Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2024 шықәсазы Аԥсны афымцамчҭаҩгақәа 30 нызқь ықәыргылахоит

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРосстандарт ввел новые правила проверки счетчиков
Росстандарт ввел новые правила проверки счетчиков - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.01.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 20 - Sputnik. Аԥсны афымцамчҭаҩгақәа 30 нызқь инарзынаԥшуа ақәыргылара азгәаҭоуп 2024 шықәсазы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" афымцамчҭира аиҳабы Саид Блабба.
Иара иажәақәа рыла, ареспубликаҟны афымцамчҭаҩгақәа 22 нызқь ықәдыргылахьеит, уи алҵшәа бзиагь аанашьҭуеит.
"Хадаратәла, афымцамчҭаҩгақәа ахьықәыргылоу афымца аиҷаҳарагь ыҟоуп, ауааԥсыра ус баша афымца нырхӡом, ахәԥсагь ашәара иалагеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны иааизакны 86 нызқь "Амшынеиқәафымцамч" абонентцәа ыҟоуп. Афымцамчҭаҩгақәа ахьықәдыргылахьоу алашара ахәԥса зшәо 72-73% рҟынӡа еизҳаит иҳәеит Блабба.
Аенергетик игәаанагарала, афымцамчҭаҩгақәа зегьы анықәыргылахалак ашьҭахь, алашара ахәԥса ашәара 80% инаӡоит.
Убри аан абонентцәа, афымцамчҭаҩгақәа ықәзмаргылаци 2023 шықәсазтәи ауалқәа зымшәаци, 2024 шықәсазы аԥара ршәарц рылшоит ажәытә ахәԥсала.
Ажәабжьқәа зегьы
0