Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ачара асезон хыркәшауа…

CC0 / / Архивное фото.
Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.12.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рчараушьа уаанӡа ишыҟази уажәтәиқәеи еиҿлырԥшуеит, сынтәатәи ачарақәа рсезон ахҳәаагьы азыҟалҵоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Кәрыжәаа срықәламзаргьы, уахынла чара сахаануп. Усҟан смаҷын, ачарахь снаргомызт, аха ибзианы исгәалашәоит уи рыҽшазыҟарҵоз. Сара сахаанны аҵыхәтәаны имҩаԥгаз уахынлачара 1970-тәи ашықәса рысакьаҳәымҭазы акәын ианыҟаз. Усҟангьы ҽынла акәын еиҳарак ачара аныруаз, аха ҳгәыла Мама Санӡаа иӡбеит уахынлачара иурц.
Ҳәарада, усҟантәи ачара иацмызт иахьатәи апонтқәа, ашҭеи абарҵеи адизаинерцәа рнапы ахыргомызт. Аԥшәма иҿаԥхьа иқәгылаз зҵаатәын, аԥсуа чыс адгаланы, изаауаз исасцәа рзы аишәа архиара. Усҟан ақыҭаҿы ачарақәа зуаз рышьтәа, рыкәтәы, рсыӡбал уҳәа зегь рыман. Ачашәқәа рӡуан агәылацәа-азлацәа уҳәа ақыҭа амаҵура ззеилаз аҳәса рхаҭаранкцәа. Арашых иазкыз дхазын, уи азы аџьыка хазы ирхуан. Ишысгәалашәо ала, усҟантәи ачара еишәа иқәырҵон – абысҭа, акәац, акәтыжь, арашых сыӡбал ашәишәи ажьы ӡааҵаны, нас абҳәаса сыӡбал. Иара убас, аҳра ауан ишәымацараха ирӡуаз ачашә, анаҩс ачаԥа, ахаа-мыхаақәа имыцхәцәамкәа. Исгәалашәом ачара чыс аԥсыӡ адыргалоны. Ачара аура згәы иҭаз заа аҩы ҭеиҭәон, иуаткагьы иршуан. Иҟан ашықәсан зыжь аҽаҩра знамҭаз рахьтә иаазхәозгьы.
Свадьба - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.10.2022
Аԥсны
Аԥсуа чара иахьа: иҟаҵатәузеи иаԥсыуахарц азы
Сзыхьӡаз уахынлачарахь сгьежьуазар, аҭацагьы ихәланы дааргон, асасцәагьы уи ашьҭахь амза зхаԥхоз ашьаԥахь инарыԥхьон. Ачарахь сара снарымгеит, изуази ҳареи ҳаандақәа шеивазгьы, избанзар ҳаб ахәыҷы ауаа ршьапы даҵаԥало уахь ус лымам ҳәа иԥхьаӡон. Убри аҟынтә, аҩны сахьиаз исаҳауаз ачара иахылҵуаз агәырӷьа шыкьыбжь акәын. Усҟан исгәалашәом артистцәа рмырзаканқәа рыманы инеиуаны.
Анаҩсан, 80-тәи ашықәсқәа рзы ачарақәа рахь ааԥхьара роуа иалагеит амузыкантцәа. Аҿар урҭ рмузыка иацкәашон. Иааидкыланы усҟантәи ачарақәа рпонтқәа зынӡа имаҷын сҳәар ауеит, аха усгьы иҟан зны-зынла узырлахҿыхуаз атрадициақәагьы. Ачара зуаз аԥшәма иуацәеи иареи рзын аҭаца лган иааргон аҳамҭақәа. Аҩны абарҵа аԥхьа иааизаны иреиҳабыз аӡәы ажәа наирҭон, нас иара хьыӡҳәала досу ирзааргаз аҳамҭақәа игылаз идирбон. Абри алаф ахҳәааны Баграт Шьынқәба "Нас ишышәҭаху" захьӡу ипиесаҿы иааирԥшхьан, ашьҭахь аԥсуа театр аҿгьы иқәдыргылахьан. Ишнеишнеиуаз ари аҳамҭа аӡыргара бжьаӡит, ииасит иҿыцу атрендқәа рахь.

Ухыза заҟароу дырны, ушьапы еиҵых рҳәоит. Абжьааԥны ҳсоциалтә бзарара хьысҳауп ҳәа ашшра бзиа иаҳбозаргьы, иахьатәи ачара аушьа уацклаԥшыр, даара абеиара ныҟәызго ҳәынҭқарроуп Аԥсны ҳәа азуҳәаргьы ауеит. Ачарақәа рура ақалақь ахь излаиасыз ала, уи иацу ахарџьгьы акыр иҳаракхеит. Ақыҭақәа рҿы уарлашәарлоуп ачара ашьҭыбжь шҳаҳауа. Схаҭа исцәыуадаҩуп ари ахәышықәса рыбжьара қыҭа чарак ахь снанагахьеит ҳәа аҳәара.

Ажәакала, иахьатәи аԥсуа қалақь чара ииасит аҳәаанырцәтәи астандарҭқәа рахь. Урҭ ирыцуп ахарџь дуқәагьы.
Сгәы еихьызшьуа атәы сҳәозар, ачарахь инеиуа, аишәа еицахадыртәо ҳаицәажәаратәы, ҳаибаныҳәаратәы аҭагылазаашьа шамаха иҟам. Афилармониаҿы аконцерт ахь ҳнеизшәа, амузыка абжьы уқәнамыргыло иҟоуп. Ашәа зҳәо инарҷыданы, акәашацәа рномерқәа аацәырыргоит. Ачарақәа ахьыруа ахыбрақәа рыргылаҩцәа азымхәыцуазар акәхап абжьныҩра азҵаатәы. Чарак аҟынтәи зны сгьежьит слымҳақәа еихашәаны, схы ҭууа. Шьахәла ирхиаз аишәа иахатәаз ҳауацәеи ҳареи ҿаҳеи дагәеи реиԥш ҳаидтәалан.
Аабыкьа, Аԥсны жәлар рартист ахореограф Валери Ҭаниа далацәажәон дызхагылоу аҳәынҭқарратә ансамбль аҿы иԥыло ауадаҩрақәа. "Мызкы ара ираҳҭо ауалафахәы, ачараҿы сааҭк ала идырҳауеит", - иҳәеит иартистцәа рзы. Иагьиашоуп, иахьа аԥсуа культура амаҵ азуны узлазнымхо ала, ашәаҳәаҩцәеи акәашацәеи рыхә шьҭыхны ачара бизнес ахь рхы дырхеит. Ганкахьала аԥара дырҳароуп, насгьы уа идырҳауа азы ашәахтә ашәарагьы аҭахым азы акыр ифеидоу бизнес усуп. Аԥсуа чара амҩаԥгаҩцәеи, ашәаҳәаҩцәеи, акәашацәеи даара зыхә ҳараку уааны иҟалеит. Амҩаԥгаҩ изыршәоит 90 нызқь рҟынӡа. Дарбан ҟазоу ари аҩыза ауалафахәы зауа? Абри ауп аҟаза Валери Ҭаниа дзыргәамҵуа.
Аԥсуа чара - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2019
Амреи Амзеи реиԥш еидажәлааит, ма ачара шчароу злаудыруа
Аамҭа цацыԥхьаӡа ақалақь чарақәа рҿы ицәырҵуеит иҿыцу асиужетқәа. Уажәы хаҵеи ԥҳәыси шеибагаз ҳәа аршаҳаҭга роурц азын АҬАР ахыбра аҭаара иаҟәыҵын, абаҳчақәа, ачаиҭрақәа, ма даҽа ҭыԥқәак рҿы шәҭышла ирхианы, аршаҳаҭга рызҭо уахь дҭыганы еиҿыркаауеит аус. Ҳаамҭазтәи ачарақәа рҿы аҭаца лоуп арҭ атрендқәа хылаԥшра рызҭо. Заа лҩызцәа аҭыԥҳацәа еизганы аҭыԥҳацәа реизара (девичник) ҳәа изышьҭоу ақьафурҭаҿы имҩаԥыргоит.
Ҳәарада, ачара анаҩс, ма аԥхьа ныҟәара Аԥсны анҭыҵ ицароуп аҭаацәара иалало. Аҭаца лыҵкы заԥсоу атәы уажәазы ҳавсыр еиӷьуп. Шамаха аҭацацәа рышәҵатәы аоператә шәаҳаҩцәа рыгәҭыхшьа инахыҳәҳәо иҟоуп. Иаҳԥылалоит аҭаца ишақәнагоу еиԥш лҽеилымхцәакәа данцәырҵуагьы. Абри зегь заманамзи, ахәԥса узышьҭыхуазар? Аҭаца даазго ани аби амшә иакыз "дада" иҳәеит ҳәа, иныҟәыргоит ҿымҭ-ԥсымшьҭ.
Ақалақь чарақәа зегьы шамаха еиԥшуп, Европа уҟоу, Аԥсны уҟоу аиҩдыраара уадаҩуп. Аҿыцрақәа ирҿагыло уаҩым сара, аха ҳҵасқәа зегь нықәҳәаны аныҟәара сақәшаҳаҭым. Зегь реиҳа исзышьҭымхуа акәны иҟоуп, анхәа лторт захьӡу ҿыц еибагаз иԥҟаны ианырҿеибаҵо, насгьы анацәа агьама ддырбарц рычқьыԥ кны ианрышьҭоу.
Разбитая тарелка  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2020
Европа ҳҽеиԥшытәуа зынӡаск ҳаназааигәам: аԥсуа чара иатәым ацәаҩақәа аччархәрахь ианнанаго
Ухатәы ӡбаны ӡбара уца рҳәеит. Ҩнуҵҟала сара сазыҟаҵамызт хәышықәса рышьҭахь сыԥҳа лчарахь ацара. Избанзар, схәыҷаахыс схаҿы инханы иҟоуп иныҟәаҳгоз атрадициа бзиақәа. Ан, ма аб рыԥҳа лчарахь ианца – уи ада ҳәатәы ҟаломызт усҟан. Уажәы ус еиҳа имариоуп, нас хазы анхәа даашьҭуа ҳәа иазхәыцуагьы ыҟоуп. Ҳала ихысло традицахеит ԥҳәыс дызгаз аҭаца длыцымкәашар ада ԥсыхәа ахьыҟамлаз. Асоциалтә ҳақәа рҿы иӡырырго авидеоқәа ирнубаалоит, аԥсуа ҷкәын идырҟаҵақәо иԥсабара ишацәтәыму. Аха, хьаҵшьа имам, иҿыцу атрендқәа дрықәныҟәароуп.
Ачара аура аизҳара иатәуп, уи ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш иадҳәалоуп. Аха, арҭ ицәырҵуа атенденциақәа, иҟалап, алшара змам рзы ауал аҵалара иасимволзар. Насгьы, ари збо аҷқәынцәа ирзышьҭымхрашәа иԥхьаӡаны аԥҳәысаагара иахдырԥо иалагеит уҳәар ауеит. Алшара змоу ирҿыԥшны, ҳаҵамхандаз ҳәа ақалақь аҿы ачара аԥшьызго рахьтә имаҷҩым ауал ззынхо.

Ҩыџьа аԥацәа сымоуп, уажәшьҭа аҳәса ааргаратәы рықәра неихьеит, аха ишәцәызӡарым сара сшацәшәо ачароура иацу ауадаҩрақәа рыҵалара. Акы, абиуџьет усҳәарҭа иадҳәалоу сыԥшәмеи сареи уи ҳзышьҭыхрым, иҩбахаз, иаҳзышьҭымхыр - ҳахшара ргәы иалсышт, иааҳго аҭацагьы лгәы лнархьышт. Абас сгәы бжьажьоит ачароура саназхәыцуа.

Апандемиа аамҭазы изыгдырхаз ачараурақәа уажәы раӷәра рыҿҟьан инеиужьны ихацдыркит. Сара сныҟәоит ԥсыхәа ахьамам, исзааигәоу ауаа рахь, аха, ус акәзаргьы, исырҳауа аҵкыс аҩны иандәылызго ҟалалоит. Ҳәарада, исҭахуп ачара сазҳәаз сидгыларц, ичара салагәырӷьарц, убри аҟынтә, сахьныҟәо сгәы иаҭахны сцоит. Даара лахҿыхрыла аамҭа ахгара бзиа иахьзбо азы, акәашараҿы аҿар снарывагыланы сықәҵәиаауеит. Сынтәатәи ачара асезон хыркәшоуп ҳҳәар ауеит, иааиуа азы ицәырҵуа иарбан модоу сеидроу. Ирҳәоит, ауалафахәы иацырҵоит ҳәа, убри маҷк сақәгәыӷуеит. Амала, дара ачарақәагьы "рставка" шьҭыҵыр ауеит.
P.S.: Сара аҩнра ҳәа санцоз 1994 шықәсазы ачарақәа рура иалагахьан, аибашьра еилгеижьҭеи рацәак шымҵуазгьы. Избан сыздыруам, аха ҳҩызцәеи ҳареи ҳааизаны имҩаԥаҳгаз агәырӷьаратә хәылԥазы инаҷыданы, ачара ду сзырундаз ҳәа сыҟамызт. Ахаангьы среилаҳауамызт ачара дуқәа, сеилкаара шыҟоу ала, даара иааигәоу ауаа адԥхьаланы ачара маҷ аура еиҳа сазыразуп.
Абхазский фестиваль Апсны - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.10.2019
Аԥсуа чарахь абилеҭ: ажәытәи аҿатәи реиҿырԥшра амҩала
Ажәабжьқәа зегьы
0