Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа ахәыҷтәы-қәыԥштә школ аҟны абоксиортә зал еиҭашьақәыргылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукШкола бокса и борьбы
Школа бокса и борьбы - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.01.2024
Анапаҵаҩра
Абокси, аиқәԥареи, атлетика хьанҭеи рзы Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спортшкол 1953 шықәса раахыс аус ауеит. Иахьа иара Аԥсны аҵара аминистрра анапаҵаҟа иҟоуп.
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Абокси, аиқәԥареи, атлетика хьанҭеи рзы Владимир Маршьан ихьӡ зху Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спортшкол аҟны абоксиортә зал еиҭашьақәыргылоуп.
"Ҳара макьаана аофициалла иааҳмартӡацт, ахәыҷқәа нанҳәамза инаркны ԥхынҷкәынмзанӡа ара аҽазыҟаҵарақәа рмоуӡацт. Ҳара егьырт агәыԥқәа рышҟа еихаҳшеит. Иахьа аспортсменцәеи азыҟаҵаҩцәеи ари азал аҟны рус хацдыркит", - ҳәа иҳәеит ашкол анапхгаҩы Даур Лакәиа.
Иара иазгәеиҭеит, абоксиортә зал аҟны адашьма шырԥсахыз, аҭыӡқәа ҿыцны ишыршьыхыз, аҭуан шыршәыз. Иҳәеит иҟаҵоу арҽеиратә усурақәа зегьы ишыргәаԥхаз.
Аҵара аминистрра аиҭашьақәыргылареи аспорттә маҭәахәқәа раахәареи иақәханарџьит х-миллионки 750 нызқь мааҭ.
"Азал аиҭашьакәыргылара зыбзоуроу зегьы иҭабуп ҳәа расҳәоит, избанзар асеиԥш аҿыцра араҟа иамбаӡацызт, иахьа ахәыҷқәа гәахәара дулла аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит. Аԥхарра ыҟоуп, архьшәашәагақәа ықәыргылоуп, аҽыԥсахырҭа, аҽыкәабарҭақәа ҟаҵоуп, иҟоуп азыҟаҵаҩцәа рҭыԥ. Аԥхьаҟа ҳгәы иҭоуп ҳаспортсменцәа дуқәа, адунеитә ҩаӡара аазырԥшыз, ари ашкол ааӡамҭацәа рсахьақәа рыла аҭыӡқәа рҩычара", - ҳәа азгәеиҭеит Лакәиа.
Иара убас, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган аҩбатәи азал аҟынгьы. Уаҟа иажәхьаз адашьма иқәыз амҿы ықәганы абетон ҭадырҭәеит, аҭыӡқәа шьыхны иршәит.
Ажәабжьқәа зегьы
0