Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ателехәаԥшра ахшыҩҭра: Русҭам Харцыз иҿцәажәара

© Foto / иаалҭиит Елеонора КоӷониаԥҳаРустам Харцызов
Рустам Харцызов - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2023
Анапаҵаҩра
Абҵара 6 рзы Аԥсуа телехәаԥшра 45 шықәса ахыҵуеит. Иахьа ателехәаԥшраҟны асистематә администраторс аус зуа Русҭам Харцыз диҿцәажәеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аԥсуа телехәаԥшра сынтәа иахыҵуеит 45 шықәса. Абҵара 6 1978 шықәсазы раԥхьаӡа акәны ицәырҵит аинформациатә дырраҭара "Амшеикәшара". Иҳәатәуп ателехәаԥшра аартра ус машәыршәа иҟалаз ак шакәмыз, уи аԥсуа милаҭ- хақәиҭратә қәԥара иабзоураз хҭысын.
Иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо ауаҩы аибашьра ашьҭахь ателехәаԥшра ашҭа иҭалаз уаҩуп. Иара акадр анҭыҵ аус зуа дреиуоуп, асистематә администраторс дыҟоуп. Иазгәасҭарц сҭахуп, Аԥсуа телехәаԥшра анаадыртыз инаркны атехника иадҳәалаз аспециалистцәа рганахь ишбеиаз. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага аҵыхәтәанӡа Аҟәа аанзыжьыз иреиуоуп ателехәаԥшра аусуҩцәа. Дара рцамҭазы ишьҭырхит ирылшоз атехника, уимоу, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иаразнак ателехәаԥшра аус рзамыруа атехника амыргугақәа ааха рырҭеит. Ажәакала, ҳтехникцәа ирызгоз ргеит, мышқәак ирылагӡангьы Лыхны, нас Гәдоуҭа ателехәаԥшра ажәлар ирбо иҟарҵеит. Аибашьра шеилгазҵәҟьа, еилаԥыххааса иҟаз ҳтелехәаԥшра ахыбрахь ианыгьежьгьы ҳтехникцәа иаразнак еибырҭеит асистема.
Шамиль Пилия - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.11.2022
Аӷба акаԥдан: Аԥсуа телехәаԥшра напхгара азызуаз Шамиль Ԥлиа игәаларшәаразы
Ажәакала, ахәаԥшцәа ирбо асахьаныҟәа ҵәатәышьаҟас иаҵагылоу иреиуоуп атехникцәа. Абар уажәшьҭа 20 шықәса ирықәуп абаза арԥыс Русҭам Харцыз ҳтелехәаԥшра ашҭа дҭалеижьҭеи. Иара диит Ҟарачы -Черкесктәи Ареспубликаҿы. 2003 шықәсазы Аԥсныҟа дааит ААУ дҭаларц, дагьаанахәеит афизика-математикатә факультет.
"Убасҟан уи афакультет даара иӷәӷәан. Ажәытә арҵаҩцәагьы аус руан. Черкеск уи аамҭазы ус иӷәӷәоу аҵараиурҭа ыҟамызт. Ашкол саналгоз иаразнакгьы иӡбны исымамызт сахьҭалоз, 9 класск рҿы сантәаз ахәыҟаҵаҩ изанааҭ сеилаҳауан. Саб дмашьынарныҟәцаҩуп, арахь даалон амашьына дуқәа дрықәтәаны амандарина игон, аибашьра анцозгьы агәыҳалаларатә цхыраара ааигон. Саб Илиас исыдигалеит ара аҵара сҭаларц. Аԥхьа аекономикатә факультет сазхәыцуан, зны азиндырратә, нас аиҿцәажәара аамҭазы сахьынаԥшааԥшыз афизика-математикатә занааҭ ахь схы сырхеит адкыларатә комиссиа рабжьагарала. Дара ирҳәеит акомпиутерқәа аус рыдызуло апрограммист-нџьныр изанааҭ соур шауаз", - иҳәоит Харцыз Аԥсныҟа дшаз игәаларшәо.
Русҭам иажәақәа рыла, иара иабду иаб Аԥснынтә ауп Нхыҵ-Кавказҟа дышцаз, убри аҟынтә, иҩныҟа дгьежьит ҳәа азиԥхьаӡоит.
"Ашкол санҭаз уиезгьы-уеизгьы аматематиказы ақәҿиара дуқәа сымамызт, аҭоурыхдырра еиҳа исышьашәалан. Ашәаҳәара, асахьаҭыхра, аҵәаӷәанҵара уҳәа исықәҿиоз абарҭ ракәын. Сара агуманитартә маҭәарқәа еиҳа исзааигәан сҳәар ауеит, аха атехникатә маҭәарқәа рырххара еснагь сазҿлымҳан. Схәыҷаахыс исыман асовет аамаҭазы иҭрыжьуаз аконструкторқәа – убарҭ абруқәа рысҭон ирымысхуан, исыргылон еиуеиԥшым аформақәа. Аматематикаҿы ахаҳә шԥызымжәозгьы, атехникахь азҿлымҳара сыман сҳәаргьы ауеит. Иааидкыланы исҳәозар, хәба-хәбаҳәа снеиуамызт, аха аҵара сара сзы иудаҩмызт", - ҳәа иҭоурых еиҭеиҳәоит Русҭам.
Сажәабжь афырхаҵа Харцыз асистематә администратор иаҳасабала аус иуеижьҭеи маҷ ҵуам, аха знымзар-зны абри арԥыс аусура дагхо, мамзаргьы исзыҟаҵом иҳәо смаҳацт. Русҭам изысҳәарц сылшоит ателехәаԥшра ахшыҩҭра ҳәа, сара сыблақәа рыла уи изымдыруа акгьы ыҟаӡам атехникатә компиутертә хырхарҭақәа рҿы. Аусураҿы ҳкомпиутерқәа ааихәласыр - Русҭам абааԥсы уааи ҳәа изҿырҭуеит аусуҩцәа. Исымбацт уи измыриашо ҭагылазаашьк ыҟаны. Убри аҟынтә, иара дыҟамзар ҳусура аангылошәа аныснарбогьы ыҟоуп, атехникатә маҵзураҿы иҵегь аспециалистцәа бзиақәа шҳамоугьы. "Физмат аҿы - алогарифмқәа нас иабаухәо зҳәоз ыҟоуп, аха убри зегь адедуктивтә логикатә хәыцра ацхыраара арҭоит", - иҳәоит Русҭам изанааҭ шьагәыҭс иамоу адыррақәа дырзааҭгыло.
Эмма Адлейба - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2018
Анцәа иҟынтә аҟазара заҭәашьоу адиктор
Русҭам "абаагәара зкәыршоу" уаҩуп, ус шамахагьы аиҩызарақәа шьҭихӡом, уамаӡакгьы дтәаны аус ицызуа драцәажәо иубом, аха ус акәзаргьы, аиҿцәажәара мап ацәимкит, уимоу даара иаарту уаҩны дызбеит ҳанеидтәала ашьҭахь. Аԥсуа телехәаԥшра асистематә администратор игәалаиршәоит раԥхьаӡа арахь аусура дшааиз: "Аԥшьбатәи акурс аҿы сантәаз 2007 шықәсазы Аԥсуа телехәаԥшраҿы аусура салагеит. Ҳдекан днеин иҳалеиҳәеит – ателехәаԥшра аспециалистцәа аҭахуп, агәаҳәара змоу шәхы ԥышәшәарц шәылшоит ҳәа. Усҟан Гәырам Амқәаб еиҳабыс даныҟаз акәын. Раԥхьа авидео-монтажҟаҵаҩыс аусура салагеит. Аԥышәаратә аамҭа санахыс аусура сыргеит 113-тәи амонтажҟаҵараҭаҿы сыҟан. Шықәсык ааҵуаны асистематә администраторс аус зуаз Иура Қаԥшь аусура аанижьит, убри аҟынтә, атехникатә гәыԥ напхгаҩыс иҟаз Влад Колосов аиҳабыра срыдигалеит уи иҭыԥан. Убри аахыижьҭеи аус зуеит абри аҭыԥ аҿы. Исҳәарц сылшоит сзанааҭ аҿы анырра сызҭаз Колосов иоуп ҳәа, уимоу иааздыруа зегь сзырбаз иара иоуп сҳәар иашахоит. Колосов апрограммист-нџьныр иаҳасабла аус иуан, иара иоуп асистема еиҿызкаазгьы. Уажәгьы уи инапы алакуп. Исҳәар ауеит иара хшыҩҭрас дамоуп, сара смыругоуп ҳәа".
Сара уара ателехәаԥшра ахшыҩҭра ҳәа узысҳәарц акәын анысҳәа, Харцыз ихы-иҿы ааихаччан, "уи мыцхәцәазар ҟалап сара исыдкыланы" иҳәеит.
Амиран Гамгия - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2017
Агәхьаагара зцу агәалашәара
Русҭам иидыруа акомпиутертә усқәа иахьа зыхә ҳараку азанааҭқәа излареиуоу ала, аулафахә ду змам ателехәаԥшраҿы арсҟаамҭа узланхазеи ҳәа сиазҵааит. Русҭам рацәак дадымхалакәа абас аҭак сиҭеит:

"Аинтерес сцәымӡӡеит азын. Егьа ҳҳәаргьы ателехәаԥшра рҿиаратә усҳәарҭоуп. Альтернативас исоур иауа офиск аҿы акабинет аҩнатәароуп. Ара акомпиутерқәеи апринтерқәеи рыдагьы, ирацәоуп ахырхарҭақәа, ишиашоу ицо аефирқәа, нас еиҭаҵуа ателехәаԥшратә станциа уҳәа, адунеиқәыԥшылара арҭбааразы зеиӷьыҟам усурҭоуп. 2015 шықәсазы Аԥсны иҟоу аилахәыра дук исыднагалеит аусурҭа бзиа, аха сақәшаҳаҭымхеит уа аулафахәы акыр ишеиҳазгьы. Ара сынхар аԥышәа исоуа еиҳа еиҳахоит ҳәа исыԥхьаӡеит".

Иахьа ателехәаԥшрақәа ирыдҳәалоу атехникатә хырхарҭақәа аҽыԥсахра дуқәа рымоуп уҳәар ауеит, анкьатәи аамҭақәа ирҿурԥшыр. Аха, Русҭам усҵәҟьа акәымзар ҟалап иҳәоит : "Уамаӡакгьы аҽаԥсахит сызҳәом, атехнологиақәа рганахьала, ҳара ҳҿы акәым, иара адунеи аҿгьы. Ус акәзаргьы, иҿыцу ацәырҵрақәагьы ыҟоуп. 2018 шықәсазы иаҳҳәап, зформат ҭбаау ацифратә рбарахьы ҳаиасит ҳара. Еснагь иҿыцу ателехәаԥшратә мыругақәа ҳзаауеит. Аизҳара ыҟоуп атехникатә хырхарҭаҿы, уи сара даара исгәаԥхоит. Сара спрограммистӡам, сара сызҿу еснагь харантә (дистанционно) аусура ауӡом. Ииашоуп иуҭаххар апрограммақәа рбызшәа уҵар ауеит, аха уи сара истәӡам. Сара џьарак итәаны акомпиутер аҿы апрограммақәа рхәыцразы аусура сзыманшәалаӡам. Уи даара иуадаҩу ахшыҩ аусура иадҳәалоу занааҭуп. Ахәгьы зыҳараку уи азоуп. Апрограммист раԥхьа акарандашь кны иҭихуеит асхема. Уи аҩтәгьы рацәаны иамоуп. Мап, мап, уи сара истәым. Сара ара исоуз аԥышәа иснаҭоит алшара, анҭыҵ даҽа уск насыгӡартә ателехәаԥшра иашьашәалоу аусҳәарҭақәа рҿы".
Гена Смыр - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2022
Аԥсны
Акадр анҭыҵтәи аԥсҭазаара: Аԥсуа телехәаԥшра атехник Гена Смыр изкны
Зегь реиҳа изҵаара хаданы асистематә администратор исҭаз иреиуоуп – ҿыц ицәырҵуа адҵақәа рышьҭкаара иара дшаиааиуа. "Иҟоуп схала исҵо, иҟоуп Влад Колосов исирбо. Аха уи еснагь дысзыргәамҵуам, убри аҟынтә аинтернет ахархәарала ишьҭыскаауеит иҿыцу ахырхарҭақәа ирыдҳәалоу аинформациа. Сара зегь здыруа соуп сызҳәом. Зегь адырра иагьаҭахым. Олег Лабанов ҳәа рҵаҩык дсыман, Петербургтәин иара, уи акибернетика ахыҵхырҭақәа захьӡыз амаҭәар даҳзаԥхьон. Убри хшыҩзышьҭра зуҭаша аилкаара ҳалаиааӡеит – усҟан уи уамашәа иубартәы иҟан, аха уажәы еилыскаауеит уи иабжьгара заҟа хәарҭара алаз. Избан ҿырҳәала изышәҵо иаҭахым, шәхы имыцхәу аинформациа ала ишәмырҭәын. Ашәҟәы ыҟоуп, ак шәҭаххар иаартны шәаԥхьа. Иаҭахым уи зегь шәхы иҭагӡаны аныҟәгара – иҳәон Лобанов. Сара схаҭа аҿар абри расҳәоит иаҳҳәап, Adobe аҿы амонтаж аныҟарҵо, ирзеилымкаауа ҟалар, Google аартны иахәаԥшырц. Ибазатәу адыррақәа уаха ҵхыбжьон сааурԥшыргьы исҳәоит, егьыс ицәырҵуа азҵаара аинтернет ахархәарала еилыскаауеит", - ихәыцрақәа ҳацеиҩишоит Харцыз.
Заира Бигуаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2020
Акадр анҭыҵтәи азанааҭ: арежиссиор Заира Бигәааԥҳа лҭоурых
Ателехәаԥшра атехникцәа аӡәырҩы реиԥш, асистематә администраторгьы "сара ателевизор шамаха сахәаԥшӡом" иҳәоит ҳаицәажәараҿы.
"Аинтернет аҿы ҳканал санахәаԥшуа ыҟоуп, ашьыжьтәи адырраҭарақәа сгәаԥхоит. Сара даараӡа исҭахуп арлахҿыхратә дырраҭарақәа рацәазарц. Ҳара дырҩагьых ҳгьежьит ажәабжь дырраҭарақәа рканал аҟазшьахьы. Исҭахын апозитив узҭо ашоуқәа ҳашьҭларц. Аамҭак азы иҳамамзи - Беслан Хьиба имҩаԥигон узырлахҿыхуаз, нас Анна Гәниа, Сариа Цакәтаниа иҟарҵон афатәҟаҵара иадҳәалаз адырраҭарақәа. Сара еилыскааз убри ауп - ахәаԥшҩы игәы аҟаҵара уадаҩуп. Ҳара еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аус ҳамуази, ахәаԥшҩы амыцхә арлахҿыхра ыҟоуп аниҳәоз ыҟан, ма ажәабжьқәа рыда акгьы убом аниҳәоз убарын. Иҟан аиумортә дырраҭарақәа анцәырҵуз, усҟан ирҳәон атәылаҿы имҩаԥысуа жәбоит, шәара аиумор ҳшәырбоит ҳәа. Зны-зынла аԥсуа концертқәа анаҳашьҭуаз - кәашареи шәаҳәареи рыда акгьы ҳшәырбом рҳәон. Зны Пинк Флоид (Pink Floyd) аконцерт ҳашьҭын - иарбан иаҳшәырбо, ҳара ҳконцертқәа шәышьҭы ҳәа аҭелқәа рысра иалагеит. Даара иуадаҩуп ателехәаԥшҩы игәы акра. Убри аҟынтә, сара исцәыуадаҩуп иарбан хырхарҭоу иалхтәу аҳәара".
Абарҭ ихәыцрақәа рышьҭахь Русҭам Харцыз сиазҵааит - аԥара умазар, иарбан шоуз уара узыдгылоз ҳәа. Иара ибжьы хҵаны даачан абас сеиҳәеит : "О, аԥара сымазар, Гарри Арсҭаа идырраҭара "Авторивиера" амашьынақәа рыхкы ӡырызго автомабилтә шоу алысхуан, аԥхьа ус далагеит иара, нас ишнеиуаз ацәажәаратә жанр ахь диасит ҳамҳәозар".
Аԥсуа телехәаԥшра аиубилеи инадҳәаланы сзыҿцәажәо асистематә администратор Харцыз, иԥсабара иалоуп аҟазара иадҳәалоу даҽа хырхарҭак. Иԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иацуп агитара. Емма Хәаџьаа лавтортә музыкатә проет "Ҳара ҳаруаа реиҳабы" аԥхьарбара ахәаԥшра саннеи избеит даара иџьасшьаз асахьанҵа. Ҳара ҳ-Русҭам уаҟа инаигӡон Имам Алимсултанов иашәа "Абхазы, абхазы, вы правы". Аиашазы даара иџьасшьеит уи инагӡашьа, ибжьы иамаз амчхара.
© Foto / иаалҭиит Елеонора Коӷониаԥҳа

Русҭам Харцыз

Русҭам Харцыз - Sputnik Аҧсны
1/5

Русҭам Харцыз

© Foto / иаалҭиит Елеонора Коӷониаԥҳа

Русҭам Харцыз

Русҭам Харцыз - Sputnik Аҧсны
2/5

Русҭам Харцыз

© Foto / иаалҭиит Елеонора Коӷониаԥҳа

Русҭам Харцыз

Русҭам Харцыз - Sputnik Аҧсны
3/5

Русҭам Харцыз

© Foto / иаалҭиит Елеонора Коӷониаԥҳа

Русҭам Харцыз

Русҭам Харцыз - Sputnik Аҧсны
4/5

Русҭам Харцыз

© Foto / иаалҭиит Елеонора Коӷониаԥҳа

Русҭам Харцыз

Русҭам Харцыз - Sputnik Аҧсны
5/5

Русҭам Харцыз

1/5

Русҭам Харцыз

2/5

Русҭам Харцыз

3/5

Русҭам Харцыз

4/5

Русҭам Харцыз

5/5

Русҭам Харцыз

"Анри Гәымбеи сареи Аҟәа ақәыԥшцәа рыҩнаҿы ҳхы ԥаҳшәон. Ҳҩызцәеи ҳареи гәыԥк еиҿкааны иҳаман аамҭак азын. Сидыруан иара, убри аҟынтә абри ашәа сара сыбжьы анаалоит ҳәа иԥхьаӡеит. Саргьы Нхыҵ-Кавказтәимзи уи алогика зҵоу усуп ҳәа ишьеит. Исыдигалан инасыгӡеит, нас аклип ҭырхит. Ашьҭахь, абри апроект ашьҭрақәа рыла абжьы цқьа зхоу аконцертқәа аныҟарҵоз, "Соло" агәыԥ аҿы Ҭемыр Нарманиа иакәын агитара азырҳәоз, аха иара апульт даҿатәар акәхеит абжьы арежиссиор иаҳасабала. Нас, иҭыԥан агитара рҳәаҩыс сара сҟалеит. Агитараҿ ахәмаршьа схала исҵеит. Ари аус сазҿлымҳауп, аха сара исымам акомпазиторразы амбициақәа. Сара бзиа избоит егьырҭ ирыҩхьоу анагӡара. Агәи ахыи аҵамкәа арифмақәа еихданы ашәа аԥҵара ҵакыдоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Сара ателехәаԥшраҿы сызҿу сус ибзианы инасыгӡалар сҭахуп, убри ауп сыԥсҭазаара".
Сотрудники Абхазской телерадиокомпании за работой - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2023
Аԥсны
Актәи аҳәынҭқарратә: Аԥсуа милаҭтә телехәаԥшра афотоҭоурых
Санҵамҭа сызлалагаз азҵаарахьы сгьежьуазар, Аԥсуа телехәаԥшра аколлектив ахаан гәынамӡарак аадмырԥшыц иара иганахь сҳәар сылшоит. Русҭам аусура дагхом, дгәамҵуам. Ари агәаанагаразы Русҭам иҭак абас ауп ишыҟоу: "Уи ааӡара иахҟьазар ҟалап. Сара срааӡеит асовет ҳәынҭқарраҿы. Аҭакԥхықәра, намысла аус азнеира уҳәа реиԥш иҟаз аилкаарақәа усҟан сҭаацәа зыцклаԥшуаз акәын. Уи иахьагьы исыцуп. Еилыскаауеит иахьатәи адунеи аҿы аҩысҭаара, акәараҵара шаҭахыу, аха уи сара исзалҵуам уажәшьҭа".
Аԥсуа телехәаԥшра 45 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы, Русҭам изеиӷьшьарақәа абас иҟоуп: "Аамҭа иақәшәо, аинтерес аманы, ателехәаԥшцәа зегьы ргәы иақәшәо ахырхарҭақәа ҟаларц сҭахуп. Аус зуа аусурахь рхы иақәгәырӷьо иааларц, ара ҳныдсыланы, аԥарарҳаразы егьи ҳусурахь ҳцап ҳәа рхы иҭамкыкәа, ара аусура ргәы аԥсы анаршьо. Ари уадаҩуп ҳәарада. Сара сгәазыҳәароуп ари. Ус исҭахын. Аматериалтә ган иаҵанакуа рацәоуп. Сара ателехәаԥшра мацараҿы аус зуазҭгьы схы ныҟәызго сҟаломызт. Анцәа иҟынтә, сара издыруа иснаҭоит алшара анҭыҵ аԥарарҳаразы. Смиллионерым, аха ауалгьы сықәым", - иҳәоит азеиӷьшьарақәа ҟаҵо Русҭам Харцыз.
Ажәабжьқәа зегьы
0