Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Алексеи Чадов Аԥсны аекшен-драма "Волчица" ҭихран дыҟоуп

© Sputnik / Максим БлиновАктёр Алексей Чадов
Актёр Алексей Чадов - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.12.2023
Анапаҵаҩра
Алексеи Чадов деицырдыруеит акинофильмқәа "9 рота", "Ночной дозор", "Дневной дозор", "Жара", "Любовь в большом городе" рҟны инеигӡаз арольқәа рыла.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 - Sputnik. Актиор, акинорежиссиор Алексеи Чадов Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан зыбзиабара зыԥшааз аӡӷаб-маугли илызку екшен-драма "Волчица" ҭихран дыҟоуп Аԥсны.
Аԥсны аԥсабара алшара унаҭоит афильм афырхаҵа акадр данаалартә еиԥш ҳәа азгәеиҭоит арежиссиор.
"Ааигәа Аԥснынтәи сааит. Аԥсны акультура аминистри сареи аиԥылара ҳаман. Уа иаҳзыԥшуп. Аидеиа зегьы иргәаԥхеит. Аобиектқәа зегь шьақәырӷәӷәоуп, зегь рзы ҳаиқәшаҳаҭуп", - иҳәеит Чадов ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Асиужет ала 1942 шықәса, аԥхынразы, аибашьра аилашымҭаз аԥырҩы Шевцов амца зкыз иҳаирплан И-16 иртәоит ашьхара акалҭ аҿтәи абнаршәыраҿ. Ара иара абгақәа дрылашәоит. Аха урҭ идырым мчык иҟәнацоит. Абнараҿы аԥырҩы диԥылоит аҭыԥҳа – амаугли. Лара ари абнаршәыраҿы абгақәа дрыцынхоит, аибашьра шцогьы лыздырам.
Арежиссиор иҳәеит афырхаҵа хада Шевцов ироль Павел Табаков ишынеигӡо, Гонтер ироль - Вольфганг Черни, Абгаԥс – Мариа Лисоваиа ма Алиона Михаилова.
Ажәабжьқәа зегьы
0