Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Асериал "Аԥсны ҽнак зны" ҭыҵит аплатформа "Start" аҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукСъемки фильма "Противостояние"
Съемки фильма Противостояние - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.10.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҭырхуаз асериал апродиусер, ароль хада анагӡаҩ Ҭеимураз Ҭаниа, асценари ицзыҩҩыз – Руслан Шьакаиа, арежиссиор Ҭеимураз Кәакәасқьыр.
АҞӘА, жьҭаара 13 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акомедиатә сериал "Аԥсны ҽнак зны" ҭыҵит аплатформа "Start" аҿы.
"Аԥсны ҽнак зны" – ареспубликаҿ инхо иаабац ауаҩы, АҶА аусзуҩ, амчрақәа имҩаԥырго аиашамзаара ианиаз иҭоурых ауп. Ҭаниа иажәақәа рыла, ари аҩыза аҭоурых ахьыҟалалакгьы ауеит.

"Афильм ала аӡәы акы иҳарҵап ҳәа гәҭакыс иҳамамызт. Ихшыҩрҵагам. Комедиоуп. Иҟалоит аӡәы данахәаԥшлак ихазы лкаақәак ҟаиҵар. Асериал аидеиа иахьазы ҳтәылаҿ иҟоу аполитикатә еибарххара арԥсыҽроуп иззырхоу. Ауаа имҩаԥысуа ахыччара шалшо дҳарбар ҳҭахуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Асериал раԥхьа "Ихьыԥшым" ҳәа ахьӡын. Иара 51 мшы Аԥсны иҭырхуан. Ҭаниа ишиҳәо ала аҽазыҟаҵарақәа акыр мзы ирҿын. Ус шакәызгьы аҭыхрақәа анымҩаԥыргоз ауадаҩрақәа ирынион. Убри аан Аԥсны ауааԥсыра, анапхгара, аусбарҭақәеи аминистррақәеи русзуҩцәа урҭ ауадаҩрақәа рыӡбразы ацхыраара ҟарҵон.
Апродиусер иҳәеит игәы шыхыҭхыҭуа, аԥхьатәи асериақәа ҩба 100 000 рҟынӡа ауаа шахәаԥшхьоу, ибзиангьы ишахцәажәахьоу. Асериал зынӡа аа-сериак рыла ишьақәгылоуп. Ахԥатәи инаркны есымчыбжьа знык аекран ахь ицәырыргалоит. Аҵыхәтәантәи ахазхҭыс ҭыххоит абҵара 24 рзы.
"Аԥсны ҽнак зны" - акомедиатә сериалуп, иҭырхит КВН Иреиҳаӡоу алига ачемпионцәа, акоманда "Нарҭаа Аԥснынтәи" алахәылацәа. Аҭыхратә гәыԥ аиҳарак аҭыԥантәи ауааԥсыра рыла ишьақәгылоуп.
Асериал аҭыхра иалахәын Sputnik Аԥсны аредактор-хада Дмитри Нездоровин Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ ироль наигӡоит, арадио Sputnik уаанӡатәи амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа ахазхҭыстә роль наигӡоит.
Съемки фильма Противостояние  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2023
Аԥсны
Афильм "Противостояние" аверсиа ҿыц ҭырхит Аԥсны
Ажәабжьқәа зегьы
0