Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи аенергетикцәа амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иацырҵоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Бзыпская подстанция
Бзыпская подстанция - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.12.2023
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 23-24 руха иҟалаз аԥшасра иахҟьаны Аԥсны ауааԥсыра жәпаҩык лашарада иаанхеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 25- Sputnik. Аԥснытәи аенергетикцәа амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иацырҵоит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Аусурақәа мҩаԥысуеит Гәдоуҭа, Гагра, Гәылрыԥшь, Очамчыра араионқәа рҿы, иара убасгьы Аҟәа иахьаҵанакуа.
Гәдоуҭа араион аҿы аусурақәа цоит астанциа маҷ "Лыхны", Лыхни Хыԥсҭеи рфидерқәа рҿы, Гагра араион – астанциа маҷ "Гьечрыԥшь", афидерқәа "Гагра ҿыц", "Гьечрыԥшь", "Цандрыԥшь" рҿы.
Аҟәа аиԥҟьара аарԥшын афидер "Ацҳаражәҳәарҭа" аҿы, Турбаза араион аҿы аҳауатә цәаҳәа ҿыц мҩаныргоит ааха зауз ацынхәрас, Емхаа имҩаҿы акабельтә цәаҳәа ҿыц шьҭарҵоит.
Гәылрыԥшь араион аҿы аусурақәа ирҿуп афидерқәа "8", "9", "Ԥшьаԥ" астанциа маҷқәа "Дранда", "12", "Агәӡера", "Ашәҭааӡарҭа", "Уарча" рҿы.
Беслан Бигвава - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.12.2023
Аԥсны
Бигәаа амшцәгьа ашьҭахь Очамчыра араион аҿы аҭагылазаашьа далацәажәеит
Очамчыра араион аҿы аусурақәа ирҿуп афидер "Полигон", астанциа маҷқәа "Очамчыра-ахага", "Тамшь", "Кындыӷ", астанциа маҷқәа "Аӡҩыбжьа", "Маркәыла", "Ҷлоу", "Мықә" рҿы.
Тҟәарчали Гали араионқәа рфымцатә ҳақәа абжьааԥнытәи арежим инақәыршәаны аус руеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0