Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аспектакль ҿыц "Исаркьалыху агыгшәыгҭра" РУСДРАМ асценаҿы идырбахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-показ спектакля “Стеклянный зверинец”
Пресс-показ спектакля “Стеклянный зверинец”  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.12.2023
Анапаҵаҩра
РУСДРАМ аспектакль ҿыц "Исаркьалыху агыгшәыгҭра" аԥхьарбара мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынҷкәын 8, 9, 10 асааҭ 19.00 рзы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Теннесси Уилиамс ипиеса иалхны Марк Вдовин иқәиргылаз аспектакль "Исаркьалыху агыгшәыгҭра" апресс-дырбара мҩаԥысит РУСДРАМ аҿы.
"Хаҭала сара сзы ари апиеса аинтерес аҵоуп аԥсихологиатә ҟазшьа ахьамоу азы, азхьаԥшра ҵар анаҭоит алахәылацәа рыҩныҵҟатә ԥсҭазаара, реизыҟазаашьа. Абри ауп асценаҿ аԥсҭазаара ҳәа изышьҭогьы. Ахаҿқәа зегьы рыԥсы шҭоу удыруазароуп. Ари уадаҩуп, избанзар ииашоу актиортә еимабзиара ашьақәыргылара арежиссиор иеиԥш дара актиорцәагьы ирус хаданы иҟоуп. Актиорцәа асценаҿы иахьынӡалшо аиашара рныԥшуазароуп", - иҳәеит РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба.
Апиеса "Исаркьалыху агыгшәыгҭра" шамахамзар дарбанызаалак изааигәоуп, избанзар Уилиамс ауаҩы ихҭихуа ауп дызлацәажәо. Абзиабара, азаҵәра, иҟам дунеик анызаара, аҭаацәаратә уалԥшьеи аҩныҵҟатә хақәиҭреи реиуаршәашьа – арҭ зегьы уаатәыҩсатә цәаныррақәоуп ҳәа иҳәоит Хынҭәба.
"Ара ирацәоуп ахәаԥшҩы дхызхыша. Ииашаҵәҟьоу аԥсихологиатә театр аҽакы иалаҩашьом, избанзар аԥсҭазаара иаиашахаҭоуп, ауаатәыҩса реизыҟазаашьақәа аанарԥшуеит, рцәаныррақәа шыҟаҵәҟьоу ицәырнагоит. Ари аиашара асценаҿ ианцәырҵуа, уа акаршәи аҟәардәи рыда акгьы умбозаргьы – ахәаԥшҩы иԥсы иӡоит. Сгәанала иара абри ауп аспектакль иахықәкы хадоугьы", - иҳәоит атеатр адиректор хада.
Арежиссиор Марк Вдовин еиҭеиҳәеит апиеса данаԥхьа ашьҭахь агәыԥшаара аҵазшәа шибаз, уи уаанӡатәи иқәыргыламҭақәа ишырзааигәамыз.
"Аха нас, маҷ-маҷ актиорцәа аҽакала исдырбеит ари аҭоурых. Ауаҩ иганахь ала имҽыӷны избеит. Исҭаххеит абри аспектакль ашьҭахь ауаа хәыцырц, иазхәыцырц реизыҟазаашьа. Ауаҩы ихшара ма иан диҿыԥсаауа бзиа данибо абзиарахь ианкылнамгогьы ыҟоуп, избанзар убзиабара анкауырҵәо аҿагыларахь икылнагар алшоит". - иҳәеит Вдовин.
Ақәыргыламҭа актиор Емиль Петров иазгәеиҭеит ари аспектакль гәахәарыла дшалахәыз, апиеса актуалра шаҵоу, аиллиузиа ихнахуа афырхацәа хада ирҭоурыхуп ҳәа.
"Сара сперсонаж дреалиступ. Уи арҭ зегьы дырхысхьеит. Илаԥшхырԥагоу абаашқәа ргыланы далгахьеит, иагьицәеилаҳахьеит. Убри азы иҟаҵәҟьоу ибарҭоуп" иҳәеит Петров.
Аспектакль иалахәуп – Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Анна Гиурегиан, Саид Лазба, Милана Ламиаԥҳа, Емиль Петров.
Ажәабжьқәа зегьы
0