Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ӡаԥшьԥҳа Аҟәа агаразы аҵыхәтәантәи ажәылараз: Ҳазшаз сеиқәирхеит, схәыҷы дрыцҳаишьеит

Дцон аԥҳәызба еибашьра: Ӡаԥшьԥҳа леибашьратә мҩа иазкны
Анапаҵаҩра
Агәымшәараз амедал занашьоу Зерафина Ӡаԥшьԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аа-шықәса зхыҵуаз лыԥҳа дааныжьны еибашьра дышцази, асцена иқәҵыз аҭыԥҳа агәырҟаҵара шылҵози, амина иахаԥжәаз лаԥхьатәи лыхәцәа ацхырара шрылҭози, Аҟәа агаразы аҵыхәтәантәи ажәылараан лхәыҷы лиирамш шыҟаз шылгәалашәази ртәы.
Аибашьра ианалагаз акыраамҭагьы сымцаӡеит, избанзар, сара акыр сыхьыр схәыҷы лымацара даанхоит ҳәа даара сазхәыцуан ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Ӡаԥшьԥҳа.
"Гәдоуҭа ҳшыҟаз саҳәшьагьы саргьы телехәаԥшрала иҳаҳаит аҳәсацәа рбаталион шеизырго азы. Исзымычҳаит аиашазы. Схәыҷы даашьҭыхны саҳәшьа лҿы снеит, абри шәнапы дануп, сара еибашьра сцоит ҳәа ласҳәеит. Иаахжәаны "избан сара дзызбо, бара дбала" ҳәа салҳәеит, уи сааннакылозшәа лбон. Нас иамуазшәа анылба "бха хьча, баҳәшьа дбыкәахшоуп" ҳәа салҳәеит",- илгәалалыршәеит аибашьра аветеран.
Зерафина Ӡаԥшьԥҳа аерманцәа рбаталион дақәшәеит. Лара еиҭалҳәеит, Галуст Трапизониан ишьапы амина ианыхнаҵәа ацхыраара шилҭоз, аибашьцәа иаанхо иаанымхо анырзымдыруаз ргәы шышьҭылхуаз.
"Аҟәа ахақәиҭтәраз аҵыхәтәантәи ажәылараан Гәымсҭа ацҳа ҳанықәс ашьҭахь асаркьа ахькыдаз аҭыԥан ҳаннеи, убри аҩыза аиҿахысра ӷәӷәа ҟалеит, даара ирацәаны аҷкәынцәа ҳацәҭахеит. Амандарин ҵла саҵианы автоматла аиҿахысра ҳшаҿыз исгәалашәеит- аҽны схәыҷы лымшира шыҟаз. Саанҿасын, ҳамҭас, сыԥсы ҭаны схәыҷы лахь Анцәа снаишьҭааит ҳәа сгәы иааҭаскит. Ус иагьыҟалеит…", - ҳәа илгәалалыршәоит аветеран.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0