Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҳашыги Лашәриаԥҳаи еиҭарҳәеит ажурналистцәа реидгыла аицлабра аихшьаалақәа ртәы

Анапаҵаҩра
Аԥсны ажурналистцәа реидгылара аицлабра "Идырым аибашьра аҭоурыхқәа" аихшьаала ҟаҵоуп. Аицлабра арадиои аинформациатә маҵзуреи рноминациаҿы актәи аҭыԥ иаԥсахаз, Аԥсуа арадио ажурналист Елана Лашәриеи Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыги арадио Sputnik аефир аҿы атема иазааҭгылеит.
Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг аиҿцәажәара хацыркуа иҳәеит 105-шықәса раԥхьа аԥсуа кьыԥхь ашьақәгылара иахьагьы ҵакыс иамоу. Иазгәеиҭеит Дырмит Гәлиа идҳәалоу аматериал аҭҵаараҿы иахьа уажәраанӡа иҿыцу ак шааиртуа.
Ажурналист Елана Лашәриеи еиҭалҳәеит аицлабрахь инашьҭыз аусумҭа алԥшаара шаҟа илцәыуадаҩыз, насгьы идырым аветеранцәа рыԥшаареи рыҿцәажәареи аус иацыз ауадаҩрақәа ртәы.
Шәахәаԥш арадио Sputnik астудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.
Ажәабжьқәа зегьы
0