Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Фазиль Искандер иаԥхьахә иаԥсахаз рыхьӡқәа ҳәоуп

© Sputnik / Анатолий Гаранин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФазиль Абдулович Искандер
Фазиль Абдулович Искандер - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.12.2023
Анапаҵаҩра
Аԥхьахәқәа ранашьара мҩаԥысит Москва Тургенев ихьӡ зху абиблиотекаҿ ԥхынҷкәын 21 рзы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 – Sputnik. Арежиссиор Ибрагим Чкадуа иажәабжьқәа реизга "Ковчег" асахьаркыратә прозаҟны Фазиль Искандер иаԥхьахә иаԥсахеит.
Егьырҭ ахьыӡҳәақәа рҿы аиааира ргеит:
Наталиа Ахпашева - "Апоезиа";
Лидиа Кудриавцевеи Камиль Зиганшини - ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рлитератураз;
Наталиа Шор - акиносценарии адраматургиеи рзы.
Аицлабрахь зынӡа инашьҭын 200 рҟынӡа усумҭақәа, урҭ рахьынтәи асиа ианылеит 22.
Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә аиуразы аицлабра ажиури иалан Евгени Попов, Герман Власов, Евгениа Диокина, Борис Евсеев, Лола Звонариова, Марина Кудимова.
Ажәабжьқәа зегьы
0