Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Алиса Гыцба лмузыкатә еицлабра иаиааиз рылаҳәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукОбъявлены победители музыкального конкурс Алисы Гицба
Объявлены победители музыкального конкурс Алисы Гицба - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.10.2023
Анапаҵаҩра
Алиса Гыцба иаԥшьалгаз Аҩбатәи Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еицлабра рхы аладырхәит 29-ҩык ахкынагӡаҩцәеи ф-ансамбльки. Сынтәа аицлабра мҩаԥысуеит Москвеи Аҟәеи, иара азкуп Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30-шықәса ахыҵреи Аԥсны азхаҵара 15-шықәса ахыҵреи.
АҞӘА, жьҭаара 26 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аоператә шәаҳәаҩы Алиса Гыцба иаԥшьалгаз Аҩбатәи Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еицлабра агала-концерти иаиааиз аҳамҭақәа ранашьареи иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ аԥшьаша, жьҭаара 26 рзы.
Аԥсны Жәлар рартистка Алиса Гыцба асцена аҟынтәи иҭабуп ҳәа ралҳәеит иалахәыз зегьы, иазгәалҭеит аицлабра алԥшаара шыџьбараз. Лара ла жәақәа рыла, 88 зыҳәа нашьҭын, аҩбатәи атур аҟынӡа 64-ҩык неит, Аҟәа имҩаԥгаз ахԥатәи атур ашҟа иааит 29-ҩык артистцәеи быжь-ансамбльки.
Ашәаҳәаҩ иазгәалҭеит аицлабра ари аԥаратә ҳамҭа мацара акәымкәа, хадаратәла аԥышәеи аҟыбаҩ злоу аҿар ацхыраара рыҭареи шакәу изызку.
Алиса Гицба - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2023
Аԥсны
Алиса Гыцба иаԥшьылгаз Аҩбатәи Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еицлабра хацыркуп
"Ансамбльқәа рҟазара" аноминациҿ ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит Ольга Шишенко, Улиана Петрова, Мариеи Дисеславеи Бобринаа, Иулиа Архангельскаиа, Александр Куликов. Аҩбатәи - Иулиеи Ивани Покровскиаа. Аиааира еицеиҩыршеит ҩ-гәыԥк Надежда Черемныхи Наталиа Белоколенко-Каргини, Александра Акишинеи Мариа Зеленини
"Академиатә ахкы нагӡара" аноминациҿ ахԥатәи аҭыԥ иаԥсахеит Аркади Демидов, Изабелла Мерман, Мариа Самусева. Аҩбатәи - Валериа Лобанова, Кристина Попова, Екатерина Шпильман. Актәи - Владислав Бириуков, агран-при - аԥсуа шәаҳәаҩы Софиа Сақаниаԥҳа.
Аицлабра иаиааизи адиплом занаршьази ргала-концерт мҩаԥысит Нхыҵ Уаԥстәыла жәлар рартист Заурбек Гугкаев напхгара зиҭо Уаԥстәыла аҳҭнықалақь Владикавказ иҟоу Мариинсктәи атеатр афилиал Асимфониатә оркестри Давид Терзиан напхгара зиҭо Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестри алахәны.
Ажәабжьқәа зегьы
0