиԥылоит ҳәа иаҳаз ақьаад ианиҵаз зынӡа еиланагазаап. "Ари уара иуҩыма?" - рҳәеит. Избоит саб ишиҩыз, аха ааи сҳәеит. Шифрограммоуп ари рҳәеит. Саби сареи фуникулиор ҳганы ҳаршьырц амашьына "Раф" дыргылеит. Аха убри аамаҭазы ақәаршҩы ҳәа атәыла бгеит. Амашьынарныҟәцаҩ мап икит ацара. Амш цәгьоуп, сбарбалқәа ҽеим уаҵәы ҳцап иҳәеит. Нас аполициахь ҳааргеит дырҩегьых. Саб доурыжьит. Сан илҳәон саб ауха шаанӡа дышҵәыуоз…" - игәалаиршәоит Ҭемыр.
Аветеран ишиҳәо ала, аҭыԥантәи турбазатәи ақырҭуа ҷкәынцәа Рапава иҳәан, Ҭемыргьы доурыжьит.
"Аҩны саннеи, аимаашьхәа саганы цәгьала сыҟан, аха сан уи лысмырбеит.", - абас иҟаз ахҭысқәа еиҭеиҳәоит Аҟәа иалахаз Ҭемыр Занҭариа.

Ан гәымшәа

"Сан лоуп сеиқәзырхаз", - иҳәон Ҭемыр ҳаицәажәонаҵы. Ҩынтәгьы дыргахьан Ҭемыр ақырҭқәа. Турбазатәи аҷкәынцәа даноурыжь адырҩаҽны еиҭа дааныркылт. Ақалақьтә милициаҿы днанагеит.

"Уа ахьчацәа срыцҳаршьо иалагеит. Убарҭ исарҳәеит сыршьырц шырҭаху. Уҩызцәа ираҳәа рҳәеит иуцхраарц. Шеварднаӡе президентс даналырхуаз октиабр 13 рыҽнынӡа сҭакын. Сан амгьал ӡны исызналгеит, аха сара сгәы иагомызт. Валера Аҳәба иҿгьы дыҟан сан. Сара акгьы сыӡбуам иҳәеит. Уи ашьҭахь Рауль Ешба дылбеит. Сан уи дидгылеит. Сара хаҭала сидыруан. Георги Хаиндрава дизасит иара. Аԥсуаа зегь ҭашәкуазар, нас саргьы сҭашәк иҳәазаап. Хаиндрава адҵа ҟаиҵеит соурышьҭырц. Сан убас дыҟан. Дшәаӡомызт. Дгәымшәан", - иҳәоит Ҭемыр иан длызгәыдуны.

Аҟәа алҵразы аплан

"Ноиабр аказы Каха захьӡыз издыруаз аӡәы Аҟәа салигарц сиҳәеит. Сгәыла аурыс ԥҳәыс лашьа Алашарбага аҳаблаҿы дынхон. Убри илҳәеит аҭыԥантәи ауааԥсыра ӷбала иалыргоит ҳәа. Аурысқәа иртәыз аҳәаахьчаратә архәҭа ыҟан убра. Машьынала ҳаигеит Каха, аха архәҭа ахьыҟаз дазааигәаны днеир ҟалаӡомызт, ақырҭқәа кылыԥшуан. Ҩыџьа аҳәса снаскьазгоз сыцнеит. "Ателефон ааншәыжь, аӷба аар аҭел сышәзасуеит", - иҳәеит апрапоршьик. "Ҟалашьа амам, џьара сышәҵәахы", - сҳәеит, аха мап икит, рпостқәа ыҟоуп ҳарбоит иҳәеит. Ианаму, сгәыла аурыс ԥҳәыс лашьа уа дынхон, уахь узгоит лҳәеит. Сжакьа аушьҭны сыҟан аӡәгьы сизымдырырц. Анцәа дыҟоуп, ҷкәынак 15- ҟа шықәса зхыҵуаз дҳақәшәеит. Уи иҳәеит ара агвардиауаа шыҟаз. Уи аҩны ҳавсит иаҳаулак. Нас урыс хаҵак иҿы ҳнеит, иасҳәеит сиҵәахырц. Аҩны ашьҭахь игылаз қәацәк сыҩнеиҵеит. Иапониатәи адетектив сзааигеит саԥхьаларц. Аԥхьара салагеит, аха иаҳәоз сызгәынкыломызт. Убри аамҭаз, агәыла лыџьма убра иааҩналан, хәмарраха иасит. Ақәацә ашә ҿамызт, ааигәа азвиадистцәа нхон, сырбар ҳәа сшәон, арахь аџьма иауамызт", - абас ихаҭагьы иахьигәалашәо дарлахҿыхуа еиҭеиҳәоит Ҭемыр ақәацә иҩналаз аџьма дараргамарц акгьы шагымхаз.
Митиа Хьиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2023
Аԥсны
Митиа Хьиба: "Смашьына алыхәҭеиԥш икылыҵәҵәа иҟан…"

Авертолиот абжьы

Ҭемыр зҿы иҽиҵәахыз аурыс хаҵа - абра авертолиотқәа тәоит, ауаагьы алыргоит, урацәажәар, иуқәҿиаргьы ауеит иҳәазаап.
"Убри аамҭазы авертолиот абжьы геит. Ҳаҩып, ҳахьӡозар иҳәеит аԥшәма. Ашьҭыԥраарҭа бетонла ичаԥаны иҟаз агәара акәыршан. Агәашә аартын, авертолиот убри аамҭазы аԥырра аҽазнархион. Сыҭрысны сыҩит. Ашә асра салагеит. Даацәырҵит аполковник. Сҭаҵа суҳәоит сҳәеит. Ақырҭуа ган азин снамҭакәа иауам иҳәеит. Агәнаҳа ухахьы иумган, сара саԥсыуоуп, саанхар сыршьуеит сҳәеит. Даахәыцын, сҭаижьлеит. Ашә аиркит. Иԥрит амшын аганахь. Амшын санхыԥшыла, абра икаҳаргьы, сыӡсаны са стәқәа рахь снеиуеит ҳәагьы саахәыцит. Ибзианы сыӡсон сара. Ноиабр хьшәашәагьы хьаас исымамызт. Ажурналист Владимир Ҳашбеи сареи убра ҳаиқәшәеит. Авертолиот уанҭала, абар ақырҭуа дахьааиз ҳәа сгәы иаанагеит иҳәеит иара. Са сзы дааит сгәахәит иҳәеит. Дук мырҵыкәа Гәдоуҭа Бамбора ҳдыртәеит", - абас инҵәоит Аҟәа иалаханы иҟаз имыҟәмабарақәа рсиужет.

Аполковник Заицев

Ихәланы Гәдоуҭа атәылахьчара аминистрра ахьыҟаз днеит Ҭемыр ноиабр акы ауха. Иидыруаз аинформациа риҭар иҭахын. Владимир Аршба иҿы днаргеит. Иҳәеит иидыруаз - абаржа ала 40 танк ақырҭқәа ишааргаз. Қарҭ Дмитрова азауад аҿы аҳаирпланқәа шыҭрыжьуаз. Ана-ара рырбџьармчқәа ахьгылаз. Иан ршаҳаҭгак изыҟалҵахьан Аҟәа даланыҟәаларц, уигьы ииҭеит ԥшыхәра ицозар рхы иадырхәаларц.
"Ауха сашьа Гена Чыгәба иҿы санааи, сҭаца Света Аҩӡба санылба, деилагеит. Уи дышҵәыуоз уажәгьы исгәалашәоит. Схәы ҟалҵеит, акрысҿалҵеит, нас слыриеит. Сара Аҟәа саныҟаз исҵеит алашьцараҿы аҽеилыхшьеи, аҽеилаҳәашьеи. Слымҳақәа адәахьы иҟан, абжьқәа зегь саҳауан. Адырҩаҽны ақалақь ахь сцеит. Санааи, сашьа Гена иҿы Колиа Џьонуа, нас абри сыԥсы еиқәзырхаз, авертолиот сҭазыртәаз аполковники снарыхҭыгәлеит. Уи аполковник Анатоли Заицев иакәзаарын. Уи исеиҳәеит уара ушьҭахь Аршба иҿы саныҟаз дсазҵааит уара узы - аршаҳаҭга иман, ҩымзи бжаки Аҟәа дыҟан, дазусҭахарыдашь ҳәа. Нас, аполковник еиҭеиҳәеит авертолиот сышҭалаз", - Гәдоуҭатәи иԥсҭазаара шалагаз еиҭеиҳәоит Занҭариа.
Адгур Какоба - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2023
Аиааира шаҳгоз агәра ҳгон: аибашьҩы Адгәыр Какоба игәалашәарақәа

Аминақәа рдәы

Гена Чыгәба Ҭемыр диашьан, арезервтә хәҭа акомандирс дыҟан, убри иеиҳәеит иҷыдоу архәҭа аиҿкаара ргәы ишҭаз Мрагыларатәи афронт ахь ашьҭразы. Убрахь иҽаниҵеит аԥхьа Ҭемыр. Ашьҭахь Ренат Қарчаа абаталион ҿыц аизгара далагеит. Никсон Адлеиба акомандир ихаҭыԥуаҩс дыҟан. Уи ажәыларатә баталион акәхон. Аинструкторцәа рыцырҵан рҽазыҟарҵон ахысра, аҩра. Ренат аформеи аџьаԥҳани иԥшаауан. Никсон акоманда ихахьы игаргьы илшон.
"Ианвартәи ажәылара жәдыруеит, акомандирра аҭаххара - акуп, аус анагӡара - даҽакуп. Ешыра аҩадахьы зны ҳцон, зны ҳхьаҵуан. 6-ҩык раҟара ҳбаталион иалаз ҭахеит. Абжаҩык ажәылара ицеит, абжаҩык нхеит, избанзар, зны шәца, зны шәхьаҵ рҳәон", - иҳәоит Ҭемыр ианвартәи ахҭысқәа рзы.
Даара игәы иалоуп аветеран ииультәи Цугуровкатәи ажәылара ахьынагӡамхаз. Усҟан уахь 4 баталионк халеит. Иара игәаанагарала, ихьамҵыр ауан. Аибашьра адәаҿы ахымҩаԥгашьеи агәымшәареи дрызхәыцуа, аветеран абас сеиҳәеит:
"Сара сфизиономистын ҳәа исыԥхьаӡон. Ауаҩы сиҿаԥшны лкаак ҟасҵоит ҳәа сгәы иснаҭон. Сҩашьеит. Абри аҽырбабара, адәахьала афырхаҵара уи акгьы шаанамгоз агәра згеит аибашьраҿы. Сара абри уиқәгәыӷыр ҟалоит ҳәа сгәы иззаанагоз ракәымхеит еиҳа игәымшәақәаз. Шрома аминатә дәы ҳақәшәеит. Аӡәы дахаԥжәеит Конџьариак, бзыԥтәин. Ишьапы амнахит, ибжьгьы имыргеит. Иҿы аиркит ибжьы аӷацәа ирмаҳарц азы. Дыҟоуп иахьагьы. Нас, даҽаӡә дахаԥжәеит. Уи ибжьы цәгьахеит. Ҳәарада, дара рыҵаҟа ҳаҟан, иаҳгәыдырҵеит ҳангәарҭа. Сара урықәгәыӷыр ауеит ҳәа сгәы иззаанагоз рыбжьы цәгьахеит. Сара исҳәеит ишыҟоу иҵегь амҩақәа, уи алаҳхыр шауа. Аминақәа ыҵаҳхып, нас ак ҳаӡбып сҳәеит, аха ирмаҳаит. Ус акәзаргьы, ҳаибашьра иазкны ифырхаҵаратәу асиужетқәа ӡыргалатәуп".
Абри атема иацҵо, Ҭемыр исыдигалеит абас еиԥш иҟоу аҭоурых:
"Сҩыза Толик Бигәааи сареи ҳаицын иҷыдоу архәҭаҿы. Уазабаа ҳшыҟаз хаҵак ҿиҭит санышәҵа хатәгәаԥхарала сеибашьуеит ҳәа. Дхалт, ари Толик иаб Мушьни иакәзаарын. Иԥа дишьҭаланы афронт ахь дааит. Ари аҵыхәтәантәи сентиабртәи ажәылара ианалагаз ауп. Толик усқәак рҵыхәала Москваҟа дцараны дыҟан, ажәылара ианалага дааит. Толик дысзаажәг, иашьа дыршьит иҳәеит аб. Иашьа Москва дшыҟаз здыруан, Арӡынба иҭаацәа ихьчон. Иԥа далигар иҭахын аб, уи ауп иҟалаз. Толик данааи, ианеицәажәа, аҽеибыҭара далагеит. Умаҭәақәа абаҟоу Москва узлацо ҳәа иаб дҵааит. Имаҭәақәа ара инижьит иара, иаб днаскьаганы уи ҿарԥас иҟаҵаны дгьежьырц. Сара сгьежьуеит иҳәеит Толик. Ҽнак-ҩымш рыла дгьежьит. Абри Толик уихәаԥшыр, иаразнак иузеилкааӡом дышгәымшәоу".
Геннади Каҷабаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2022
Аԥсны
Аибашьра адаҟьақәа: Пазана данырхәыз

Амра аҿаԥшра

Аҟәа аҭыԥқәа бзианы издыруаз рацәаҩымызт, икылкааны иԥшыхәшаз. Лиуда Ҭарба сара сшархитекторыз лгәалашәан, убра Ешыра аҩада сдыртәеит избо зегьы ахсаала ианысҵаларц. Февральмзазы акәын. Гәымсҭатәи ацҳа аҵкыс илаҟәны ҳаҟан, хыбрак аҿы ҳтәан. Акорректировка ҳәа изҿу саҿын. Кемпинг ҳаихсит усҟан раԥхьаӡа. Лбаа Ешырантәи ҳтанкқәа хысуан, са сахьтәазынтәи иауӡомызт. Февраль 10 аҽны БМП-2 абжьы зынӡа иааигәаӡаны исаҳаит. Аҭел ахь сеихеит иаразнак, иҭоурхар ауан азы. Лиониа Хышба иҩызцәеи иареи ирасҳәеит, арахь иҭалеит, ианҭыҵуазы шәыҽшәырхиа ҳәа. Ахысрақәа цон, сара аферымқәа ҳәа сҭел сҭаҳәҳәон. Санаахьаҳә, БМП ахы снаҿаԥшит. Сгәарҭазар ҟалап. Ихысит. Аҭӡамц скыднаҟьеит, нас скаҳаит адашьмаҿы. Сыхдырра анааи, сылақәа аасыртит, аха агьы збом. Аӷәраҵаҿы аҷкәынцәа ыҟан, уахь аҩнуҵҟатәи амардуан аман, аха ашә сзыԥшаауам, снапы сыхәом. Избеит ашьа сҿыҵкьаса ишцоз. Аҷкәынцәа рызҿысҭит шәсыцхраа ҳәа. Аҷкәынцәа сылбааргеит. Сҟәаҟәан сыҟан, сбушлат инаркны исшәыз зегь ԥырҟеит, нас ахьаа ртәага сыларҵеит. Асакаса санҵаны ԥшьҩык сышьҭырхит. Иаанымҿасӡакәа иҩны сыргон. Шәаанҿас, ҳаԥсы еиҭаҳкып ҳәа сыбжьы ҭыскааит. Асакаса аашьҭарҵеит, уи нахыс сыхдырра сцәыӡит. Сааԥшит, сыкәша-мыкәша зегь шкәакәоуп. Ауаа гылоуп. "Сабаҟоу?" - сҳәеит. "Уԥырҟеит, Афон агоспиталь аҿы ушьҭоуп", - рҳәеит. Ирҳәо агәра згомызт, ара сахьырхәыз сышьҭоу џьысшьоит. Ҽынла арантәи сызго амашьына зааиуам, уаханӡа исзыхгом сгәахәит. Сырзалымгаз џьысшьеит. Баша сгәы ҟарҵоз џьысшьеит. Даҽа знык сыхдырра сцәыӡит", - абас иҟан Ҭемыр данырхәызтәи амш.
Ҭемыр иани иаби декабр 1 азы иалҵит Аҟәа. Иара данырхәыз Гәдоуҭа иҟан. Гена Чыгәба иоуп Ҭемыр иаби иани иразҳәаз дышхәыз. Дабахәу анырҳәа, маҷк инапы, маҷк ихы, маҷк ишьапы рҳәазаап. Ргәы имышьҭырц азы дозала иреиҳәон ахәрақәа рыӡбахә.
"Изынхеи уара лҳәазаап сан, сыхәрақәа анеиқәырыԥхьаӡа. Сара исгәалашәоит амра саҿаԥшырц аколиаска саныртәаланы саб апалата сандәылигоз. Саб дрыцҳасшьон сахьихәаԥшуаз. Снапы сыхәомызт, сшьапы сыхәомызт. Краснодар ахәшәтәырҭахь сыргеит. Снапы аус ауа иҟарҵеит, нас сеиҭацеит еибашьра", - иҳәоит аветеран.
Ахәра ӷәӷәа иоузаргьы, уамак ибаргәымшәа ибон Ҭемыр уаанӡа данытҟәаз ихигаз аасҭа.
"Еиҿурԥшуазар, аибашьраҿы еиҳа исзымариан. Аибашьра ашьҭахь ԥхыӡла избоз Аҟәа акомендатураҿы саныҟаз ауп, аибашьра ахаҭа аасҭа", - иҳәоит иара.
Аиааира амш Гал даԥылеит Ҭемыр Занҭариа. Иара ишиҳәо ала, Арда Амқәаб дызхагылаз иаарласны анырра ҟазҵоз дара ротриад Геннади Адамиа дрытҟәеит Кьалашәыр…
Ҭемыр Занҭариа "Агәымшәаразы" амедал ҩынтә ианашьоуп. Иахьа аус иуеит Аҟәа ақалақь ахадара архитектура аҟәшаҿы. Иԥшәма Саида Зыхәбеи иареи ирааӡоит хҩык аҷкәынцәа. "Апроектҟаҵара сазхәыцӡом уажәы. Счынуаҩуп архитектура аганахьала", - иҳәеит иажәа хыркәшо аветеран Занҭариа.
© Foto / из архива Тимура ЗантариаҬеимыр Занҭариа имаҳәыла Даҭо Ешбеи урҭ рыҷкәынцәеи
Тимур Зантариа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.08.2023
Ҭеимыр Занҭариа имаҳәыла Даҭо Ешбеи урҭ рыҷкәынцәеи
Ажәабжьқәа зегьы
0