Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ашәарҭадара, аенергетика, Совмин: Аслан Бжьаниа ипресс-конференциаҟны излацәажәоз

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2023
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа аԥснытәи ажурналистцәа рзы апресс-конференциа мҩаԥигеит жьҭаара 19 рзы.
Аиԥылараҟны, ареспублика ауааԥсыра ргәы иҵхо еиуеиԥшым азҵаарақәа инарҭбааны ирылацәажәан: атәылахьчара, атранзиттә лшарақәа, аенергосистема иамоу ауадаҩрақәа.
Sputnik

Ашәарҭадара азҵаарақәа

Аслан Бжьаниа еиҭеиҳәеит, жьҭаара 4 рзы Владимир Путини иареи Шәача реиԥылараан Аԥсны атәылахьчара азҵаарақәа ишрылацәажәаз.
Иазгәеиҭеит, Украина ахада Владимир Зеленски мраҭашәаратәи ипартниорцәеи иареи Аахыҵ Кавказ аибашьра хыртланы Урыстәыла иаакәыршаны ашәарҭара аԥҵара шырҭаху.
"Ҳтәылауаа еилыркаауазароуп ҳаӷацәаҵәҟьа зузсҭцәоу" - иҳәеит иара, агәыӷрагь ааирԥшит Қырҭтәыла анапхгара "аҽынкылареи апрагматизми" аадырԥшып ҳәа.
Атәыла ахада иҳәеит Аԥсны астратегиатә дгылаҩ ицхыраарала ахыхьчара алшоит ҳәа.
Аслан Бжьаниа иҳәеит Урыстәыла Арра амшынтә флот абаза Очамчыра аҟалара Аԥсны аинтересқәа ишрықәшәо, ашәарҭадараз аҵакы шамоу. АМФ абазазы адгьылҭыԥ азоужьразы ақәҵара мҩаԥгоуп.
Президент РФ В. Путин встретился с президентом Абхазии Асланом Бжанией - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2023
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Владимир Путини иареи злацәажәоз азҵаарақәа рыӡбахә иҳәеит

Алогистика азҵаарақәа

Аслан Бжьаниа иҳәеит Аԥсны иалсуа аекономикатә транзит азы макьаназ ӡбарак шыҟам. Уи қырҭтәылатәи аган разыхиарагьы ишадҳәалоу.
Атранзит аекономика аганахь ала ареспубликаз хра алоуп. Иахьазы Урыстәыла аихамҩақәа аҟазауаа аихамҩа мрагыларатәи ахәҭа гәаҭан иахысхьеит.
Иазгәаҭоуп 2024 шықәсазы апассаџьыртә дәыӷба "Ласточка" Аҟәанӡа аара, 2026 шықәсазы – Очамчыранӡа. Уи азы абиуџьет ԥарақәа рыла еиҭашьақәыргылахоит Гәдоуҭатәи авокзали апавильон "Ԥсырцхеи".
Поездка в Сухумский аэропорт  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2023
Аԥсны
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура иалагар анауа арыцхә рҳәеит
Иара убас, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура ишалаго 2024 шықәса ԥхынҷкәын 24 рзы, жәларбжьаратәи арратә ҭагылазаашьа еицәамхар.
Бжьаниа иҳәеит ари амза аҩнуҵҟа аилаӡара зыбжьоу аинвестор ихьӡ аартны ишҳәахо.

Алашара ҟалоит

Владимир Путин иԥылараан иара убасгьы ишьҭыхын ареспубликахь алашара аашьҭра азҵаара ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа. Путин уи азы ацхыраара шыҟаиҵо атәы иҳәеит.
Аенергетика аҭагылазаашьа аиӷьтәразы атәылаҟны аҭаҩгақәа рықәыргылара иаҿуп. 2023 шықәса нҵәаанӡа иқәыргылахоит 26 000 ҭаҩга, ҽаангьы иара убри аҟара. 300 миллион мааҭ рыхә аҭаҩгақәа Урыстәыла ҳамҭас Аԥсны ианаҭоит. Уи иалнаршоит афымцамч ахархәара 20-25% аиҵатәра.
Аслан Бжьаниа иҳәеит 2022 шықәса иаҿырԥшны сынтәа амаининг аҿагылараз ауснагӡатәқәа ишрылҵшәахаз 140 миллион кВт⋅с ахархәара аиҵатәра.
"Хышықәса рыла ари аус аҟны ҳҭахрақәа ирықәшәартә аҭагылазаашьа аԥаҳҵоит", - ҳәа иҳәеит иара, иазгәеиеҭит иҟоу ауадаҩрақәа рыӡбра шалнаршо агазмҩангагақәа ҩ-цәаҳәак Аԥсныҟа раагара.
Ажәабжьқәа зегьы
0