Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа ЕгрыГЕС аусушьа гәеиҭеит

© Foto / Пресс-служба Президента АбхазииАслан Бжания проинспектировал работу ИнгурГЭС
Аслан Бжания проинспектировал работу ИнгурГЭС - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.09.2023
Анапаҵаҩра
Ахада дырҭааит аӡхыҽҽа ГЕС1, амашьынатә зал, аӡхыҽҽа аӡеизакырҭа, адгьыл аҵатәи амашьынатә зал, акомандаҟаҵарҭа хада.
АҞӘА, цәыббра 1 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ЕгрыГЕС аусушьа гәаҭаразы аенергетикатә хыбра даҭааит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа аилацәажәара мҩаԥигеит аекономика аминистр Кристина Озган, Гал араион ахада Константин Ԥлиа, ЕгрыГЕС адиректорцәа рхеилак ахантәаҩы Леван Мебониа, "Амшынеиқәафымцамч" анапхгара, адепутатцәа Резо Занҭариеи Герман Качарааи алархәны.
© Foto / Пресс-служба Президента Абхазии

Бжьаниа ЕгрыГЕС аусушьа гәеиҭеит

Бжьаниа ЕгрыГЕС аусушьа гәеиҭеит - Sputnik Аҧсны
1/2

Бжьаниа ЕгрыГЕС аусушьа гәеиҭеит

© Foto / Пресс-служба Президента Абхазии

Бжьаниа ЕгрыГЕС аусушьа гәеиҭеит

Бжьаниа ЕгрыГЕС аусушьа гәеиҭеит - Sputnik Аҧсны
2/2

Бжьаниа ЕгрыГЕС аусушьа гәеиҭеит

1/2

Бжьаниа ЕгрыГЕС аусушьа гәеиҭеит

2/2

Бжьаниа ЕгрыГЕС аусушьа гәеиҭеит

Аенергетикатә комплекс аҭагылазаашьеи имҩаԥгаз аусурақәеи ртәы еиҭеиҳәеит ЕгрыГЕС адиректорцәа рхеилак ахантәаҩы Леван Мебониа.
Аиԥылараҿы ирылацәажәан ареспублика фымцамчыла аиқәыршәара ҭагалани-аӡынразы, афымцамч ахархәара рацәаны ианаҭаххо астанциақәа ршәарҭадара аиҿкаара.
"Сынтәа ҵыԥх аасҭа аҭагылазаашьа еиӷьуп, ус шакәугьы ҭагалан аӡы азымхара ҟалар ҟалоит, уи азы Урыстәылахь аҳәара ҟаҵатәуп ацхыраараз. Арҭ азҵаарақәа уажәнатә ирызхьаԥштәуп", - иҳәеит Бжьаниа.
Бжьаниа иажәақәа рыла, арҭ рҩызцәа аҭагылазаашьақәа еиуеиԥшым атәылақәа аниахьеит, аха урҭ риашан ҳаамҭазтәи аекономикатә знеишьақәа рхархәарала.
Ахада иҳәеит аенергетика аекономикатә закәанқәа ирықәныҟәалар шакәу.
"Ачазы, ачашылаз, аҭелтә еимадараз, егьырҭ атауарқәа рзы аԥара шаҳшәо аиԥш ахәԥса ахшәаалатәуп. Афымцамч ҳхы иаҳархәо тауаруп. Ахашәала аанагалароуп. Ҳара ҳҿы аенергетика аполитика иаԥыршьуеит. Ас ҟалом. Аенергетика аекономикатә закәанқәа ирықәныҟәалар ауп" - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Последствия аварии на ИНГУР ГЭС устранены - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2018
Хәымш рышьҭахь: ЕгрыГЕС аусура хацнаркит
Иара иҳәеит аӡхыҽҽа аус шауа, аха ахархәагақәа акыр ишықәсхьо.
"Адиспетчер иҳәеит ианаамҭо алашара ахьаҳмоуаз 80 млн мааҭ шаҳцәыӡуа. Уи аҳатә нхамҩа аҭагылазаашьа иахьыԥшуп. Аҳатә нхамҩа анормақәа ирықәшәо иҟазарц жәабала амиллиардқәа аҭахуп" иҳәеит ахада.
Ажәабжьқәа зегьы
0